Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амилаҭтә театр еихаҳауа

1929 шықәса февраль жәибыжь рзы Аҟәа иаартын Аԥсуа профессионалтә драматә театр.Ари арыцхә хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа доуҳатә культура аҿиара амҩан. Атеатр аԥсуа ҟәша аҟны иқәыргылан Ӡаӡ Дарсалиа идрама «Ажәытәра иагаз». Аспектакль ахәаԥшцәа даараӡа иргәаԥхеит.
Усҟантәи аамҭазы аҭагылазаашьа шмариамызгьы, атеатр агәыԥ еиднакылоз С. Бжьаниа, Е. Шакирбаи, И. Аӡынба, М. Бӷажәба, К. Гогиа уҳәа ирылдыршеит ахәаԥшцәа атеатртә ҟазара радԥхьалара.


Апрофессионалтә театр шьақәгылаанӡа ари аҟазара хкы даара иазааԥсахьан Дырмит Гәлиа аԥхьа днаргыланы, аӡәымкәа, ҩыџьамкәа.
Аԥсны ҭыԥқәак рҟны иаадыртыз ашколқәа ирҭало иалагеит аҵара амазаара иазгәышьуаз аԥсуа хәыҷқәа аӡәырҩы. Урҭ ирылгаз, иаҳа агәырҵҟәыл бзиа змаз аҭагылазаашьа роуит 1915 ш. рзы Аҟәа иаадыртыз Арҵаҩратә семинариа аҟны рҵара ацҵара.
Асеминариа иҭаз, иацԥыҳәаны аҵара зҵоз аԥсуа ҿар иреиуаз гәыԥҩык ирҭаххеит аԥсышәала иахьыхәмаршаз аспектакльқәа рықәыргылара, уи азы еиҿыркааит адраматә хеидкыла (акружок). Аҵаҩцәа раԥшьгара бзиа дахаҵгылеит, рхылаԥшрагьы ихы иадиҵеит зуаажәлар рахь агәбылра ду змаз Симон Ашәхәаҵаа.
Аҿар раԥшьгара аҟны ирҭахын зда ԥсыхәа ыҟамыз алитературатә материал. Аха макьана имицызт аԥсуа драматургиа. С. Ашәхәаҵаа ринсценировка ҟаиҵеит, аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсҭазаара аазырԥшуаз, Д. Мордовцев иповест «Прометеи ихылҵшьҭра» ацыԥҵәахақәа ҩба. Акы иахьӡын «Қьалашьбеи», аҩбатәи – «Сафарбеи». Иқәзыргылаз арҵаҩы Д. Захаров ибзоурала, урҭ аҩабагьы асценатә ԥсҭазаара рбеит.
1917 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҟны аус зуаз аԥсуа рҵаҩцәа еиҿыркааит ашәаҳәаратәи адраматәи хеидкылара. Абраҟа аҵаҩцәа рымчала иқәыргылан «Алашьцара» зыхьӡыз П. С. Шьаҟрыл ирзиҩыз апиеса, ақәыргылаҩгьы иара иакәын.

Аамҭақәак рышьҭахь иқәыргылан даҽа ҩымҭакгьы – «Кәыҷыта» зыхьӡыз, С. Бжьаниа ииҩыз агитациатә пиеса. Арҭ аҩ-пиесак аԥсышәала иҩын, аха асахьаркыра ҳарак иацәыхаран. Макьана имааицызт апрофессионалтә ҩымҭақәа рцәырҵра аамҭа.
1918 ш. Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа аҟны ҿыц еиҿкаан атеатртә ҟазара абзиабаҩ А. Шьакаиа напхгара зиҭоз адраматә хеидкылара. Ацхыраара риҭеит еснагь урҭ ирхылаԥшуаз, раԥшьгара ҿыц аҟны ргәы шьҭызхуаз, аԥхьаҟазы амилаҭтә театр аԥҵараҿы злагала ду ыҟоу Д. Гәлиа. Уи ириҭеит аԥсышәала ицәажәоз ҩ-пиесак. Аха урҭ даҽа бызшәак ахьынтәи еиҭаган, еиҭазгазгьы иара иакәын. М. Аҳашба иакәзар, даҽа пиеса хәыҷык аԥсшәахь еиҭаганы ириҭеит.
«1921 шықәсазы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь, ара еиҿкаахеит аԥхьаӡатәи аԥсуа театр атруппа. Зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа, уи атруппа азы аурыс бызшәеи ақырҭуа бызшәеи рахьтә сара еиҭазгеит акыр аводевильқәеи апиеса хәыҷқәеи. Сыԥшәма Елена Андреи-иԥҳа даалаган аԥарда лӡахит. Аԥсуа труппа Аԥснытәи ақыҭақәа рҿы иқәгыланы рыхәмарра ныҳәа дук еиԥш имҩаԥысуан», - игәалаиршәон Д. Гәлиа.
1934 шықәсазы Аҟәа еиҿкааз аԥсуа драматә студиа акәзар, раԥхьаӡатәи агәыԥ анаунажьыз аахыс 90 шықәса ҵхьеит.

Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Васили Домогаров инапхгарала Аԥсуа драматә студиа еиҿкаан, 1934 шықәса рзы уи раԥхьатәи агәыԥ азыҟаҵаны иоунажьит. Ҳәарада, аԥсуа милаҭтә театртә ҟазара арҿиара аус аҟны уи астудиа алшарақәа цхыраагӡа бзианы иҟалеит. Уи иаҵанакуаз ибзианы еиликаауан напхгаҩыс иамаз.
Атеатртә студиа аҟны рҵара хдыркәшеит жәахаҩык: Е. Шакирбаи, А. Агрба, Р. Агрба, А. Аргәын, А. Басариа, И. Ҷоҷуа, Л. Касланӡиа, М. Ақаҩба, Шә. Ԥачалиа, П. Ашәба, Н. Гочуа, С. Коӷониа, В. Шьаҟрыл.
Артистцәа реиҳараҩык раԥхьаӡа акәны ихәмарит Лопе де Вега ирҿиамҭа иалхны иқәыргылаз аспектакль «Ауаса рӡыхь» аҟны, абаҩхатәра ҟаимаҭгьы аадырԥшит.
Анаҩстәи ашықәсқәа раан зыӡбахә ҳамоу аҿар реиҳараҩык Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны аус руан, еицырдыруа артистцәаны ишьақәгылеит, амилаҭтә театртә ҟазараҿы рлагала ду ахәшьара уадаҩуп.
Аԥсуа милаҭтә театри амилаҭтә драматургиеи, акыр аԥынгылақәа шрызцәырҵуазгьы, аҿиара амҩа ианын, аспектакльқәа ахәаԥшцәа ирылаҵәон. Ишнеишнеиуаз атеатр аусура ҭышәынтәалеит.
Ашьҭахь С. И. Ҷанба ихьӡ зхырҵаз Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны абиԥара ҿыцқәа еиҵагылон, уи иабзоураны рҟазара аҩаӡарагьы есааира ишьҭыҵуан. Атеатртә ҟазараҿы ишьақәгылахьоу атрадициақәа ирыцырҵоит иахьа уи амаҵ азызуа.

В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me