Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гәыԥҩык адепутатцәа – Москва

Ԥхынҷкәынмза 12 азы аусура иалагаз «Аполитикатә партиақәа рфракциақәа ргәыԥқәеи реимадара ИАР апарламентбжьаратә усеицураҿы иааныркыло ароль» зыхьӡыз IV Жәларбжьаратәи аконференциа иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара  аделегациагьы.

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин иааԥхьарала урҭ Москваҟа инеит

Аделегациа иалоуп: абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Апарламенттә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи, апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәеи, аџьынџьуаа аҽрымадареи рзы Аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц, аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Аилак алахәыла Кан Кәарҷиа, атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак алахәыла Галуст Трапизониан, аекономикатә политикеи, ареформақәеи, атехнологиақәеи рзы Аилак алахәыла Ерик Рштуни.

Аконференциа иалахәуп жәаба инареиҳаны аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа.

Аконференциаҿы ирылацәажәеит апарламенттә шәагааи алҵшәабзиара ашьҭыхра зылшо аусеицура ареформақәеи ирызкыз азҵаарақәа. ИАР иалахәыз аҳәынҭқаррақәа рхадацәа 2024 шықәса – аволонтиорра ашықәс акәны иазхарҵарц ахьырыӡбаз инамаданы, аконференциаҿы ишьҭыхыз атемақәа руак аполитикатә партиақәа хатәгәаԥхарала имҩаԥыргар иҟало аусуреи аволонтиорреи ирызкын.

Аконференциаҿы иқәгылаз, Апарламент адепутат Беслан Ҳалуашь Аԥсны аволонтиортә усура шымҩаԥысуеи агуманитартә усхк аҟны жәларбжьаратәи аусеицуреи ртәы еиҭеиҳәеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me