Саид Ҳагбеи Милена Ҭачулиеи Баиконур имҩаԥысуаз VII ақалақьтә фестиваль “Ажәларқәа реиҩызара” рхы аладырхәит

Саид Ҳагбеи Милена Ҭачулиеи Баиконур имҩаԥысуаз VII ақалақьтә фестиваль “Ажәларқәа реиҩызара” рхы аладырхәит.
Ажәларқәа реиҩызара афестиваль есымша имҩаԥысуеит ҭагалан аҭыԥантәи акосмодром аҟынтәи аракета адәықәҵара аламҭалаз. Сынтәа Аԥснынтәи иааз аделегациа Урыстәылатәи акосмостә ӷба Соиуз-МС-26 ажәҩан ахь ашьҭра абара рылшеит.
Аԥснытәи аделегациа Ҟазахсҭан аҭаара ҳазҭоу ашықәс март мзазы Сириус ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль иабзоуроуп.
Аныҟәара еиҿкаан Баиконур ақалақь Ахадара ааԥхьарала.


Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me