Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ишәыдаагало алафқәа аниҵеит Аԥсны ахақәиҭразы фырхаҵарыла еибашьуаз, уи зыбжара ахҭнызҵаз, Леон иорден занашьаз, шықәсқәак раԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз Мушьни (Миша) Харитон-иԥа Анқәаб. Уи иахьа ижәлар дрылагылазҭгьы 70 шықәса ихыҵуазаарын

– Иаха аашаанӡа лацәеихьшьк сзыҟамҵеит: уара ухәда абжьы гон, адәахьы ҳлажә ҿеихак амамызт, – лҳәеит дгәамҵуа аԥҳәыс.

– Нас бара ишԥабҭахыз – сара сышуа, ҳлажә ахәда абжьы го акәызма? – налаҭеикит ахаҵа.


 

– Угәаанагарала, излеиԥшымзеи абзиабареи аиҩызареи? – иазҵааит Кәасҭа.

– Урҭ амши аҵхи шеиԥшым еиԥш ауп; аиҩызара – уи ҽынлоуп, абзиабара уахынлахоит, - иҳәеит иҽаарҭынчны.

 


 

Шьазина ллакыҵа ашәыта ыҵатәаны аусураҟны дахьнеиз, лҩыза илзымбатәбараха дҵааит:

– Унан хаас, ибзызуда ас?

– Схаҵа!

– Ыы, уи акомандировка дыҟоуп бымҳәаӡазеи?

– Саргьы ус акәын ишыздыруаз, аха… – лҳәеит Шьазина илықәшәацәгьаны.

 


 

– Бара, Шьамсиа! Мыса бы­ҿцаара данаҟәыбымх, бан аинфаркт лбырхьуеит, – лҳәеит лгәы дахаԥжәо Зина.

– Ибзиоуп, нас, иара иахь сцалап сара, аҭахызар иан илыхьааит аинфаркт, – ҭынч аҭак ныҟалҵеит Шьамсиа.

 


 

Ӷәӷәала ижәны, аҩаршьҭра иҭажьыз иаҩсуаз аԥҳәызба лахь:

– Бара боуп аҳәаҵәҟьа, – иҳәеит ибз еилаго.

– Сзыхурҟьозеи, сара акагьы уасымҳәеитеи, – иџьашьаны даацәажәеит лара.

– Акагьы бымҳәеит, аха бгәы ус иаанамгои, – иҳәеит аҩаршьҭра «иҭатәаз».

 


 

Аихагыла рацәа змоу, ақалақь агәҭаҿтәи аҩны ҳаракқәа руак ашҭаҿы, згәы ааибагаз ҩыџьа ахацәа реицәажәара:

– Ихәарҭам уи еиԥш аҟаҵара!

– Иарбан узҿу ихәарҭам ҳәа?

– Ихәарҭам сыԥҳәыс уахьлыҿцаауа!

– Абар акаамеҭ, шәеилкаара даара иуадаҩуп шәара. Уара ухы ухнахит ҳаиҿцаара, лара даргәырӷьоит, шәуа згәахәара сацныҟәарыдашь сара мшәан!?

 


 

Аҵх агәы ааиҩнашоны, ателефон «аԥсы ахнахуама» уҳәартә абжьы геит ауаҭахаҿы. Дгәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха аԥшәма ишаақәи­ԥаазҵәҟьа:

– Алло! Шәара шәҟны аӡырԥха ааиуама? – ибжьы ааҭыҩҩит аӡәы.

– Ааи – иҳәеит, деиҵамхакәа зылацәқәа рҟәыҷуа аҭел зкыз.

– Ус акәзар, шәшьапқәа ӡәӡәаны шәышьҭал, – иҳәан, иааҿахиҵәеит аҭел иасуаз.

 


 

– Мыса! Абыржәы аԥара рацәеи имаҷым ахшыҩи ҳадыргалар, рыуа уара иалухуазеишь? – дҵааит Кадыр.

– Ахшыҩ алсхуан ҳәарада, аԥара аасҭа.

– Аиеи, ус акәхап. Доусы изымхо ауми дзыҳәо, – иҳәеит Мыса иҽырхықәымҵакәа.

 


 

Рбаӷьк амузыкатә школ иҭаларц иашьҭалеит.

– Уара, аҵара зуҭахыузеи? Уи адагьы ашәа бзианы иуҳәоит, убжьгьы хаауп усгьы – аҳәеит аҟармаҵыс.

– Уи здыргәышьоит, аха акәтқәа ҳаамҭазы адипломцәҟьа змам акагьы иаԥсам иоп ҳәа ахьырҳәаз ацас азы ауп сҽыззазыскыз, – аҳәеит арбаӷь.

 


 

Махази Маҳҭи Мҷышьҭанӡа иалацарц атакси ааныркылеит. Махаз арныҟәцаҩ диазҵааит: –Шаҟа иаԥсахарызеи?

– 700 мааҭ, – иҳәеит атак­синыҟәцаҩ.

– Маҳҭы дсыцзар?

– Зегь акоуп…

– Иубома Маҳҭы, акапеи уаԥсам анысҳәалак ихоуҵаломызт, агәра угама уажәшьҭа ухаҭагьы, – иҳәеит Махаз, иҽырҟәышны Маҳҭы диҿаԥшуа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me