Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟәа, аибашьцәа рбаҟаҿы

Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны имҩаԥысит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара.

Иҭахаз ргәаладыршәарц уахь инеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭдумеи рхаҭарнакцәа рделегациа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ауаажәлар рхаҭарнакцәа.

Ашәҭқәа анышьҭарҵа ашьҭахь Аԥсны Ахада Алада Ешыра ақыҭахь дцеит, уаҟа анышә иамадоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ҳаҭыр ақәиҵарц.

Ишдыру аиԥш, 15 шықәса уажәаԥхьа Урыстәыла Апрезидент Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рхьыԥшымреи рҳәынҭқарратә суверенитети разхаҵаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

– Аԥсны жәлар рзы ари аныҳәа аҵакы ахәшьара аҭара уадаҩуп. Аԥсны ахала иҟаларц, ихьыԥшымхарц азы Аиааира аагара ауаа рхы ақәырҵеит. Исҭахуп Урыстәыла анапхгара ҭабуп ҳәа расҳәарц иаҳзыҟарҵаз ацхыраареи адгылареи рзы. Иуадаҩу абри аамҭазы ҳара ҳзы акраҵанакуеит иаҳҩызоу идырра. Уи – Урыстәылатәи Афедерациа ауп. – Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ажурналистцәа абас реиҳәеит абаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара аан.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me