Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аамҭа цацҧхьаӡа…

Сара сиит, сааӡеит аҭоурых ду змоу, жәытә-натә аахыс илахьынҵарбагаз аамҭақәа раан ҳажәлар еизаны рыгәҭыха, рхьаа, ргәамҵра ахьеибырҳәоз, мҩак иахьықәырҵоз Лыхны ақыҭа. Уи иалиаауан ажәлар рҿахәы еиҭазҳәашаз аҵеицәа, Нестор Лакоба аҧхьа днаргыланы.

Асовет аамҭазы аусура еилашуан. Ақыҭауаа ачаи, аҭаҭын, ауҭраҭыхаарыхра, ашәырааӡара рнапы алакын, нхамҩалагьы, нхара-нҵыралагьы аҕьараҳәа иҟан, иҟоуп иахьагьы, ҳаибашьра аан аҧсҭбарақәа рацәаны ишаиузгьы.

Сҿара, сқәыҧшра абра имҩаҧысит. Исгәалашәоит, Лыхны закә ныҳәақәаз еиҿыркаауаз, шаҟаҩы ажәлар еизоз. Раҧхьаӡа «Лыхнашҭа» аныҳәа анаҧшьырга, уи иахьагьы имҩаҧыргоит, шаҟа гәырҕьара, лахҿыхра ацыз сыбла ихгылоуп. Хазы иҟаҵаз асценаҿы иқәгылан қыҭацыҧхьаӡа еиҿкааны ирымаз ашәаҳәаратә, акәашаратә ансамбльқәа.

Шәаҳәарала, кәашарала ихыркәшахомызт арҭ аныҳәақәа. Урҭ ирыцын жәлар ржәытә хәмаррақәа. Исҳәарц сҭахуп, убарҭ ажәытә хәмаррақәа ирылахәыз, ҳқыҭа ахьӡ ҭызгоз. Аимҵакьачаҿы аӡәы иҵахомызт Рома Чыркба, Вахтанг Шьаҟрыл, Леник Џьынџьуа, Баграт Џьергениа, Виталики Шьаликәеи Арсиаа, Валикәа Ҷиҷинаӡе, Адамыр Габриа, ашьаҟа ахалараҿы – Асҭамыр Габриа, Гарик Гәымба, аҳәаҟьараҿы ирылукаауан Валикәа Габечиа, Валикәа Транџь. Абазшьҭыхраҿы ибаҩ ицәыласын Едик Лакоиа, алабақәырс – Шьурбеи Аџьба, Алик Арнауҭ.

Аҧсуаа жәынгьы-ҿангьы ҳаҭыр-пату рзақәуп аҽырхәмарра, аҽыбҕаҟазара. Зыӡбахә сымоу ашықәсқәа раан иҽаликаауан Алиоша Мықәба, ҽыла аҧараҿы Оҭар Ҷанба, Алмасхан Гегенаа.

Ақыҭаҿы аспорт аҿиара бзиа аман. Аҵәыргыла ахыҧараҿы, аурыла аҧараҿы рхәы ҭарыжьуамызт Валера Ҷанба, Вахо Џьарсалиа, Гена Уанаҿа, Вахтанг Аҩӡба. Ашьапылампыласраҿы еилҟьаеилҕәыцәқәан Лиова Миронов, Стиопа Гагәлиа, Зузик Ӡиӡариа, Едик Гыцба, Такливониан Геворг, Баҭал Гәымба, Нури Лакрба, Зураб Аҩӡба, Вова Лакоиа, Ҭемыр Камлиа, Санард Ҷанба, Самик Камлиа, Ҷан Кәырмазиа, аиҧхныҩлараҿы ашьамхыҕәҕәа дырҵысуан Славик Гарҵкиа, Лионик Арџьениа, Аншба Родик. 

Еиҿкаан ашьапылампыли амҵәы­шәмпыли рзы акомандақәа.

Абра иану асахьаҿы ижәбоит 1985 шықәсазы Аҧсны аҽтәы спорт азы имҩаҧысуаз ачемпионат аҟны аиааира згаз Оҭар Нестор-иҧа Ҷанба, Иура Еснаҭ-иҧа Камлиа, Валикуа Уасил-иҧа Транџь, Гарик Такуа-иҧа Лакоиа, Нури Еснаҭ-иҧа Камлиа, Анзор Борис-иҧа Бигәаа.

Исгәалашәоит Лыхнашҭа ақыҭан аныҳәа анымҩаҧысуаз, ҽыла ампыласреи аҵәеигәыдҵареи ирылахәыз ақыҭақәа. Лакрбақәа рыжәлантә мацара акоманда ықәдыргылеит. Аиааира игеит Алықьса Лакрба. Уи аҩыза ахҭыс сара схаан иҟамлаӡацызт.

Асовет Еидгыла ахыбгалара амҩахь ахы археит. 1989 шықәсазы Аахыҵ-Уаҧстәыла аҭагылазаашьа аныцәгьаха, хатәгәаҧхарала 25-ҩык злахәыз агәыҧ еиҿкааны ҳаҧшын, аха уахь ҳцара залыршамхеит.

Насыҧ дуны исыҧхьаӡоит Лыхны ақыҭан Минора Арџьениа лыҷкәын ачара анизылуаз Виктор Тәанбеи, Иван Ҭаркьыли, Владислав Арӡынбеи сахьрыдтәалаз.


Анзор Бигәаа,

Лыхны ақыҭа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me