Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәьынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа ауааҧсыра ачарақәа аныруа аамҭазы амҩатә ҧҟарақәа рықәныҟәара ахылаҧшра ҷыда анаҭалоит. Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иазгәарҭеит ҷыдала аусмҩаҧгатәқәа аҭахны ишыҟалаз ачарақәа раан амҩан еишьҭагыланы ииасуа амашьынақәа рыҧсҟы зку иҽеим рхымҩаҧгашьа афактқәа аҭыҧ ахьрымоу иахҟьаны, насгьы абџьар ахархәарала ишабалак иахьхысуа азы.