Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аимадарақәа аихьӡарақәа рыцзаауеит

Аиааира 30 ш. ахыҵра аныҳәеи Аҧсны жәларбжьаратәи азхаҵара 15 ш. ахыҵреи ирызкны октиабр 2-4 рзы   имҩаҧысуан Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Амшынеиқәа-Кавказтәи арегион аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи рпроблемақәа». Уи еиҿыркааит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститути, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә еилаки.

Ишдыру еиҧш,  Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Аиааира 30 ш. ахыҵра аныҳәа аҽалархәразы Аҟәаҟа иааит аҳәаанырцәтәи аҧсуа диаспорақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан адиаспорақәа рҟнытә Аҧсадгьыл ахьчараан иҭахаз афырхацәа ргәакьацәа. Урҭ дреиуоуп ҵабалаа дреиуаны Ҭырқәтәыла, Инегиоль ақалақь аҟны инхо Ҧериҳан Қапҧҳа.  Гәдоуҭа аешьаратә нышәынҭраҿы анышә иамадоу Аҧсадгьыл зыҧсы ахҭнызҵаз Ведаҭ Кәаӡба иан Ҧериҳан лгәы иаҭаххеит, Аиааира аныҳәа аан лҧа иҳагәын лнапы нықәылшьыр, игәалашәаразы иахәҭоу ажәа лҳәар, ус дагьныҟәеит зықәра акыр инеихьоу аҧҳәыс бырг.

Ҭырқәтәылаа рахьтә Аҧсадгьыл рхы ақәырҵеит хәҩык: Аҧсны Афырхаҵа Баҳадыр Абаҕба, Леон иорден занашьоу Ведаҭ Кәаӡба, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Ефқан Цыба, Зафер Аргәын, Ҳанефи Еҕожь, Шьамтәыла еиуаз хҩык: Леон иорден занашьоу Фарид Арҩҭаа, «Агәымшәаразы» амедаз занашьоу Зиуар Чычба, адыга Гасан Џьаркас (Цеи).

Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны раҧхьатәи амш аан Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу аҧсуа ибзазашьа аазырҧшуа «Аетнопарк» аҟны имҩаҧган астол гьежь «Аҧсуаа зегьы ҳхада Владислав Арӡынба – иахьатәи ҳҳәынҭқарра абираҟ».  Аусмҩаҧгатә иалахәын аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи, акультуреи аҟазареи рымаҵ зуа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Ҭырқәтәылеи, Шьамтәылеи, Иорданиеи, Ливани уҳәа рҟнытә еиуеиҧшым ауаажәларратә хеидкылақәа рхаҭарнакцәа, уахь инаҧхьан аибашьраан иҭахаз ҳџьынџьуаа ргәакьацәа.

Аиҧылара ааиртит Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа. Уи Аиааира 30 ш. ахыҵра аныҳәа азгәаҭара инамаданы Аҧсныҟа иааз ҳџьынџьуаа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит. Мгәыӡырхәа реиқәшәара акәзар, аҵакы дуны дшахәаҧшуа дазааҭгылеит. «Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз хашҭра рықәым, урҭ ргәалашәара еиҳагьы ҳаиднакылалароуп, ҳаҧхьаҟатәи аусеицурагьы иацаҳҵалоит», - иҳәеит уи. Анаҩс аиқәшәара амҩаҧгаразы ажәа ииҭеит Аҧсуаҭҵаара аинститут аиҳабы Арда Ашәба. Аҵарауаҩ иакәзар, инаимҩатәны иазгәеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны  аҳәаанырцәтәи аҧсуа диаспорақәа аҭыҧ ҷыда шааныркыло. Иҟарҵоз ацхыраара азмырхакәа рҵеицәа гәымшәа Аҧсадгьыл ахьчара ишаауаз, рашьцәа ишрывагылоз. Аха илахьеиқәҵаганы ишаанхо ҳџьынџьуаа иреиуазгьы ҭамхар ахьамуз. Хымҧада, абарҭқәа зегьы ишьақәдырҕәҕәоит аҳәаанырцәтәи аҧсуа диаспорақәа ахаангьы рҭоурыхтә ҧсадгьыл ишаҟәыҭхамыз, гәыла-ҧсыла ишамадаз.

