Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашәҟәыҩҩы, адраматург, ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, Аҧсни мшын нырцә иҟоу ҳџьынџьуааи зыхьӡ ибзиан ирдыруа рыгәқәагьы зладуу, Анзор Кәакәа-иҧа Мықәба Ашықәс ҿыц аламҭалаз аҧсуа ҿар рахь адныҳәалара ҟаиҵеит:

 Сықәра схы иархәаны, аҧсуа ҿар шәахь схы нарханы гәыкала исҳәо шәаҳарц, игәнышәкыларц сҭахуп.

Пату ақәышәҵала Анцәа ишәаҭәеишьаз аҧсҭазаара, уи знык ауп ианшәаҭәашьоу. Шәеиҷаҳала шәаамҭа. Пату ақәышәҵала, шәыбла ҷыц еиҧш ишәыхьчала ҳауаажәлар ҧсыс ирхоу ҳбызшәа – Аҧсуа бызшәа! Ижәдырла, уи азқьышықәсақәа иргәылганы иахьанӡа ишышәзааргаз. Ишәҳәала, шәхы иашәырхәала шәгәы аздуны, шәазҧагьаны!

Ишәхашәмыршҭлан, шәара шәзеиуоу ажәлар ианакәызаалак рыкәша-мыкәша иҟаз ажәларқәа рыбжьара ҷыдала ҳаҭыр ду шрықәыз, еиҿкаау, зыуаҩышәара ҳараку, аҩнуҵҟатәи акультура беиа змоу, зыҧсҭазаара ишәаны-изаны иазнеиуаз, зхы патула имҩаҧызгоз, ауаагьы пату рықәызҵоз ракәны иахьыҟаз азы. Аҧсҭазаара алеишәа џьбароуп, рыцҳашьарак амаӡам. Ҳажәлар раҧхьаҟа ишьҭоу ахьанҭарақәа маҷым. Аха урҭ зегьы ҳариааиуеит, ҳара ҳаҩныҵҟа аҳәоуеиқәшәара анҳалҳарша. Шәара шәабацәеи шәабдуцәеи ирылшоз азы рхы иамеигӡеит ҳшьамдгьыли уи атәылауааи ахақәиҭра роурц. Уажәшьҭа, наҟ-наҟ азы ҳаҧсадгьыл ахьӡгьы ахьмыӡҕгьы знапы иану шәара шәоуп – Аҧсуа ҿар!

Хьымӡҕы Анцәа ишәимыргааит!

Иааҳадгылаз Ашықәс ҿыц зегьы ҳзы иманшәалоу шықәсны иҟалааит!

Ҽаанбзиала шәнеилааит зықьнашықәса!

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me