Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ацҳаражәҳәаҩ далахәын

Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа анаука-практикатә конференциа «Евромаидан: «Украина иацәыӡыз ажәашықәса» ихы алаирхәит.


Аконференциа жәабранмза 16 рзы жәларбжьаратәи амультимедиатә медиагәыԥ «Урыстәыла-иахьа» апресс-центр аҿы Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара ахылаԥшрала имҩаԥысит.
Аконференциа алахәылацәеи асасцәеи раԥхьа алагалажәала дықәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
«Мрагыларатәи атәылақәа излалшо ала Украина ахы иархәаны Урыстәыла аԥырхагахара, адунеитә аренаҿы иара иақәнагоу ароль анагӡаразы азин амоуа аҟаҵара, дара ишырҳәо еиԥш, Урыстәыла аҵархаразы еиуеиԥшым аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит. Аус аҿы Украина ахаҭа, жәаҳәарада, иуҳәар алшоит Европа иҟоу аҳәынҭқаррақәа зегьы раасҭа иӷару ҳәынҭқарраны, уимоу, аиаӡаара иаҿу ҵакыраны иҟалеит», – иазгәеиҭеит Сергеи Лавров.
Аконференциа иара убас рхы аладырхәит Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара ацхантәаҩы, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Москватәи Жәларбжьаратәи Аизыҟазаашьақәа рзы Аҳәынҭқарратә мнститут (Ауниверситет) аректор Анатоли Торкунов, Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара анапхгараҭара ахантәаҩы, аҭоурыхтә перспектива Афонд апрезидент Наталиа Нарочницкаиа, аҟәша ҷыда «Беркут» афицар Дмитри Сабына, Украинатәи ауаажәларра-политикатә усзуҩ, апартиа «Держава» анапхгаҩы Дмитри Василец.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me