Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Урыстәыла Ахада иалхрақәа ирызкны

Атәыла аҩнуҵҟатәи адәныҟатәи аполитика иадҳәалоу хра злоу азҵаарақәа ирызкын ԥхынҷкәынмза 19 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилатәара, – адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аилатәара иалахәын аҭыԥантәи ахадарақәа реиҳабацәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәеи.

Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала хшыҩзышьҭра аиҭеит хәажәкырамза 17, 2024 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа Аԥсны рымҩаԥгаразы аҽазыҟаҵарақәа.

«Ари аҩыза акрызҵазкуа ахҭыс ибзианы ҳҽазыҟаҳҵароуп, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа излауала ирацәаны ралахәра еиҿаҳкаароуп», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  Абесалом Кәарҷиа адҵа риҭеит Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа зегьы абжьыҭира иалахәхаразы алшарақәа рзаԥҵазарц.

Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аус ацурала имҩаԥысроуп.

 Аслан Бжьаниа  дырҩегьых инаҵшьны иазгәеиҭеит иарбоу ахҭыс аҵак ду шамоу, Аԥсны жәлар Урыстәыла Ахада Владимир Путин  даара ҳаҭыр шиқәырҵо иҳәеит, насгьы уи икандидатура иадгыло шырацәаҩхо азы агәрагара ааирԥшит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me