Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәларбжьаратәи аолимпиада

Абҵара 14 инаркны 22-нӡа «Сириус» афедералтә ҵакырадгьыл аҟны имҩаԥысуеит аҩбатәи иаарту жәларбжьаратәи астрономиатә аолимпиада.

Еиуеиԥшым аинтелектуалтә еицлабрақәа рыла ишьа6ъгылоу ари аолимпиада рхы аладырхәит 79-ҩык алахәылацәа, атәылақәа: Урыстәыла, Перу, Иран, Беларус, Аԥсны, Узбекисҭан, Ҭаџьикисҭан, Венесуела уҳәа зынӡа 14 рҟнытә.

Аԥснытәи агәыԥ иалахәыз иреиуоуп: Кьасоу Аргәын, Давид Кузмичов, Саҭанеи Лагәлаа, Алеқсандр Воуба, Санда Бжьаниа, Леуарса Қаџьаа. Агәыԥ напхгара алҭон А.С.Пушкин ихьӡ зху абжьаратә школ №2 арҵаҩы Асида Ԥачалиа.

Аолимпиада еиднакылоит адунеи зегьы аҟнытә астроном қәыԥшцәеи, иналукааша еиуеиԥшым амаҭәарқәа рспециалистцәеи. Ари аҩыза аусмҩаԥгатәқәа ихадоу шьаҿоуп жәларбжьаратәи академиатә еимадара арӷәӷәаразы.

Аицлабрақәа рнаҩс, астроном қәыԥшцәа рзы еиқәыршәан арккаратә, иара убас акультуратә программа. Дара ирыман аҭагылазаашьа иазыӡырҩырц ҳаамҭазтәи астрономиа атемақәа, рхы аладырхәыртә еиԥш еиуеиԥшым аҟазаратә усмҩаԥгатәқәа, «Сириус» аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аныҟәарақәа.

Жәларбжьаратәи астрономиатә аолимпиада – ари аинтеллектуалтә еицлабрақәа зцу, есышықәсатәиу ҭҵаарадырратә усмҩаԥгатәуп, 14-18 шықәса зхыҵуа еиуеиԥшым атәылақәа рҟнытә  ашколхәыҷқәа рыбжьара.

Адҵа хадақәас иқәгылаз иреиуоуп абаҩхатәра бзиа змоу аҿар астрономиа азҵаарақәа рахьарԥшра, уи агәыблра рылааӡара. 


Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me