Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи ирыдиныҳәалеит амилициа Амш.
Ноиабр 10 рзы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусуратә имаҵура дахагылоижьҭеи ҩышықәсеи бжаки ирыҵаркуа аамҭазы иалыршоу иазкын аҳасабырба ҟаиҵеит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәарақәа рзал аҟны. Ҩ-сааҭк иназынаҧшуа ицоз аиқәшәара, ҩ-хәҭакны ишьақәгылан. Актәи ахәҭа аҟны Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иқәгылара, аҩбатәи ахәҭаҿы аелектронтә ҟазшьала Аҧсны Ахада изаарышьҭуаз азҵаарақәеи аҭыҧантәи изнеиуаз азҵаарақәеи рҭак рыҟаҵарала.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2,5 шықәса рыҩнуҵҟа имҩаҧгоу аусуразы аҳасабрба ҟаиҵеит

Ашколқәа рзы аҳамҭа

11 Абҵара 2022 14:51
Аҟәа, Москватәи акультура-устә центр «Москва Аҩны» Очамчыра араион ашколқәа асахьаркыратә литература ашәҟәқәа 500 инареиҳаны ҳамҭас ирнаҭеит. Ари алыршахеит Москва Аиҳабыра иҟарҵаз афинанстә цхыраарала.

Мықәтәи ауахәамаҿы

11 Абҵара 2022 14:50
Амҽыша, ноиабр 6 азы Анцәа Иан Лылацәеиқәыҧсара Мықәтәи акафедралтә уахәамаҿы имҩаҧысит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллеи Сретентәи аберҭыҧ Ахори еицымҩаҧыргаз агәыҳалалратә концерт. Абри агәыҳалалратә ус иабзоураны еизган 342 734 мааҭ, – иаанацҳауеит Аҧсны акультура Аминистрра. Еизгоу амалқәа зегьы дәықәҵахоит ауахәама аиҭашьақәыргыларахь. Ҳаҧхьаҟагьы ацхыраарақәа рыҟаҵара иацҵахоит онлаин арежим ала. Акультура Аминистрра ҭабуп ҳәа ранаҳәоит ҧарала ацхыраара ҟазҵаз атәылауаа, асасцәа зегьы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me