Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Афырҧҳәыс Роза

Ачечен ҭыҧҳа Роза  Белал-иҧҳа  Абдурахманова данқәыҧшыз аахысгьы лажәа иазҵаауан, лыцхыраара иаҳәон, ианакәызаалак зыгәҭа дыҟаз лыуаажәлар. Уи лҟазшьа хадақәа ируакын аиашамра баны аҩымсра.

Дацәшәомызт, дагьацәыҧхашьомызт ауаҩы дызхагылоу аус ҭакҧхықәрада даназныҟәоз иҿаҧҽра. Усҟан лажәақәа хҿаҵас еишьҭаргыланы рҿанаалырхоз дыззымдыруаз игәы иаанагар алшон шаҟа  дгәымбылџьбароузеи ҳәа. Аха Роза лыџьбарара иаҵаҵҕәы хадаз лмилаҭтә хаҿра азгәыблра, Кавказ ашьхаруа жәларқәа рыжәҩахыр акзаареи, урҭ рҭынч бзазара аиқәырхареи аихаҳареи ракәын.

Уи ус шакәыз даҽазныкгьы иарҵабыргит сентиабр 6, 1992 шықәса рзы Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа аҳәса рхеилакқәа рхаҭарнакцәа: Ерижева Алла, Ципинова Раиса, Савлирова Фаризаҭ, Ачох Даханагә, Иахлиева Таус, Ҳилихова Ҭамара, Оразаева Лиуза, Кмурзова Фатима, Кумахова Ҭамара рыла ишьақәгылаз аилазаара драҧхьагыланы, Жәларбжьаратәи Аиҿкаара «Аџьар ҟаҧшь» адырга ҷыда зныз абираҟ шкәакәа зхагылаз, уажәы-уажәы ахызаҵәқәа зхашәышәуаз автобус маҷ ала, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҿы иааргахьаз Аҧсны мраҭашәаратәи  аҵакырадгьыл далсны Гәдоуҭа лаара.

Роза Абдурахманова Аҧсны зҭашәаз арыцҳара шаалаҳазҵәҟьа, хатәгәаҧхарала амҩа иқәларц зҽеидызкылаз 52-ҩык арҧарцәа дрыцны ддәықәлеит шьхала. Аха, Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рконфедерациа аштаб аҟны ианраҳа, авертолиот лышьҭаҵаны  ддырхынҳәит Нальчикҟа, усҟан уи дызцыз агәыҧи лареи 100 километрак инеиҳаны ашьхамҩа иахысхьан. Анаҩс ауп, агуманитартә цхыраара аҟаҵаразы ҳәа, ахьӡ ҷыда аҭаны, Нхыҵ-Кавказ аҳәса реилазаара даҧхьагыланы Аҧсны данаҭааз.

Уи «бла иабо хы иаҧсоуп» ҳәа, аҭыҧантәи аҭагылазаашьа еилкааны данцоз ишылҳәаз еиҧш, лажәа дамеижьакәа мчыбжьык ашьҭахь деиҭахынҳәит «исылшо, сахьаҭаху» ҳәа гәҭакыс илыманы. Дшааизҵәҟьа раҧхьатәи лажәалагалақәа иреиуан аҳәса рбаталион аҧҵара, зҵеи ҭахоз ргәы арҕәҕәара, ахәцәа  рхылаҧшра, аибашьцәа рыфатә-рыжәтә, рышәҵатәы аиқәыршәара, арҽеира уҳәа. Ус иагьыҟалеит, уи аус маҷ-маҷ амҩа ианылеит.

Роза лхаҭа илыҧшааз лабџьар аанкылан Аҧсны мраҭашәаратәи аган ахақәиҭтәра зыгәҭакыз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа  днарывагылеит. «В.Арӡынбеи Д.Дудаеви иреиҧшу аҵеицәа рхылҵлааит аҧсуа ҳәсақәа. Урҭ рхаҭарақәеи рхыҧшеи ҳара ианаҳзымыхьча адунеи ҳақәзаара аҵакы башоуп. Насгьы ҳаешьара шәымҭа цыҧхьаӡа есыҽны аҽарҵаулалароуп, – лҳәеит лҿцәажәарақәа руак аҿы. Роза ахәцәа злалылгоз амашьына  икылкааны акырынтә иеихсхьан… аха акгьы дааннакыломызт. Имаҷҩым ахәра ҕәҕәа рыманы, рыҧсы ахәага шҭаз ахымца ахьеиҿасуаз ахьтә иалылгақәахьаз, ажәакала зыҧсы аҭазаара ала лҿаҧхьа «ауал» зду аибашьцәа.

Роза Абдурахманова дреиуоуп аӡиас Ҧсоу ахықәан, Аҧсны аҳәааҿы Аҳәынҭқарратә бираҟ раҧхьа ишьҭызхыз аибашьцәа ргәыҧ алахәцәа.


А.Амзацба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me