Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Сылаҧш агәашә ахь ихан

Зыбжьы ҩҭыганы, иаарымчны имцәажәоз, аламала имыччоз, еснагь зылахь еиқәыз, зегьы рыла иаҧсуаз, 80 шықәса зхыҵуаз Ҳашыг Зыбеи Ҷыу-иҧа, дызнысыз амҩа игәалаиршәон.

Аҧсуа қыҭа Хәаҧ. Ҳашыг Зыбеи иҧшәма Мишьелиа Марусиеи иареи аҭаацәара ду аҧҵаны, аҧсҭазаара амҩа ианын. Урҭ быжьҩык ахшара рхылҵит, ирааӡеит. Рхы иақәгәырҕьо рыҩны ишыҩназ ахәыҷқәа ран лыҧсҭазаара далҵит: – Даныҧсуаз, – иҳәеит Зыбеи, – ахшара реиҵбы мызки хымши лхыҵуан. Ран ахаангьы хыхьк лмыхьцызт. Зегьы акраҳҿалҵеит. Нас, маҷк схы нықәысҵоит, сааҧсеит ҳәа дахьынықәиаз, дмааҧшӡеит… Саҳәшьеиҵбы Алла даара дсыцхрааит. Иаалгәдыҧсаланы илааӡеит. Урҭ зегьы ҳан ҳәа илышьҭан. Лхатәы ҧсҭазаарагьы дашьҭамлеит.

Ҳашыг Зыбеи ихәыҷқәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа ана-ара аусқәа руан, рхы иацхраауан, рабгьы ивагылан.

Гәдоуҭатәи араионтә милициа аҟәшаҿы аус зуаз, Ҳашыг Зурик иусураҿы иҽыҧсахны, Хәаҧҟа дцоит ҳәа, Лыхны абжьаларҭаҿы дгылан. Амҩаду еихызҵәоз, иара изымдыруаз ҧҳәыск, иаҕьны иаауаз амашьына шлысуаз аниба, лара дылгәыҵасны амашәыр лацәыхьчара дахьӡеит. Аҧҳәыс деиқәирхеит. Аха, Зыбеи-иҧа Зурик, уи ацәцара дахьымӡеит. Дҭахеит…

Ахаҵа аҧсадгьыл ихьчаразоуп дзиуа. Убас, Қарҭынтә бџьармцала зҽеибыҭаны, адунеи ҳанырхырц иҳақәлаз ақырҭцәа аҧсуаа рҿагылеит, абџьар шьҭырхит, еибашьит. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿы Зыбеи иҧацәа х-ҩык ыҟан: Рома, Роберт, Баграт.

 – Дара рыхҩык рхала иӡбаны еибашьра ицеит, – иҳәеит Ҳашыг Зыбеи. Ақыҭа аиҳабыра анеилаха, Роберт ддырхынҳәит. Уи атрактор дақәтәан, ақыҭа усаҿы анхацәа дрыцхраауан. Урҭ аӡәы ишьҭахь имгылеит, ирылшоз ахәыҷы цқьаны инарыгӡеит.

Ҳашыг Зыбеи уажәы-уажәы дааҭгыланы ихигаз агәаҟрақәа дрылацәажәон.

Ҳашыг Баграт Зыбеи-иҧа 1966 шықәса, жьҭаарамза жәаба рзы Хәаҧ ақыҭан диит. Баграт деилҟьан, ииуаз-иҳәоз идыруан. Иара Гена Марганиа напхгара зиҭоз аҧшыхәратә гәыҧ «Беркут» далахәын. Уаҟа комиссарс иҟаз, Леон иорден занашьаз Ҭырқьба Заур, ус иҳәеит: – Баграт, ауадаҩра аҿаҧхьа иаанымгылоз, еснагь еиҳа иахьыцәгьоу игылаз хаҵа ҕьеҩын. Ҳара ҳкоманда раҧхьа Ҧсҳәыҟа ҳдәықәырҵеит. Баграт дыҧшыхәҩы ҟазан. Иҟан агәыҧ уахынла «абз» аагара ицоз. Баграт дызлаз агәыҧ «абз» аагара рылшеит. Иҳәынҷаз ақырҭуа арратә чын змаз уаҩын. Нас, ҳаруаа аҕацәа рнапаҵаҟа иҟаз рыла дыҧсахын. Иара хәыжәкыра 15-16-тәи ажәылара далахәын. Дзымхынҳәӡеит. Хабарда ибжьаӡыз рхыҧхьаӡараҿы дыҟан. Аибашьра анеилга абҵарамзазы иаарҧшыз аибашьратә нышәынҭраҿы ибаҩ рбеит… Ианашьоуп Леон иорден. Ҳашыг Зыбеи иҷкәынцәа рҭоурыхқәа акы ицәбжьахар ҳәа дшәаны, дрыхӡыӡаауа дрыхцәажәон. – Баграт дзымхынҳәит. Уи иҩызцәа иаахтны дҭахеит рымҳәеит. Сылаҧш агәашәахь ишхаз, ихан…

Аҭаацәара иреиҳабыз Роман 1960 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы Хәаҧ ақыҭан диит. Даныхәыҷыз инаркны ашәаҳәара бзиа ибон. Ашкол ашьҭахь амузыкатә ҵараиурҭа дҭалоит. Уи изанааҭала ақәҿиарақәа ааирҧшит. Аамҭаказы Аҧсуа радио аҟны аусура далагеит. Аҭаацәара далалеит.

