Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала  «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз  арҵаҩы» ҳәа аҳаҭырҭә хьӡы рыхҵоуп жәҩык арҵаҩцәа.

 Аусԥҟа инақәыршәаны, арҵаҩратә усураҟны рлагалеи, арҵареи, еизҳауа абиԥара реиҵааӡареи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:   Гриценко Светлана Владимир-иԥҳа - Аҟәа ақ. И.Н. Воронов ихьӡ зху ашкол №3 агеографиа арҵаҩы; Делба Нонна Борис-иԥҳа - Аҟәа ақ. Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №1 адиректор; Конџьариа Нелли Илиа-иԥҳа - К. Инал-иԥа ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол №2 аматематика арҵаҩы; Кошель Вера Уасил-иԥҳа - Аҟәа ақ. А. С. Пушкин ихьӡ зху  абжьаратәи ашкол №2 аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩы; Лакоба Аида Арзамеҭ-иԥҳа - Н. А. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол № 1 аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы; Топчиан Лиана Амбарцум-иԥҳа - Аҟәа ақ. К. В. Ковач ихьӡ зху Ахәыҷтәы ҟазара ашкол №1 афортепиано акласс арҵаҩы; Уридиа Нана Гиви-иԥҳа - Аҟәа ақ. ацхыраагӡатә школ ԥасатәи адиректор; Ҳагба Елеонора Михаил-иԥҳа - В. К. Аргәын ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №2 аматематика арҵаҩы; Шамба Хьыбла Гиви-иԥҳа - Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №4 аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me