Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Идырны аԥсра иаԥылоз

Наҳар Раџьаб-иԥа Қәҭелиа диит 1904 ш. рзы Уатаԥ ақыҭан, Қәҭелиаа Рыԥсҭа аҳабла ҳәа иахьашьҭоу, Очамчыра араион аҿы. Ари аамҭаз, ақыҭаҿ ашкол ҳәа акагьы ыҟамызт, Наҳар дахаанхеит, ақыҭаҿ иаадыртыз усҟан аликбез ҳәа изышьҭаз. Ақьаадҵәҟьа ҽеишәа иҳамамызт, аҩыга  карандашьқәагь рацәамызт! Абас ԥхьаӡашьаки, ҩышьақәаки ҳдырҵон ҳәа ҳзеиҭеиҳәалон анхаҩы Наҳар.

Уатаԥтәи аҷкәын изҳауан, иарԥысра дынҭысуан аиԥш, 1941 ш. рзы Урыстәыла иақәлеит афашисттә Германиа. Зегь реиԥш, Наҳаргьы арра иԥхьоит, иара ишиҳәоз ала Украина, Польша абраҟа алемсааи ҳареи аибашьра ҳалагеит, аамҭақәак рышьҭахь алемсаа ҳакәшан амацәаз ҳҭаркит, ԥыҭрак ашьҭахь ҳаҭҟәаны Германиаҟа адәыӷбақәа рыла ҳдәықәырҵеит. Шықәсқәак рышьҭахь, ҳаруаа Берлин анырга, ҳара ҳахьыҟаз Бухенвальдтәи аконцлагергьы, уаҟа зықьҩыла иҭакыз зегьы ахақәиҭра ҳауит ҳауит ҳәа абас ажәабжьқәа ҳзеиҭеиҳәалон Наҳар!

Ажәакала, 1948 ш. алагамҭаз Наҳар далалоит аҭаацәара. Уи динасыԥхеит аҭаацәара бзиа иалҵыз. Ҳаџьымԥҳа  Рониа, рҳәоу еиқәыршәаны инхон. Усҟантәи аамҭаз ақыҭаҿ еиҿкааз аколнхара иахьӡын «Абзанхара» ҳәа, иаадрыхуан аҭаҭын, ачаи, атунг, аҟанҷ, амхқәа ларҵон, ашәахтәқәа ршәон, абас инхон аҭаацәа.

Ус 1949 шықәсазы аҩнаҭаҿы диит раԥхьатәи аҵеи – Вова, Владимир ҳәа ашәҟәы ианылаз. Ажәакала, Наҳари Рониеи ирхылҵит 7-ҩык ахшара. Ишрылшоз ала ирааӡеит, хьҭаки млаки иамыркыкәа. Ари аамҭаз Уатаԥ идыргылахьан 4 шықәсатәи ашкол, нас иацҵан 8 ш. ашкол. Абри даналга, Вова дцоит Тҟәарчалҟа, уаҟа иҟаз аҿар рацәаҩны иахьҭалоз, ПТУ ҳәа изышьҭаз. Еиуеиԥшым азанааҭқәа ддырҵон. Аамҭакалагь Вова 10 класск далгоит, иҵарагьы иацҵо, араҟа ахаҳәи ақьырмыти руасҭара, ашьыхра уҳәа иҵеит. Вова  иҵарақәа данрылга ашьҭахь, далалоит аҭаацәара.  Дарӷьажәҩан дааивагылеит Дочиаԥҳа Лиуда, Асида ҳәа аҭаца хьыӡшьарас изаҳҭаз. Абас шықәсқәак рышьҭахь, Вова даауеит Аҟәаҟа. Аусура далагоит азеиԥшргыларатә трест №6 аҿы. Усҟан ишаԥыз аиԥш, ауадақәа иоурцаз агәаран дықәгылеит. Акыр шықәса аус аниу, ишахәҭаз ала ауадақәа ирҭеит Аҳабла Ҿыцаҿ. Вова 4-ҩык ахшара драбын, хҩык аԥҳацәеи аҷкәыни. Аслан аибашьрашьҭахь аҭаацәара далалеит, убригь аҷкәын димоуп.

