Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адоуҳатә ҭынха аиқәырхаразы

Ааигәа здоуҳатә ҭынха наӡаӡа иаҳцәыӡыз, раԥхьатәи аԥсуа професионалтә сахьаҭыхҩы, адунеиаҿ зыхьӡ еицырдыруа Алеқсандр Константин-иԥа Чачба ажәлар рыҿиараҿы акультуреи аҟазареи рҵакы дазааҭгыло иҩуан: «Аҟазара змам атәыла, ԥхьаҟа бзиарак ҳәа акагьы азыԥшӡам; уи ауаатәыҩса рдоуҳа ԥсхьеит, ԥсҭазаашьас ҳәа ирымоугьы – аилабаароуп» ҳәа.


Аиеи, иқәҳа ицоит аамҭа… уи акагьы еигӡом, аӡәгьы еигӡом. Ус иҟоуп ашықәсқәа, ажәашықәсақәа, ашәышықәсақәагьы. Ииашоуп, аамҭа наскьацыԥхьаӡа махәҭак аҿыԥсаауеит, махәҭак ахылҿиаауеит.
Ауаҩы, амра ангылалак ишҭашәо еиԥш мышкызны дшыԥсуагьы идыруазароуп. Убри азоуп ҳабацәеи урҭ рабацәеи ҳҟазареи жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәеи, ҳбызшәа аԥхьа инаргыланы ашәышықәсақәа иргәылганы иахьанӡа еиқәырханы изаҳзааргаз.
Даараӡа иуадаҩу аамҭа ҳҭагылоуп. Амилаҭтә доуҳатә ԥсҭазаара аган иавахо иалагеит. Аха, дарбанызаалак изы еилкаазароуп ауаҩы акырзифо имгәа ирҭәырц, дымԥсырц мацараз акәымкәа, дынхарц, дӷьацарц шакәу. «К тому служит искусство, чтобы дать возможность познания доброго от зла» ҳәа баша имҳәазаап А.Диурергьы. Егьа ус акәзаргьы, ишырҳәо еиԥш аҟазара ҳәаа амаӡам, аԥынгылақәа шмаҷымгьы аагылара ақәӡамкәа, еснагь иҿиоит, уи аихаҳаларазы аԥсабара аҟыбаҩ зланаҵаз ахаҭарақәа рыбзоурала.

Арҭ амшқәа рзы, Урыстәылатәи аукционқәа руак аҟны, ҳажәлар агәыӷра лашақәа здырҳәало аҵеицәа ирхаҭарнаку Ҭаниа Кани Ҭарба Ҭенгьызи ирыхәҳаит, аԥсуа сахьаҭыхратә ҟазара ашьаҭаркҩы, зҟазаратә ҭынха ааигәа амца иалаблыз Алеқсандр Чачба инапкымҭақәа хԥа. Урҭ инықәырԥшны иаҳҳәозар 1910 шықәсазы, Санкт-Петербург Маринтәи атеатр аҟны Шекспир иаԥҵамҭа «Амшцәгьа бааԥсы» амотивқәа рыла Н.И. Казанли иопера «Миранда» аҟнытә аамсҭеи, Вагнер «Тристани Изольдеи» ахьтә Изольдеи рышәҵатәқәа рыхсааларбатә ҭыхымҭақәа роуп.
Иара убас, зыӡбахә ҳәоу ақәыргыламҭақәа егьырҭ рылахәцәа рышәҵатәқәа ахьаарԥшу даҽа жәа-ҭыхымҭак ихәҳаит адунеижәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс ахада Мусса Екзеков. Ари ҳәарада игәахәара дууп. Урҭ зегьы, ихарацәам аамҭақәак рнаҩс Алеқсандр Чачба иҭоурыхтә-культуратә ҭынха, дзызхьаауаз иԥсадгьыл гәакьаҿы аидкылареи аиқәырхареи ирызкны еиҿкаахо аҩны-амузеи анаартхалак иаҳҭоит гәыкала, – рҳәеит, зҭоурых азқьышықәсақәа иргәыларсу ҳажәлар рдоуҳатә ҭынха аҵакы иҵаулаӡаны изныруа аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа.
Иара убас Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура аминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәа зегьы ирыланаҳәеит хеиӷьшьарак ҟамҵакәа еилкаарала иазнеирц, ианвар 21 рзы иблыз Аԥсны амилаҭтә сахьатә галереиа аиҭашьақәыргылара иазынархоу ацхыраара аҟаҵара. Ирылаҳәоу аҿҳәарақәа ирҭагӡаны еидкылахо афинансқәа ахыԥхьаӡалахоит уи иазкны абанкқәа рҟны иаарту иҷыдоу ахыԥхьаӡаларҭа, анаҩс аекспонат ҿыцқәа раахәараҿы хархәара аҭахарц. Ауаажәларра ацхыраара ҟарҵарц рылшоит финансла адагьы, убас К.Хеҭагуров ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр анапхгаҩы Тамерлан Ӡуцов иҳәеит дшазыхиоу, аԥсуа сахьаҭыхцәа ирнапкымҭоу, аамҭала иара Аԥсны иҟазаара аан ҳамҭас ианаршьахьаз аҭыхымҭақәа ҩба Аԥсны акультура аминистрра раҭара. Аҳәарагьы ҟаиҵеит ауаажәларра рахь, Аԥснытәи аҟазацәа русумҭақәа змоу дарбанызаалак идырхынҳәырц амилаҭ рзы ишьаҭамырӡгоу адоуҳатә ҭынха аиқәырхараҿы ҳешьаратә жәлар рҭагылазаашьа уадаҩ аан жәҩахыркны рыдгылара азы ҳәа азгәаҭауа.

Р.Д.Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы февраль 6, 2024 ш. рзы имҩаԥгахоит агәыҳалалратә концерт Аԥсныи уи анҭыҵи зыхьӡ неҩхьоу аҟазара аусзуҩцәа алархәны. Уаҟа иқәргылахоит Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҭашьақәыргылара иазынархоу аусмҩаԥгатәқәа зыхәҭаа рылазгаларц агәаҳәара змоу рзы ачқьыԥқәа (акәалаԥқәа).
Избылуа, еиқәыҷыҷ изго алашарахь еихо ахьычԥыԥыр шузнымкыло еиԥш, ауаатәыҩсагьы ацхаҟәа иаҩызоу акультурахь иааҳәны ианыҟоу аамҭазы, уара иухьышьҭроу адоуҳа аиқәырхареи аихаҳареи рзааԥсара акырӡа аҵанакуеит ҳазну ашәышықәсазы ҳәарада. Зыжәлар ргәеисыбжь еилыкка изаҳауа, уи ҩнуҵҟала изныруа иоуп аразҟ ду зманы, ихаҭәааны аԥсҭазаараҿы аҽаарԥшра зылшо. Урҭ иреиуоу аҵеи маҷмызт ианакәызаалак ҳажәлар рҟны.

Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me