Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иҭамбаӡо аӡыхь

Зқьышықәсақәа иргәылаку жытә-натә аахыс аҧсуа милаҭ ҷыдара зныҧшуа, ашьха ӡыхьеиҧш ицқьоу, аҧсабара иаҧнаҵо ашьҭыбжьқәа зегьы зныҧшуа бызшәоуп аҧсшәа.

Ишәыдаагалоит абызшәа аҭҵаара зыҧсҭазаара адызҳәалаз, абызшәа абзиабара зҵаҩцәа иры­лазааӡо, Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы Валентина Авқсент-иҧҳа Ҳалбад лыҿцәажәара.

–Ҳбызшәала иаҳа игәцаркны аҿар цәажәаларц азы иҟаҵатәуи?

– Аҿар рхатәы бызшәала ицәажәаларц азыҳәан, зегьы раҧхьа иргыланы аҭаацәараҿы ираҳароуп рхатәы бызшәа. Ан илҳәон агарашәа лхатәы бызшәала, ахәыҷы дшыҧшқаз уи илҳәоз ицәаижьы иалалон, ахаан ихамшҭуа.

Ан ахәыҷы диҵаҟьама, длыргәыбзыҕма, лара лнапаҿы дахьынӡаҟоу фышқәса ихыҵаанӡа ахаа бызшәа илҳәо ишьа-ида иалалароуп. Сара ахәыҷбаҳчаҿы аус анызуаз Асовет Еидгыла ахаан иҟан аҧсуа хәыҷбаҳчақәа, аҧсуа гәыҧқәа рымацарала ишьақәгылоз. Рыкрыфара, рыхәмарра, дара-дара реицәажәара зегьы ҧсышәала имҩаҧысуан. Иара убасгьы иҟан хазы ақырҭуа хәыҷбаҳчақәеи, аурыс хәыҷбаҳчақәеи. Иахьа хымҧада ахәыҷбаҳчақәа зегьы ҧсыуа хәыҷбаҳчақәоуп, аха хыбрак аҟны иҟоуп агәыҧқәа егьырҭ амилаҭқәа рыла ишьақәгылоу. Хыбрак аҟны иҟоу ахәыҷқәа хымҧада еиҿыҧшуеит, еицыхәмаруеит, ирзыманшәалоу абызшәала ацәажәара иалагоит. Насгьы аҩнаҭа аҟынтә ахәыҷы иҽеишәа ихатәы бызшәа анизымдыруа, угьы анырра ҕәҕәа ҟанаҵоит. Убри аҟнытә сгәанала ахәыҷбаҳчаҿы ахәы ҟазҵо инаиркны ааӡаҩ иҟынӡа зегьы ҧсышәала ицәажәалар ауп. Убасҟан ауп ахәыҷы ахәыҷбаҳчаҿы абызшәа анышьҭикаауа.

Ахәыҷы ашкол ахь ишьаҿа анеихигалак атәы ҳалацәажәозар, иахьа даара ирацәоуп ацәажәарақәа «ахәыҷы ашкол аҿы аҧсшәа зид­мырҵеи?» – ҳәа.   Ахәыҷы аҧсшәа ирҵара дҵас имаӡам арҵаҩы, арҵаҩы иду абызшәеи алитератуеи апрограмма ахәыҷы ирҵара ауп. Ахәыҷы ихатәы бызшәа иҳәо, идыруа ашкол ааҿы дааироуп. Зыӡбахә сымоу аҧсуа школқәа роуп. Ҳрылацәажәарым аурыс школқәа уаҟа даҽа программоуп, даҽа проблемоуп.

Иаҳҳәап аҧсуа школқәа рҟны ҩеижәаҩык ахьтәо жәохәҩык рхатәы бызшәа рыздырӡом, хәҩык ирдыруеит. Нас, рызегьы ирзымариоу, ирзеиҧшу аурыс бызшәахьы ииасны аицәажәара иалагоит.