– Рома, – иҳәеит Зыбеи, – ақыҭахь дхынҳәуеит. Иҧшәмеи иареи аибашьра ианалагаз ҩыџьа аҧҳацәа рыман. Аибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны Хәаҧаа днеины Рома дынрылагылеит. Нас ишнеиуаз, уи 4-тәи баталионны иҟалеит. Ҧхынгәымза аҧхьатәи амшқәа инадыркны Гәымсҭатәи ахәыҳаракырақәа зегьы рҟны аибашьра ҕәҕәа цон. Уахь ҳаибашьцәа ацхыраара рыҭаразы 4-тәи абаталион дәықәырҵеит.  Амҩа ишықәыз ахыршә (аснариад) рылаҳаит: Чкотуа Славик, Анқәаб Гиви, Арухаӡе Витали, Ҳашыг Роман ҭахоит.

– Каман ахы ианақәиҭыртәуаз Рома иҩызцәеи иареи еицҭахеит. Сымаҳә, Ҭырқьба Енвер, Ахалшени ахақәиҭтәра ихы ақәиҵеит. Сыҧҳа Милиа, аныда иааӡаз, ахәыҷқәа млакы исцәамкындаз ҳәа адгьыл дахеит, «атачка» даҵалт. Аха, уи ала ахныҟәгара цәгьахеит. Сулафахәи стәанчахәи ааиҟәырҷҷаны сыеҭымцәа ирхьызгӡоит ҳәа саҿуп, аха уи абарыхәо?!

– Аҧсҭазаара мардуануп. Зны-зынла сгәамҵлоит, сгәы анҧжәалак цәгьала ишысааӡаз сыбла ихгылоит. Усҟан сыхгьы сҭахым, аӡәгьы сҭахым… Шаҟантә амашьына аангыларҭаҿы сангылоу, иаанымгылаӡакәын илсывсны ицахьоузеи?! Снышәынҭрақәа аныгәхьаазгалак смидагәидаха амҩа снанылоит. Арыцҳашьара аҧсуаа иҳамаз аибашьра иаҵаӡит. Сымч зықәхоз амаланыҟәа аасхәан, уи ала ауп сышныҟәо.

Ҳашыг Зыбеи игәы иҵхоз аз­ҵаарақәа ируакын аҿар наҟ-наҟтәи рҧеиҧш.– Аҿар, – иҳәеит иара, – амҩа иаша иқәҵатәуп. Усда-ҳәысда иааныжьтәым. Аус руа иалагар, ибжьысуагьы маҷхоит. Иахьа зегьы ахшыҩ раҳҭоит, арахь ирыдаагало ҳамам, забацәа ҭахаз рыхшара ҷыдала ахылаҧшра рыҭатәуп. Урҭ амҩа иаша рхырҟьара мариоуп, избанзар ргәқәа хәуп. Иахьа Аҧсны амал змоу рхыҧхьаӡара есааира ирацәахоит, уи бзиоуп. Аха, дысдырбааит аӡәы заҵәык, заб дҭахаз, аҕьараҳәа зшьапы иқәгылоу?!

Сара, Аҧсны аиҳабырахь амҩахыҵра сықәшәахьеит. Еиҳабык иҟны снанагеит (Уахь снеит зыҧшәма дҭахаз сыҧҳа лыхьӡала). Сахьнеиз ибзианы сидикылеит, дысхаҵгылеит. Ҳаицәажәеит. Снаскьаго, ус иҳәеит. – Уззааиз азы, сара акгьы сылшом. – Абас ҳаиҧырҵит. Аанда ахьылаҟәу ауп иахьхыҵуа, аха аибашьра анцоз еиҳараӡак еибашьуаз анхацәа ирыхшаз ракәӡамзи. Ус схьагәгәа аҩныҟа сааит. Уинахыс уаҳа аӡәы ишә схымҵит.

Ҳашыг Зыбеи иара иқәыҧшра ашықәсқәа дызхаанызи иахьатәи аҧсҭазаареи еиҿырҧшуа, иажәа иациҵеит: – Схаан ажәлар рыҩнуҵҟа даараӡа ахпатуқәҵара рыман, арыцҳаибашьара, аицхыраара ыҟан. Аҧсуа жәлар рпатуеиқәҵара, рчеиџьыка, рыламыс аҧсуа қыҭа иахәшҭааран. Иахьа адунеи зегьы аҟынтә икылҧшны ирылеибахрызеишь ҳәа иҳахәаҧшуеит. Урҭ зегьы рцас азы патула, аамсҭашәала ҳаицхыраароуп.

Ҳашыг Зыбеи Ҷыу-иҧа игәы иҵхоз азҵаарақәа акыраамҭа дрылацәажәон. Нас лада-ҩада Аҧсны иҭахаз аҵеицәа зегьы ахькыдыз илаҧш нахигон: «Аҧеиҧш ҳазҭаз, хашҭра шәықәымзааит» иҳәан, ҧшьшьаала амузеи дындәылҵит.

(Ҳашыг Зыбеи иҿцәажәара 2011 ш. ианҵан).


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me