«Аибашьратә шәарҭадара ахьчара - атәыла анапхгареи ауааԥсыреи рзы акрызҵазкуа зҵаароуп. Украина аҭыԥ змоу арратә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны аибашьра ахацыркразы иҟоу аҭагылазаашьа есааира иацлоит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, убри аан, инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла Арбџьар Мчқәа разыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра хымԥадатәны ишыҟоу.
Владимир Ануа адырра ҟаиҵеит Арбџьар Мчқәа ҳаамҭа иақәшәо техникалеи бџьарлеи ишеиқәшәоу, адгьылҵакыратә хьчара аштабқәа шеибыҭоу, иара убас арратә инфраструктура шеиӷьтәтәу азы.
Аслан Бжьаниа азҵаара шьҭихит арезервтә бригадақәа русбарҭақәа рышьақәыргыларазы. "Ҳара акраамҭа уи ҳазнеиуан. Уажәазы иаԥҵоуп аибашьраан ақалақьқәеи араионқәеи рыдгьылҵакырақәа рҟны еиҿкаахо арезервтә бригадақәа бжьбеи аполки. Арҭ абригадақәа аҭынч аамҭазы еснагь аус рулоит, аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, иазԥхьагәаҭоу аҿҳәараан арратә зыхиара рымазаауеит",-иҳәеит иара, Акомандаҟаҵаҩ хада иҭабуп ҳәа иаҳәо, ари азҵаара адгылара ахьаиҭо азы.
Аслан Бжьаниа адырра иҭан арратә комиссариатқәа русуразы.
Атәылахьчара аусбарҭа ахада хазы дазааҭгылеит аррамаҵзура аусзуцәа рматериал-техникатә еиқәыршәара азҵаарагьы.
«Аҵыхәтәантәи 13 ш. рыҩныҵҟа раԥхьаӡакәны арратә маҵзурауаа руалафахәы шьҭыхуп, бжьаратәла 64% рыла.
Аԥсны Аҳәынтқарра Ахада иҟаиҵаз ақәҵарала, авиациатә гәыԥ иаҵанакуа аррамаҵзурауааи аусзуҩцәеи ирзоужьуп 700000 мааҭ.
2023 шықәса рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи арратә цхыраареи аҽеизгареи ирзоужьын 100 млн.мааҭк», - иҳәеит Владимир Ануа.
Акомандаҟаҵаҩ хада адырра иҭан арра-ҳаиртә мчқәа рҭагылазаашьазы. Аԥсны Арбџьар Мчқәа рштаб хада аиҳабы В.Савченко иажәақәа рыла, Арра-Ҳаиртә Мчқәа, ҷыдала, авертолиотқәа рзы бжьаратәла арҽеиратә усурақәа мҩаԥган. Аибашьыгатә ҳаирпланқәеи авертолиотқәеи рҟны амыругақәа жәпакы рҿыцын.
«Аҵыхәтәантәи аԥырра-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан зегьы еиқәшәаны аус руан», - иҳәеит Аштаб хада аиҳабы.
«Сара ажәа шәысҭахьан сҩызцәагьы саргьы Арра-Ҳаиртә Мчқәа рштаб ҳшаҭаауазы. Иазгәаҭоу апланқәа инарықәыршәаны, иахәҭоу абылтәы азҵаара ӡбахоит. Ҳарҭ аҭагылазаашьақәа зегьы аԥаҳҵоит аилазаара акгьы рыгымкәа иахәҭоу аԥыррақәа рымҩаԥгаразы», - иҳәеит атәыла Ахада.
Ахада атәылахьчара Аминистрра аҿаԥхьа иқәиргылеит ашәарҭадара арӷәӷәара иазку ауснагӡатәқәа жәпакы, иара убас русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Аҳәынҭқарра анапхгара Арбџьар Мчқәа ихадароу институтк аҳасабала иахәҭоу ацхыраара анаҭалоит»,-иҳәеит Ахада. Иазгәеиҭеит арратә зыҟаҵараҟны зегь иреиӷьӡақәоу ралкаара асистема ашьақәыргылара игәы ишҭоу.
«Ҳарҭ Арбџьар Мчқәа рыхьӡ шьҭаҳхроуп. Иҳамоуп аспециалистцәа ҿарацәа - арратә ԥырҩцәа. Ицәгьамызт урҭ азгәаҭазар. Ҳара ҳаҟны идмырҽхәо дарбан, аха Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыда», - иҳәеит Ахада Аслан Бжьаниа.
Аусуратә еиԥылара иалахәын Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рштаб хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитенант Владимир Савченко.