Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аахыҵ-Уаԥстәылан

Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура Аминистрреи уи иаҵанакуа аусбарҭақәеи рҿы аиашьаратә Аԥсны акультура ацхыраара аҭаразы аԥаратә малқәа реизгаразы фалаҳәара ҟарҵеит.


Ишдыру еиԥш, ажьырныҳәамза 21 ауха Аҟәа ақалақь, Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа ахьышьҭаз асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы абылра ҟалеит. Иҟалаз арыцҳара иахҟьаны зеиҭашьақәыргылара алымшо, зыхәшьара уадаҩу Аԥсны акультуратә ҭынха аӷьырак амца иалаблит. Ԥшьнызқь рҟынӡа инаӡоз аусумҭақәа рҟынтәи 200 усумҭа мацара еиқәхеит. Аԥсны иҟалаз ахҭыс трагедиак аҳасабала иахәаԥшуеит.
Ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы аиашьаратә Аԥсны иаиуз аӡәыӡқәа рхарҭәаара залыршахом. Аха Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура аусзуҩцәа Аԥсни уи ажәлари рзы иуадаҩу аамҭазы ацхыраара аҳасабала ирылшо рлагамҭа аҟаҵаразы агәҭакқәа рымоуп. Еизгахо аԥаратә мал­қәа зегьы иҿыцу аекспонатқәа раахәаразы ацхыраара аҟаҵара иазкны иаарту иҷыдоу ахыԥхьаӡаларҭақәа рахь ииагахоит.
Араҟа зыӡбахә ҳәоу афинанстә цхыраара мацара акәӡам.

Коста Хетагуров ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Тамерлан Ӡудцов еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аиашьаратә республика аҟынтәи иколлегацәа ирҭахьаз Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа ҩба Аԥсны акультура Аминистрра ҳамҭас ишаиҭо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Акультура Аминистрра Аԥснытәи аҟазацәа русумҭақәа змоу Аахыҵ-Уаԥстәыла атәылауаа, хәыда-ԥсада Аԥснытәи аган иарҭарц азы аҳәамҭа ҟанаҵоит.
«Аиашьаратә республика акыршықәса аус ацура иалагӡаны, агәра ганы ҳаҟоуп Аахыҵ-Уаԥстәылатәи рколлегацәа имаҷымкәа аҳамҭақәа рырҭахьан. Шәааи, ари иуадаҩу аамҭазы ҳаиашьаратә жәлари уи акультуреи иҳалшо ала ҳрыцхраап!» - иазгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me