Ақалақь цқьахарц

22 Цәыббра 2022 13:21
Аҟәа Ахадара аиҳабы Беслан Ешба адҵа ҟаиҵеит Сентиабр 23 азы "Ицқьоу ақалақь" ҳәа азеиҧшқалақьтә аекологиатә акциа амҩаҧгаразы, – иаанацҳауеит Ахадара асаит. Ақалақь анапхгара атәылауаа зегьы ирыҧхьоит убри рхы аладырхәырц, рықалақь гәакьа ацқьара иазку азеиҧш ус аҟны рлагаламҭа ҟарҵарц.
Сентиабр 19 азы Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аилацәажәара мҩаҧылгеит аҳәынҭеилахәыра "Аҧсныргылара" анапхгаҩи акапиталтә ргылара Аусбарҭа ахаҭарнаки алархәны. Уаҟа ирылацәажәеит Аҟәа ақалақь аҟны идыргылараны иҟоу Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа иамадоу азҵаарақәа. Ари аобиект акырӡа аҵанакуеит, 2023-2025 шықәсқәа рзы Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара иазку Аинвестициатә программа аусмҩаҧгатә дуқәа ируакуп. Ҳазну аамҭазы апроект-сметатә қьаадқәа реиқәыршаҳаҭреи рышьақәырҕәҕәареи хдыркәшоит. Ахәыҷтәы медицинатә усҳәарҭа аргылара иалагоит 2023…
Аҵеи, аҩнаҭаҿы дани нахыс, даҽакала ихәаҧшуеит: аҧсуа изы уи дыҵәҩан шьаҭамырӡгоуп абшьҭра еихазҳауа, Аҧсадгьыл зыхьчо. Арҭ ахшыҩҵакқәа ҳҵеицәа зегьрыла идырҵабыргит Аҧсны ашәарҭара ианҭагыла… Аҧсадгьылаз рхамеигӡарақәа ааҧшит ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан. Усҟан аџьынџь ахьчаразы игылеит ақәыҧшцәагьы. Даргьы ҳ-Аҧсны ҧшӡа аиқәырхара рхы ақәырҵон. Абарҭ дыруаӡәкуп 17 шықәса зхыҵуаз Михаил Валериан-иҧа Ҭарба.

Иҿырҧшыгоу афырхаҵара

22 Цәыббра 2022 13:15
Аҭынч ҧсҭазаара згәы азыҳәоз Аҧсны ажәларқәа зегьы рзыҳәан, аибашьра хлымӡаах ирыцҳара духаз шьаарҵәыратә хҭысхеит. Аибашьра аҭоурых ззымдыруа дыҟам, уи рацәак саламлакәа исҳәарц сҭахәуп, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага еиҧхьхәыцрада, рықәра ҿыҵгас иҟамҵакәа рыҧсадгьыл ахьчаразы абџьар шҭыхны еибашьыҵәҟьаз зегьы хымҧада ифырхацәаны ишыҟоу.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дылҧылеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭра ахаҭарнак Залина Кобесова. Сентабр 1 азы змаҵуратә уалҧшьақәа рынагӡара иалагаз Залина Кобесова длыдныҳәалауа, аҳәынҭқарра Ахада агәыҕра шимоу иҳәеит лҵшәабзиала аусеицуразы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me