Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Уҿаҧхьа схырхәоит сыҧсадгьыл ахьчаҩ

Аҧсадгьыл,  даара аҵак ду змоу ажәоуп. Нбанцыҧхьаӡа уи иқәынхо ажәлар рыҧсадгьыл ахь абзиабара, рҭоурых, рнысмҩа аанарҧшуеит.

Шаҟантә шаҟаҩы рнапхыц аларҵахьада ҳтәыла Аҧсынтәыла?! Акырынтә аҧсҭазаара аҧышәа иахысхьеит, аха аҧсуаа ирышьашәаламызт ианакәзаалакгьы аҕа иҿаҧхьа ахьаҵра.

Нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы излагаз аибашьра раҧхьатәи амш инаркны рыжәҩа еибыҭа, аӡәыкны еидгыла аҕа хәымга иҿагылет аҧсуаа рҵеицәа. Рхи-рыҧси, рылшарақәеи иреигӡомызт аиааиразы. Рыҧсы зыхҭнырҵоз ҳбираҟ лаша мцабзҵас иркын агәымшәақәа.

Хьыӡла-ҧшала еибашьуаз ируаӡәкыз, Аҧсны афырхаҵа Мушьни Сандра-иҧа Ашәба диит ианвар 12, 1948 шықәсазы Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан. Џьгьардатәи абжьаратә школ даналга аррамаҵзурахьы иҧхьеит. Уи анихига дҭалоит арра-мшынтә ҵараиурҭа, дагьалгоит 1972 шықәсазы амоторист изанааҭ ала. Аҵараиурҭа даналга Владивостокҟа ддәықәырҵоит,  уа изанааҭ ала хәышықәса аус иуан. Уи ашьҭахь дхынҳәуеит Аҧсныҟа. Иара дҭаацәаран хҩык ахшара драбын.

Аибашьра актәи амшқәа инадыркны еибашьуаз дыруаӡәкын Мушьни Ашәба. Иара дынхон Аҟәа. Аибашьра ианалагаз аҽны Мушьни Џьгьарда дыҟан. Хәҩык аиҳәшьцәа рашьа заҵә уи аҽны далагылеит аибашьра амцабз.

Аибашьра хлымӡаах ианалага инаркны, ар рганахьала аҧышәа змаз Мушьни еидикылон агәыҧқәа. Урҭ агәыҧқәа имҩаҧыргоз ажәыларақәа напхгара риҭон. Иара актәи аполк абаталион напхгаҩыс даман. Деибашьуан Ануаа рхәы, Қьеҭуан, Кәачара, Лашькьындар, Лабра. Мушьни иҩызцәа рҿы иажәа акырӡа пату ақәын, иҩызцәагьы иаргьы аӡәыкны акәын ишыҟаз.

Ақыҭақәа Лашькьындар, Лабра аҕа инапахьы иааигарц акыр аҽазышәара ҟаиҵон, аха Мушьни Ашәба ибаталион «Аҧсны» ақәылаҩ аҿагылара ҕәҕәа ирҭон, рыдгьыл шизымгоз агәра идыргон.

Мушьни Ашәба ибзоурала иҭархан атанкқәа хәба, БМП, автомашьынақәа уҳәа.

Март 1, 1993 шықәсазы Лабра ақыҭан Мушьни Ашәба ахы иқәшәоит, уи ахы иҧсы алазаарын, иҧсахәага ҭаны Тҟәарчалҟа дыргоит, уа даннарга сааҭқәак рышьҭахь, март 2 рзы аибашьҩы гәымшәа, идунеи иҧсахуеит. .

Цәыббрамза 30, ари арыцхә аҧсуаа ҳҭоурых аҿы ихадаратәу аҭыҧ ааннакылеит. Иҧшьоу Аиааира иамшхеит, ҳажәлар ажәҩан цқьа аҵаҟа инхартә аҭагылазаашьа анроу иамшхеит. Шьала икәабаны ҳҵеицәа гәымшәақәа аиааира амш ҳзааргеит. Уи рыхьӡ адҳәалоуп зыҧсҭазаара зыдгьыл иахҭнызҵаз аҵеицәа. Ҳара, еиҵагылоу аҿар иаҳхамышҭыроуп ҳтәыла ҳзеиқәзырхаз, аӡәк еиҧш еидгылаз афырхацәа рыхьыӡқәа.


Дауҭ Ашәба,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша актәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me