Абас ҳшааиуаз 1989 ш. Аԥсны Қарҭынтәи иаауаз еиуеиԥшым аиҿкаарақәа, Аҟәа амитингқәа ҟарҵо иалагеит. Аԥсуаа ари даараӡа ргәы днархьуан. Дара есымша иҳәҳәо, иҟаауа, зных итәаны имлашьуа, Аԥсны ҳәа акагь ыҟам, ари зегьы Қырҭтәыла адгьыл ауп ҳәа аџьашьатәқәа рҳәон.

 Ииуль 15-16 рзы акәын. Қарҭынтәи абра иааны ТГУ афилиал ааҳартуеит ҳәа иалагеит. Абри амш аҽны аԥсуаа Аҟәа амитинг ду ҟарҵеит, 1-тәи ақырҭуа школаҿ аԥышәарақәа рҭиуа иалагеит. Уи ҳажәлар ирҭахымызт. Ажәакала, ари аҽны аидысларақәа ҟалеит, нас ахәылԥаз Ленин ихьӡ зхыз ашҭаҿ зегь абраҟа ҳаизеит, Вовагь убра далахәын, убра ашҭаҿ ҳаштәаз иҳаршеит.

Ус ԥыҭрак ашьҭахь еиҿыркаауа иалагеит Аԥсуа гвардиа ҳәа, Аҟәа араион, Ачадара ақыҭан. Убраҟа игылан 8-тәи аполк. Уи напхгара аиҭон аполк аиҳабы Агрба Гиви Камыгә-иԥа. Абри Аԥсуа гвардиаҿ иҩызцәа зегь реиԥш, Вова-Владимиргьы абра далалеит. Ус ҳшааиуаз, 1992-1993ш. нанҳәа 14 аҽны, ахәашаз,  аиҳабыра асессиа еизара мҩаԥыргон. Ԥсаҭа лаша, Раԥхьатәи Ахада Арӡынба Владислав Григори-иԥа заанаҵгьы адырра риҭахьан. Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа иазкны аҽны имҩаԥысуан асессиа ду аилатәара. Абраҟа аус ду еицырыӡбарц иҟан, аха  Қарҭаа ааит, амала аиҳабыра ракәымкәа, абаандаҩцәа бџьарла еиқәных, ақәылаҩцәа, арҳәцәа, атанкқәа, аҳаипланқәа, Аԥсны ана-ара абомбақәа алажьуа, ажәакала, аибашьра иалагеит.

Владислав телехәаԥшрала ирылеиҳәеит аибашьра ишалагаз. Ҳажәларгьы аӡәк иеиԥш зегьы еидгылеит, абџьарла ишеиқәшәамызгьы, аибашьра шыҟалоз здыруаз Ломинаӡе, Аԥсны ахи-аҵыхәеи ашәарыцагатә шәақьқәа зегь рылигахьан. Ҳажәлар аӡәык-ҩыџьак шәақьқәак ркын, умоу алабақәа зкызгьы рацәаҩын, абри аамҭаз Вовагь урҭ иҩызцәа днарыдгылеит.

 Август 15 рзы Аҳабла Ҿыцаҿ, Ветерок ҳәа иахьашьҭоу, убра еиқәшәоит уа инхоз аԥсуаа рыҷкәынцәа зегьы. Абы­ржә ааскьа аибашьра иалахәыз аветеран, Аҳашба Едуард Заур-иԥа, Аҳабла Ҿыц аҩнусбарҭа №5 еиҳабыс ажәлар рымаҵ зуа, иареи сареи аиқәшәара ҳаман. Сиҳәеит марттәи ажәылараан иара ицеибашьуаз Вова Қәҭелиа изкны игәалашәо, иидырқәо сзеиҭарҳәарц.