Арҵаҩцәа ракәзар, ргәы иалымсааит аха ирыгу рацәоуп. Сара схаан иҟаз арҵаҩцәа ракәӡам иахьа иҟоу, сара ахҧатәи, аҧшьбатәи абиҧарахь сагеит. Уажәы смоҭацәа ирықәлоу роуп ашкол аҟны аус зуа. Аибашьра еилгеижьҭеи ҩажәижәаба шықәса ҵит. Ҳара ҳхаан есхәышықәса арҵаҩы азыҟаҵара дахысыр акәын. Иҟан арҵаҩцәа ахьазыҟарҵоз аинститут дуӡӡа, маҭәарс иаауҭаху зегьы рзы аспециалистцәа ахьтәаз, ес-хәышықәса мызкы арҵаҩы дахысыр акәын апрактика, атеориа, аметодика. Ари ыҟамижьҭеи шьҭа ҩажәижәаба шықәса ҵит. Акырынтә ари азҵаара шышьҭаҳхогьы, макьаназ иӡбамкәа иааиуеит. Иара ахыбра ахаҭа блит, еиҭарҿыцны аус хацырктәуп.

Аамҭа ансыбҭа сазааҭгыларц сҭахуп даҽа зҵааракгьы, уажәы имоданы иҟалеит, иаҳҳәап, аҳәаанырцәтәи аметодика. Уи бааҧсуп сҳәаӡом аспециалистцәа рметодика, рҧышәа еимырдоит, аха ҳара ҳапроблема хазуп, ҳапрограмма хазуп, ҳарҵаҩцәа рызнеишьа хазуп.

Астудент иҵара иалагӡаны апрактика мызкы заҵәык дахысит ашкол аҿы, уаҟа урокк, ҩурокк мҩаҧигеит. Аха уи азхаӡом, ашкол аҟны усура данааилак апроблемақәа рацәаны иаҧхьа ицәырҵуеит. Убри азы иҟазароуп, арҵаҩ қәыҧш есышықәса идырра иахьациҵаша, иахьышьақәирҕәҕәаша аинститут. Хәышықәса рыҩнуҵҟа апрограмма иалоу аҩымҭақәа анырыҧсахуа ыҟоуп, убри ирыҧсахыз ахәыҷқәа ишрызнагатәу разҳәаша арҵаҩцәа разыҟаҵара аинститут ыҟазароуп.

Бызҵаара «ахәыҷқәа ҧсышәала изымцәажәои?» ҳәа ибҳәаз азы сгәаанагара басҳәоит. Изымцәажәо убри ауп, адәы ихьықәу иахьеицыхәмаруа аҭелқәа кны итәоуп. Џьит, кьанц, чабракаршә ҳәа иҟаз ахәмаррақәа абаҟоу. Ахәыҷы иаашар хәлаанӡа аҭел кны итәоу, иҧсихика бжьысуп. Сара срыхәаҧшуеит ахәыҷқәа ҩба, хҧа, ҧшьба шықәса зхыҵуа. Рмимика, рцәажәашьа, рхымҩаҧгашьа абарҭқәа зегьы ателқәа ирҭыркаауеит. 

Ахәыҷы ачарахьгьы, аҧсрахьгьы, аҧсхәрахьгьы днаугароуп. Апрактикатә ҧсҭазаараҿы ирбоираҳауа анышьҭыркаалакь нас алитература аҵарахьы ииасуеит. Аҧсҭазаара аҧышәа хазуп. Абызшәа ахьысҳара иалацәажәоит иахьа зегьы. Аха баша алацәажәара ҵаҵҕәыдоуп. Насгьы аҧсуа бызшәа апроблема иалацәажәоит урысшәала. Аҧсышәала ҩажәак рҳәоит, нас урысшәала (уигьы урысшәаӡам, еилаҟәаҟәаны) ажәакала ахҧатәи абызшәа цәыраҳгеит – иурысшәам, иҧсышәам.

Хымҧада ари апроблема иааҟәымҵӡакәа иҳәалатәуп, иалацәажәалатәуп. Ажәлар ирҳәо ианалагалак, шәҩык рҿынтә жәаҩык рхаҿы инеиуеит. Иаҳҳәап азеиҧштә транспорт аҟны аҧсҟы зку инаиркны шамахамзар зегьы ҧсыуаауп, убраҟа мацара ҧсышәала ацәажәара ҳалагар, убригьы алҵшәа аанашьҭуеит. Аҧсуа шьҭыбжь иахьабалак ҳхәыҷқәа рлымҳа иҭасуа иалагар, рцәа-ржьы иалалоит. Уцәа-ужьы иаламлакәа, гәыла-ҧсыла абызшәа удумкылакәан, абызшәа здыруеит ҳәа ҳәашьа умаӡам. Ааи, шәҟәыла иуҵар улшоит атәым бызшәақәа. Аха абызшәа ахаҭа сҵеит ҳәа угәы ианаанаго, гәыла-ҧсыла ианыуныруа ауп.

