Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажурналист изанааҭ азҟаза

Жәабранмза 15 рзы «Аԥсны Спутник» апресс-центр аҟны акамереи аҭели рыла ииашаны авидео шҭыхтәу иазкны амастер-класс мҩаԥигеит амедиагәыԥ «Россия сегодня» аинформациатә технологиа азҟаза Игор Мазунин. Уаҟа рхы аладырхәит Аԥснытәи еиуеиԥшым амассатә информациатә хархәагақәа рҟынтәи ажурналистцәа, иара убасгьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара зҵо ажурналистцәа ҿарацәа.


Уаҟа Мазунин дазааҭгылеит ателеканал «Life news» аҟны аус ахьиуаз атәы, еиҭеиҳәеит Шьамтәыла, Ливан, Ирак, иара убасгьы аибашьратә дәы аҟны дзықәшәахьаз ахҭысқәа.
Ари аилатәараҟны Мазунин иаликааит:
«Иахьатәи аамҭазы ажурналистцәа еиҳараҩык ирымоуп ҳаамҭа иақәшәо аҭелқәа, урҭ ирылшоит ҭелла ахҭыс ҭырхырц, насгьы иаԥсоу авидеонҵамҭа ҟарҵарц. Аха авидеокамера акәзар, уи ажурналист иԥсҭазаараҟны ихадоу аҭыԥ ааннакылоит».
Игор Мазунин ишеиҭеиҳәаз ала, иԥсҭазаараҟны иҟан имаҷымкәа ашәарҭара аамҭа дынҭагылазгьы, аха игәы каижьуамызт: - «Исгәаԥхоит сара снапы злаку аус. Уара ухы ашәарҭара иҭаургылар алшоит, аха сара схазы иалсхыз мҩоуп ари. Аԥсҭазаараҟны иҿыцу акы аҟаҵаразы, уацәымшәакәан иҟаҵа ушьаҿа. Иалудырааи уи иузыҟамҵо акы шаку, уаламгозар уи аус! Сара сакәзар, снапы зласкуа зегь сықәҿиоит, убри азы еиуеиԥшым ахҭысқәа, мамзаргьы аҭыхрақәа ахьыҟоу исыԥхьоит. Свидеонҵамҭақәагьы миллионҩыла ахәаԥшцәа аиуа иалагеит».
Иара убасгьы аҭыхрақәа рзы Игор Мазунин ихы иаирхәоит адрон. Насгьы далацәажәеит адронла «Азовсталь» азауад шҭихуаз, уи авидеонҵамҭа ахәаԥшцәа рацәаҩны ишаиуаз.
«Адрон ахы ақәшәо-иақәымшәо изхьыԥшу аҳаракыра ауп. Шаҟа илаҟәны иԥыруа аҟара, еиҳа иццакхоит азы адрон ақәшәара уадаҩхоит», - иҳәеит Мазунин.
2023 шықәса ииуль мзазы Мазунин «SputnikPro» апрограмма иҭагӡаны атема «Амассатә информациатә хархәагақәеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи» ҳәа хыс измаз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигахьеит.
Иреиӷьӡоу Урыстәылатәи аус­дырҩцәеи ажурналист изанааҭ азҟазацәеи «SputnikPro» апрограмма иалагӡаны ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, астудентцәа рзы есышықәса имҩаԥыргоит асеминарқәеи амастер-классқәеи.

Саида Ҳаразиа 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me