Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҳәаа ахыҵра арманшәаларазы

Афедералтә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» (ФГКУ Росгранстрои) анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Ерохин аусбарҭа Шәачатәи аҿга аколлектив дырԥылеит.


Краснодартәи атәылаҿацә ахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Александр Ерохин Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы иҟоу автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» даҭааит. Аусбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» Шәачатәи аҿга аколлектив дырԥылеит. Ари аҿга анапхгараҭара иаҵанакуеит 15 аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа.
Аусбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, атема хаданы иҟалеит Краснодартәи атәылаҿацә аҳәаа иаԥну аинфраструктура аҿиара. Ҳазҭоу ашықәс азы Урыстәыла иахьаҵанакуа иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегь раасҭа атранспорти ауааи зхысуа ҭыԥны иԥхьаӡоу, убри азы зеиҭарҿыцра хымԥадатәны иҟоу автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аҿы аргылара-еиқәыршәаратә усурақәа ирылагоит.
Аиҭашьақәыргыларақәа рышь­ҭахь аусура иалагоит 28 цәаҳәа. Атранспорт аушьҭразы алшарақәа 9,5 рыла еиҳахоит (уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала 1,5 нызқь инадыркны 14,13 нызқь рҟынӡа), ауаа роушьҭразы алшарақәагьы 3 рыла еиҳахоит (уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала 28 нызқьҩык инадыркны 80,5 нызқьҩык рҟынӡа).
Иара убасгьы иалагалахоит агәаҭара аиҿкаараз атехнологиа ҿыцқәа, уи иалнаршоит аамҭак ала шәкы рҟынӡа атранспорттә хархәагақәа - амашьына ласқәа, аидарамҩангагатә машьынақәа, автобусқәа, автобус маҷқәа рышәҟәҭагалара.
Уажәы апроекттә қьаадқәа аус адырулоит, анаҩс, афеде­ралтә Автономтә усбарҭа «Урыстәыла аҳәынҭқарратә експертизазы Аусбарҭа хада» аҟынтәи ақәыршаҳаҭратә лкаа анаашьҭхалак ашьҭахь, аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны аргыларатә усурақәа ирылагоит.
Зыԥшра ҟамҵакәа иҟаҵатәу аусқәа рахь иаҵанакуеит иара убас амшынтә аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа «Кавказ», «Ҭҟәапс», аихамҩатә аушьҭратә ҭыԥ «Адлер». Иазԥхьагәаҭоуп иара убас – аинфраструктура арҿиареи ауааԥсыра рзы еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me