– Ашколқәа рҿы изхысуа амаҭәарқәа, иаҳҳәап аматематика аҧсышәала иахыслар алшоума?

Апроблема ыҟоужьҭеи кырҵуеит. Аҵарауаҩ А.Чамагәуа 5-тәи акласс аматематика еиҭеигахьеит, саҧхьеит, ахцәажәарагь ҟасҵеит. Амаҭәарқәа ҧсышәала иҟазар, хымҧада абызшәа иацхраауеит, аха ара даҽа рыцҳарак цәырҵуеит. Ашәҟәы ҧышәатәуп, апрактикаҿы ишыҟало ҳаздырӡом. Иҳамоуп Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи 1-тәи абжьаратә школ аҵара аминистрра иатәу. Убраҟа еиҿкаазар ҟалоит ашәҟә ҿыц аҧышәара. Ҩба-хҧа шықәса аус ауроуп. Анаҩс, арҵаҩцәа ирықәманшәалан аусура ианалагалакь, ахәыҷқәа еилыркаауа ианыҟалалак, нас Аҧсны ашколқәа зегьы ирылаурҵәар ҟалоит. Иахьа иаразнак аматематика урысшәала иҟоу аақәганы аҧсышәала ираҳҭар, апроблема дуӡӡа ҳазцәырҵуеит. Уи сара сгәаанагара ауп, ҳәарада.

–Аҧсышәала амультфильмқәа аҧҵазар, абызшәа аихаҳараҿы алагала зеиҧшрахои?

– Уи хазыноуп, еиҭаго зегьы ҳаҧсуа бызшәа ианаало иҟоуп, даара аус руеит уи иаҿу.  Ирацәоуп ҳлакәқәа ирылухша амультфильмқәа. Аха уи иаҭахуп афинанс маҷымкәа. Насгьы амультфильм аҧҵара иуадаҩу ҟазароуп. Иҩбахаз, иаагап анҵамҭа «Абраскьыл». Иара шьақәдыргылеит, аха ҳара иҳаздырӡом ахәыҷқәа ишрыдыркылаз. Хҧа-ҧшьба шықәса зхыҵуа агәыҧ еизганы ианахәаҧшуа, рлакҭа уҭаҧшыр еилукаауеит ирыдыркылама ирыдрымкылама, уигьы ҭызҵаауа даҭахуп.

Уажәы ахәыҷқәа ашәҟәқәа ирыҧхьаӡом, изыҧхьаша шмаҷымгьы. Уи ҳара ҳҟны мацара акәӡам, адунеи зегьы аҟны ус иҟоуп. Ус анакәха, амультикқәа даара ицхыраагӡахоит ахәыҷы ихатәы бызшәа ирҵараҿы, мчыла ахәыҷы абызшәа узирҵаӡом.

–Аҿар дара-дара иаҳа аурыс бызшәала ауп ишцәажәо, аурысшәа иаҳа ирзааигәома?

– Аҿар ҧсышәала ианымцәажәо, иацәыҧхашьо џьыршьоит. Иашамкәа еилыркаауеит, дзацәыҧхашьо иахьизымдыруа ауп, ибзианы изҳәо абызшәа дацәыҧхашьараны дыҟаӡам.  Дарбан иахьа ахәыҷы инапы кны амшын аҧшаҳәаҿы абри аҕбоуп, абри ақьала ахьӡуп ҳәа иазҳәо. Абызшәа рҳәозаргьы: утәа, угыл, акрыф, уааи. Ари абызшәа адырра аанагаӡом.

Иахьатәи ахәыҷқәеи алитературатә бызшәеи даара еицәыхҟьеит, алитература бызшәа даара ҧхьаҟа ицеит. Ахәышҭаара бызшәала алитература узаҧҵаӡом, ахәыҷқәа алитературатә бызшәа дҳарҵароуп, литературала ицәажәо, грамматикала рҳәоуқәа еиқәшәо ицәажәозар ауп. 

Аҧсшәа ицәыцәгьоуп захьӡуи, аӡәы сшьапы дууп ҳәа ихҵәаны икаижьхьоума!? Илымҳақәа аимххьоума!? Ауаҩы иара ихатәы бызшәа Анцәа ицишеит, ицәгьаны ҟалашьа амаӡам.


Миранда Сабекьиаҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша 2-тәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me