Кан Ҭаниа ианашьахеит Урыстәыла ахада Иаҳаҭыртә шәҟәы. Аусԥҟа анапы аҵаҩын жәабран 26 рзы, анашьара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит иацы Кремль. К.Ҭаниа аҳаҭыртә шәҟәы иоуит аԥсуа-абаза милаҭ аҿиара ацхрааразы аиҿкаара "Алашара" ахада иаппарат анапхгаҩыс даныҟаз Урыстәыла ауаажәларразы акрызҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирзынархоу илшамҭақәа рзы. «Даара ҳаҭыр ду сзақәуп, аҭакԥхықәрагьы сыднаҵоит иахьатәи аамҭазы адунеи аҿы иналукааша анапхгаҩы Владимир Путин иҟынтәи ари аҩыза аҳамҭа…
Беслан Қәҭелиа ашьхыцқәа рахь имоу абзиабара ихәыҷра аахыс ицуп. Иара уажәгьы ибзианы игәалашәоит иани иаби ацха шырыԥшуаз, иахьа иара уи аус иациҵоит.
Ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара «Abkhas Desk» – раԥхьаӡа акәны проектк аҳасабала еиҿкаан 2018 шықәсазы, анаҩс, 2021 шықәсазы ауаажәларратә екологиатә еиҿкаараны ашәҟәы иҭагалан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me