Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш азгәаҭараан Аҟәа, Леон имҩаду аҟынтәи ихацыркын маланыҟәала аиҧхныҩлара. Амаланыҟәа иақәтәаз рымҩа хан Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра ахьгылоу аҟынтәи Алада-Ешыра иҟоу Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба Имемориал аҟынӡа. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш 29 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкын ари аусмҩаҧгатә.
Ҳажәлар рҭоурых аҿы аҵакы ду змоу арыцхә – Аиааира Амш аламҭалазы аибашьра аветеранцәа Аҧсадгьыл ахьчараан иҭахаз рҩызцәа анышә иахьамадоу рҳаҭгәынқәа ирҭаауеит, абаталионқәа ирылахәыз еиқәшәоит. Аибашьраан ироуз ахәра ҕәҕәақәа згәабзиара ҵыршәааз аветеранцәа аӡәырҩы сынтәатәи Аиааира амшныҳәа азгәаҭара изаҧымлаӡеит. Урҭ дреиуоуп ҵыҧх, аныҳәамш азгәаҭара мышқәак шагыз зыҧсҭазара иалҵыз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Даур Лаврент- иҧа Латариа.

Алашара №5

30 Цәыббра 2022 04:38
Иҭыҵит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу ажурнал "Алашара" изаамҭану ахәбатәи аномер.

Аиааира агәра ргон…

30 Цәыббра 2022 04:37
Аҭаацәара аҧҵара, ажәла реизырҳара, ахәышҭаара аиқәырхара, аҧсҭазаара ацҵара, ахарҭәаара уасхыр хадас иамоу аҧҳәызба лоуп. Аха, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага зқәыҧшра аамҭа иҭагылаз аҧсуа ҭыҧҳацәа зыҧшрак ҟамҵакәан, ахаҵамҧҳәысра аарҧшны, рашьцәа инарывагылеит. Урҭ зны аибашьцәа рыхәрақәа ҿарҳәон, ихәрабҕьыцны, иҧсеиқәырхаҩны ирыцын, даҽазныхгьы, аҕьараҳәа абџьар шьҭыхны инагылон.
Сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ҵуеит, зхаҭара иахьагьы аҵыхәтәанынӡа иҭҵаам, аибашьҩы гәымшәа, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, ауаҩы-легенда ҳәа изышьҭоу Мушьни Хәымса-иҧа Хәарҵкьиа дҭахеижьҭеи. Аҧсны аҭоурых, уаанӡа, иахьа, уаҵәтәи аҧеиҧш зеиҧшрахо арҭ азҵаарақәа еснагь игәы иҵхон Мушьни Хәарҵкьиа. Дшыхәыҷӡаз иара Аҧсни аҧсуааи знысхьоу амҩа аҭҵаара напы алаикуеит, агәыбылра икуеит ижәлар рҭоурых.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me