Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа рыла еиҿкаау ансамбль «Нарҭ» рхы аладырхәит Жәларбжьаратәи афестиваль «Op Roakeldais» ҳәа изышьҭоу. Уи рашәарамза 24 инаркны 30 рҟынӡа Нидерланды имҩаԥысуан. Ансабль «Нарҭ» аԥҵан 2019 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи ақалақь Сақариа аԥсуа-адыга ҿар. Уи адунеи атәылақәа зегьы рҟны еицырдыруа, акәашаратә коллективқәа рыбжьара, ицәырнагеит аԥсуааи адыгааи ркультура ҷыда. «2023 шықәсазы Польша имҩаԥысыз афестиваль ҳалахәын, сынтәа ҩынтәны Нидерланды имҩаԥысуа ҳхы…
Google аиҭагара афункциа «Translate» акырӡа аҽарҭбааит ҳәа адырра ҟанаҵеит. Уаҟа 110-бызшәа ҿыцқәа агәылагалоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп: аԥсуа, авар, ачечен, ауаԥс бызшәақәа.
Ԥхынгәымза 4 2006 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь иусԥҟала иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа аԥҵан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me