Абас ахьӡуп ааигәа Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт иҭнажьыз Цира Габниа лышәҟәы. Август 9 азы абри аинститут ахыбраҿы имҩаҧысит ари ашәҟәы аӡыргара. Насыҧ духарын ари аҭыжьымҭа аӡыргара автор далахәызҭгьы, аха ус изыҟамлеит. Аиҧылара аартуа, аӡыргара иалахәыз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩ Цира Смаил-иҧҳа Габниа.
С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысыз акомпозитор, адирижер, Аҧсны жәлар рартист Нодар Ҷанба иаҧҵамҭа «Аҧсуа реквием» нанагӡеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла.
Август 4 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит Аҟәа ақалақь актив. Уи иалахәын атәыла Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа. Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба 2022 шықәса актәи ашықәсбжазтәи русуразы аҳасабрба ҟаиҵеит. Абас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа Аҧсны…
Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы Ашәахьа, август 8 азы Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы иргәаладыршәеит 2008 шықәса август азы Қырҭтәыла иҟанаҵаз ақәылара аан иҭахаз. Убарҭ ахҭысқәа игәаларшәауа, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев ҷыдала иаҵишьит хьыӡҳәала Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны Аахыҵ-Уаҧстәыла ажәлар ишрылшаз ақәылаҩ ҕәҕәала иҿагылара, иҧхьацара. «Традицианы иҟалахьеит, есышықәса август 8 азы ацҳаражәҳәарҭаҿ ҳаизоит, Аахыҵ-Уаҧстәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы рықәызҵаз ҳгәалаҳаршәаларц азы. 14…
Аҧсны Ахада апресс-конференциа иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит дшазхиоу ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара. Аҧхьатәи азҵаара азкын иаҳхысыз амзазы Аҧсны Ахада еиуеиҧшым араионқәа рҟны имҩаҧигаз аиҧыларақәа хықәкыс ирымаз. Аслан Бжьаниа дазааҭгылеит фымз шыҵхьоу ашықәс ҳҭоижьҭеи, уи аамҭа иалагӡаны Аҧсны араионқәа рҟны инагӡоу аусқәа еиликаарц, аихьӡарақәа ыҟазар ирылацәажәарц шиҭахыз. Иара иазгәеиҭеит иӡбам апроблемақәа шырацәоу, убарҭ аҧхьаҟа рыӡбаразы иҟаҵатәу ишалацәажәоз. Ас еиҧш…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me