Абар уи ииҳәаз: «Ҳара ахырӷәӷәар­ҭаҿ (апозициаҿ) ҳаицыҟан, комбатс дыҟан Владимир Аҩӡба, ҳара ҳгәыԥ «Ветерокаҿ» дҳаман Тапаӷәуа Тариел. Ианартәи ажәыларагь еицалахәын, нас марттәи ажәылараз аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿын Пицунда 40 мшы. Абраҟа ҳаҟан март 14-нӡа, нас ҳааргеит Ешыратәи аспортбазаҿ. Уаҟа ҳҽыԥхьакны ҳтәан, адҵа ҳауаанӡа. Ус иаразнак адҵа ҳауит ажәыларахь ҳцарц азы,  март 15-16 рзы уахынла, асааҭ 1 азы Гәымсҭа аӡы ҳарит. Ақырҭқәа ахьтәаз ҳарзааигәахо ҳаналага, минуҭқәак адгьылаҿ ҳиан. Абри аамҭаз ҳаиҳабы Тариел Тапаӷәуа дҩагылан, зегь адҵа ҳаиҭеит, шьҭа шәсы­шьҭал, сашьцәа иҳәан, зегь аҟәҟәаҳәа ҳхысуа ақырҭқәа ҳрыжәлеит.

Даргьы ҳаргьы ԥыҭрак аиҿахысрақәа ҳарҿын, нас дара хьаҵит, ҳара ҳжәылан ԥхьаҟа ҳдәықәлеит. Ус ҳашнеиуаз, аминақәа рацәаны иахьыҵаз ҳархаҳаит, уи акәхеит, Арсҭаа Витали ишьапы ԥыхаа иҟанаҵеит, Едик Шьанаа даара даҟәаҟәеит, дгәаҟуа шьыжьынӡа уа дышьҭан, иара убас Зурик Кархалаагь ишьапы хнажәеит, Руслангьы ахәра иоуит. Иԥсыз рацәаҩхеит, иаанхаз ҳаибашьуа ақырҭқәа рхырӷәӷәраҭа иахцаны ҳара иаҳгеит. Абри ҳаиҿахысраҿ, аанда аҭӡамцаҿ ауп Ҷыҷыкәа Ӷәарзалиеи, Вова Қәҭелиеи аҩыџьагь ахьеицҭахаз. Шьанаа Едики, Дада Кокбеи еиуацәан, Едик далызгаз Дада иоуп. Ҭемыр иаб, Тариелгьы уа дҭахеит, иаб дигарц далагеит, аха арахь – зыԥсы ҭаз ахәцәа, урҭгьы алгатәхеит. Ҭемыр Зурик  Кархалаа даара ацхыраара иҭан далигеит, иахьагьы иԥсы ҭоуп. – Ҳара инхаз, – иажәа инациҵеит Едик Аҳашба, – ганкахьала ҳхьаҵны ҳҳәазаны  иҭахақәаз ҳҩызцәа  рыԥсыбаҩқәа еизаҳгеит иахьынӡаҳалшоз. Арахь ҳамчқәагь абаҟаз, уи зымбаз, ишырҳәо аиԥш, иан лымгәа дҭоуп, рҳәоит аԥсуаа. Убри ауха ҳаргьы гәаҟрыла ҳхьаҵыр акәхеит, Борис Инаԥшьгьы абраҟоуп дахьҭахаз, 50-ҩык ҳахьыҟаз 13-ҩык ҭахагәышьеит. Абраҟа иҳацқәаз иреиуоуп зыҷкәынцәа зываргылан еибашьуаз: Арсҭаа Витали, Тапаӷәуа Тариел, Аҳашба Зураб – саб иоуп, саргьы исылшоз ала сивагылан, доусы ирылшоз ҟарҵеит…

Абарҭқәа рышьҭахь, Вова иԥшәма Дочиа-Қәҭелиа Асида, ҳаиҿцәажәараан исалҳәеит илгәалашәақәаз:

