Октиабр 14 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла аусбарҭа анапхгаҩы Сергеи Степашин. Аиқәшәара аан ирылацәажәан агуманитартә усхк аҟны аҧсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи рызҵаарақәа. Аиҧылара далахәын Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Аҧсны иаҭааз Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла аделегациа идикылеит Аслан Бжьаниа. Уи аилазаараҿы иҟан: Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла ахада Сергеи Степашин, ахеидкыла ахада ихаҭыҧуаҩ, аусбарҭа ахантәаҩы Леонид…

Аҧеиҧш бзиа азы

20 Жьҭаара 2022 12:10
Ҳҧеиҧш бзиа азакәын Аҧсадгьыл ахьчараан ҳашьцәа рыҧсҭазаара иамеигӡа ҳаҕа изиҿагылаз. Милаҭҵас ҳаиқәырхара азын акәын ақәрахьымӡақәа ашәара рхахьы иаамгакәа аҧсра изаҧылоз.

«Аҵаулареи амҽхаки»

20 Жьҭаара 2022 12:09
Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаҧысит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, апоет, апублицист, аиҭагаҩ, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Владимир Занҭариа ишәҟәы ҿыц «Аҵаулареи амҽхаки» аӡыргара. Аҭыжьымҭа еиднакылоит ҳаамҭазтәи аҧсуа литературеи уи аҭоурыхи, атеориатә зҵаарақәа жәпаки ирызку аҭҵаарадырратә статиақәа.

Ацәыргақәҵа ҿыц

20 Жьҭаара 2022 12:08
Октиабр 18 рзы Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаартын абџьар азҟазацәа рырҿиаратә еидгыла «Х-напы» аҳасабырбатә цәыргақәҵа. Уахь имҩахыҵит Аҧсны Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аҧсуа интеллигенциа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа, ауаажәларра.
Аҧсҭазаараҿы – уаҩы иҧылоит ззанааҭ зтәызтәуа, аха иҟоуп иара иазшоу, ҧсабарала абаҩхатәра злоу… Убас ааӡаҩ изанааҭ зтәыҵәҟьоу, уи иазшоу дыруаӡәкуп Аҟәатәи ахәыҷбаҳча «Гәында» аҟны ааӡаҩыс аус зуа Сариа Станислав-иҧҳа Чамагәуа-ҧҳа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me