Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥснытәи артистцәа

Москва ақалақь, Рахманинов Иҩны аконцертә зал аҿы қәҿиарала имҩаԥысит Аԥснытәи артистцәа рконцерт.


Аконцертә программа ааиртит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба. Анаҩс иқәгылеит анагӡаҩцәа-ҿарацәа – Москватәи аконсерваториа аҟны иҟоу анагӡаратә ҟазара Академиа астудентцәа: апианинорҳәаҩы Лана Адлеиба, Каи Хупориа, Виктор Абрамиан-Ешба иҵаҩы, альтарҳәаҩы Пиотр Бердников.
Ахәаԥшцәа хнахит Софиа Сақаниа лыбжьы, лара Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцба лаԥшьгарала имҩаԥгаз II Жәларбжьаратәи амузыкатә конкурс аҿы Гран-при лгеит.
Анагӡаҩцәа ҿарацәа адгылара рыҭаразы арахь иааит акомпозитор, адирижиор Нодар Ҷанба, ашәҟәыҩҩы Денис Чачхалиа, аҭоурыхҭҵааҩы Лариса Ҵәыџьба, абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Мадина Аҩӡба, Москва ақалақь аҿы инхо аԥсуаа.
«Даараӡа уеигәырӷьаратәы иҟоуп Аԥсны иахьеиҵагыло аҟыбаҩ злоу амузыкантцәеи ашәаҳәаҩцәеи рабиԥара», – абас анылҵеит Феисбук аҿы иҟоу лдаҟьаҟны Дырмит Гәлиа имаҭа Татиана Гәлиа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me