Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

С.У.Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра азгәаҭаразы

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден І аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.


Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба напхра зиҭо Аҳәынҭқарратә комиссиа иалоуп:
Кәарҷиа А. А. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы;
Бигәаа Б. В. – Очамчыра араион ахада;
Смыр Д. Г. – Аԥсны акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо;
Ешба Б. Ф. – Аҟәа ақалақь ахада;
Амҷба А. В. – Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа ахада;
Багаԥшь З. С. – Багаԥшь С.У. иԥа;
Агрба Е. Е. – Аминистрцәа Реилазаара Аппарат агуманитартәи асоциалтәи азҵаарақәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы (акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ).
Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ихантәаҩрала Аԥсны Аҩбатәи Ахада, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирызку аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара мҩаԥысит ашәахьа, жәабранмза 19 рзы.
Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа ахада А.Амҷба, Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥа Зураб Багаԥшь, Аҳәынҭқарра Ахада иԥкаанҵа Аусбарҭа аиҳабы И.Аџьынџьал уҳәа убас Акомиссиа егьырҭ алахәылацәагьы.
Ажәалагалақәа рыхәаԥшраан аӡбамҭақәа рыдыркылеит. Урҭ инарықәыршәаны акультура Аминистрра абарҭ ахыдҵақәа аҭан:
– Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны хәажәкырамза 4, 2024 шықәса рзы иазԥхьагәаҭоу аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа рахь ааԥхьаратә билеҭқәа реиқәыршәара;
– Хәажәкырамза 4, 2024 шықәса, асааҭ 15.00 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа адраматә театр афоие аҿы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара иазкны афотоцәыргақәҵа аиҿкааразы ажәалагалақәа реиқәыршәара;
– Хәажәкырамза 4, 2024 шықәса, асааҭ 16.00 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны аныҳәатә еилатәара асценари аиқәыршәара;
Аҳәынҭқарратә комиссиа иазгәанаҭеит иара убас 2024 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш азгәаҭара инамаданы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара, аҳәынҭқарра аргылара, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵараҿы инаигӡаз ароль иазкны анаука-практикатә конференциа амҩаԥгарагьы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра Сергеи Багаԥшь изкны адокументалтә фильм аҭыхразы адҵа аиуит.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы хәажәкырамза 3, 2024 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҿы Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны аспорттә турнир амҩаԥгаразы жәабранмза 23, 2024 шықәсанӡа ажәалагалақәа реиқәыршәаразы анапынҵақәа аҭоуп.
Араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадацәа Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы ажәалагалақәа еиқәдыршәароуп. Аҳәынҭқарратә комиссиаҿы ирыхәаԥшуеит егьырҭ ажәалагалақәагьы. Акомиссиа аусура иацҵахоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me