«Аибашьра ианалага Аҳабла Ҽыц инхоз зегьы Ачадараҟа, 8-тәи аполк ахь ицеит. Нас ԥыҭрак ашьҭахь даргьы Гәымсҭа ирны Ешыраҟа ииасит. Нас, сыԥшәма дааны зегьы Ешыраҟа ҳаигеит, мчыбжьык аҟара Ешыра ҩныкаҿ ҳаҟан, аха аснариадқәа аларыжьуа ианалага, сыԥшәма еиҭах ара ҳалган Афонҟа ҳаигеит, уаҟа мызкаҟара ҳаҟан.

Уи анаҩс, сыԥшәма даан Пицундаҟа ҳаигеит, нас уа ҳаҟагәышьан. Аибашьра ааилгаанӡа, аамҭак шааиаулак, зны-зынла ҽыԥсахра даалон, акы шәацәымшәан, иаарласны аиааира ҳгоит, шәҽырӷәӷәаны шәыҟаз ҳәа дҳалабжьон. Убас, ҽнак зны данаа, имаҭәақәа ԥсахны, ицқьақәаз ишәиҵеит, егьырҭ анысыӡәӡәоз иџьыбақәа рҿы ақьаадқәа ҭан, ижәлеи ихьӡи анҵаны. Уи даараӡа сгәы канажьит, аха исҳәоз, исылшоз? Аибашьра анцоз, марттәи ажәылараан, Аԥсны зхы ақәызҵаз  зегьы фырхацәоуп, избанзар ишырдыруаз аԥсра иаԥылаз роуп, шамахамзар, зегьы еизганы Ареспубликатә хәышәтәырҭа ааигәара тракторла анышә жны, зегь уаҟа инҭажьны ахлорка рықәҭәан, уи ахыхь акьыр рықәжьны. Абас ҳфырхацәа ирызныҟәеит, Анцәа дызмам ауаа.

Аибашьра анынҵәа, Аԥсны ахи-аҵыхәеи инхоз ҳажәлар зегьы еизаны, ҳҵеицәа ахьжыз анышә зегь рықәхны, рыҵхра иаҿын. Абраҟа ирбон доусы рыԥсыбаҩқәа.Вовагь иԥсыбаҩ збаз ҳҭаца, иԥшәма Асида лоуп. Иԥсыбаҩ рҽеины, аҭоубыҭ дҭаҵаны, иқыҭахь Уатаԥҟа дганы анышә дамардеит. Иаби иани абригь рыбла иабагәышьеит. Уатаԥаа рыҷкәынцәа 16-ҩык рҟынӡа Аԥсны рхы ақәырҵеит.

Вова иашьцәагь аибашьра иалахәын, аха урҭ рыԥсы еиқәхагәышьеит. Вова иашьа Асҭамыр-Вита ҳәа заҳҳәоз, убригь ахәра иауит, аха дырхәышәтәит (абыржә ааскьа идунеи иԥсахит). Аиҵбы Виталик деибганы аибашьра далҵгәышьеит. Иахьа ҳазхәаԥшуа иара иоуп, абас зегь реиԥш, Наҳар иҷкәынцәагь ирылшоз ҟарҵеит.

Сажәа ахыркәшамҭаз, сзыҿцәажәаз Аҳашба Едуард иахьазы 4-ҩык амаҭацәа драбдууп. Иара ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал, иара иаб Зураб ианашьоуп Леон иорден.

Абраҟа ҳзыхцәажәоз Вова-Владимир Қәҭелиа Наҳар-иԥа ианашьоуп Леон иорден данҭаха ашьҭахь.

Абри адгьылаҿ наунагӡа иҟалааит аҭынчра, аибашьраан ҳажәлар зегьы рыжәҩахыр еибыҭан, ҳәоуеиқәшәала ишеидгылаз еиԥш, иахьагьы иаҭахуп аидгылара.


Борис Қәҭалиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me