Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Имҩаԥысит Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смырԥҳаи Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимоваи ҭелла реицәажәара, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Динара Смыр Ольга Лиубимова Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ахәҭа аиҳарак абылра инамаданы Аԥсны иаиуз ацхырааразы иҭабуп ҳәа лалҳәеит.
«Ҳзықәшәаз арыцҳараҿы Шәара иҳашәҭаз адгылареи ацхыраареи рзы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит», – лҳәеит Динара Смыр.
Ахәҭакахьала, Ольга Лиубимова Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иҟалаз абылра иацәынхаз асахьақәа рреставрациа аганахьала аринахысгьы ацхыраара аҟаҵара дшазхиоу азгәалҭеит.
Аганқәа иара убас 2024-тәи ашықәс азы акультуреи аҟазареи русхк иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.