Аиқәшәараан Аҧсни аҧсуа диаспорақәеи реигәныҩреи, реимадареи, русеицуреи аганахьала иззааҭгылаз рацәоуп, иахьа уажәраанӡа иалыршоу аҟны ишаангылатәым, инагӡатәу шырацәоу иаҩымсит. Аханатә еиҧш, акырӡа аҵанакуеит ҳдиаспорақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рхьарҧшра, рхатәы бызшәеи рмилаҭ хдырреи реиқәырхара, рхьышьҭрахь ахынҳәра иазыҧшаатәу азнеишьа ҿыцқәа, аусеицура арҭбаара хымҧада иаҭахны ишыҟоу аамҭа ишҳаҵанаҳәо.

Абарҭқәа ирызкны ргәаанагарақәа рҳәеит: аҵарауаҩ, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Валери Кәарҷиа, апоет академик Владимир Занҭариа, аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба, Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аҧсуа федерациа абыргцәа рхеилак иалоу Џьенгиз Ашәба, иара убас ҳџьынџьуаҩ Фаҭиҳ Атәанба, Кавказтәи афедерациа ахаҭарнак Муаррем Иаган, Иорданиа ахаҭарнак Уарлеим Чычба,  аибашьра аветеран Фениа Аҩӡба, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, ауаажәларратә усзуҩы Оқҭаи Чкотуа, апоет Дмитри Габалиа уҳәа егьырҭгьы.

Астол гьежь аҟны ирзааҭгылон Аҧсни аҳәаанырцәтәи аҧсуа диаспорақәеи реимадарақәа ирыбзоураны иахьа уажәраанӡа иалыршоу, аха аҧхьаҟагьы ҳҿаҧхьа ишьҭоу аусқәа еиҳагьы ишырацәоу, убри аҟнытә еиҳагьы аусеицура амҽхак шырҭбаатәу.

Аиқәшәараан иӡырган Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Фаҭиҳ Атәанба ҿыц иҭижьыз ашәҟәы «Ҭырқәтәылатәи аҧсуаа», иара убас Вахтанг Аҧҳазоу иқәгылараан рыӡбахә иҳәеит адиаспорақәа рҭоурыхи, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҟарҵаз ацхыраареи, ҳџьынџьуаа иреиуаны Аҧсадгьыл зхы ақәызҵази ирызкны иҭижьхьоу  асахьаркыра-публицистикатә очеркқәа еидызкыло ашәҟәқәа: «Амцахара аамҭа» (иааркьаҿны ҭырқәшәалагьы иҭыҵхьеит), «Ахьышьҭрахь амҩа», насгьы Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭеилаки Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа федерациеи рыбзоурала 2011-2015 шш. раан аҧсышәалеи ҭырқәшәалеи ишҭыҵуаз агазеҭ «Аҧсадгьыл агәеисыбжь», 2016 ш. акәзар журналны ишҭыҵуаз. Абас еиҧш иҟоу апроектқәа, ҳәарада, адиаспорақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл иазааигәанатәуеит. Еизаз идырбан иара убас Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла иҟазаара аазырҧшуаз ателефильм.

Адырҩаҽны Аҟәа, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аҧша амузеи аҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Амшынеиқәа-Кавказтәи арегион аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи рпроблемақәа».

Афорум аартуа Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба еиқәшәаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, Аиааира 30 ш. ахыҵреи ҳтәыла ахьҧшымра азхаҵара 15 ш. ахыҵреи рыдиныҳәалеит, аихьӡарақәагьы рзеиҕьеишьеит.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит атәыла Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба афорум иалахәыз дрыдныҳәалауа ақәҿиарақәа рзеиҕьеи-шьеит. Адныҳәаларала иқәгылеит иара убас Урыстәыла ахаҭарнак Марина Колесникова, Аҧсны атәылахьчара аминистр инаишьҭыз адныҳәалара иаҧхьаз аминистр ихаҭыҧуаҩ Давид Бжьаниа, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара амузеи аиҳабы Мзиа Беиа уҳәа егьырҭгьы.

Анаҩс аконференциа аусура иацнаҵон.


В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me