АСАХЬАҬЫХҨЫ, ААӠАҨ

18 Цәыббра 2024 09:08
Аҧсны анҭыҵ ҳтәыла ахьӡ ҭызго аҵеицәа ируаӡәку, иҧсадгьыл аҟны еиҧш, Урыстәылан ибзианы ирдыруа аҧсуа сахьаҭыхҩы, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, 2000 ш. раахыс апедагогикатә ҵара Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Рауф Чынчор-иҧа Барцыц 70 ш. ихыҵит.
1993 шықәса цәыббра 16 рзы Очамчыра ақалақь авокзал аҿаԥхьа ақырҭуа фашистцәа гыгшәыграла лыԥсҭазаара далырхит Аԥсны азы зхы иамеигӡоз аԥсуа фырԥҳәызба Цаца Казанба. Ҩажәа шықәса уажәаԥхьа агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа ирнылаз ари афырԥҳәызба илызку астатиа ҩаԥхьа аԥхьаҩцәа ишәыдаагалоит.
Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы ажәылара ианалагазамш 31 шықәса ахыҵит. Уи 11 мшы имҩаԥысуан. Цәыббрамза 16, 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахырхарҭала ажәылара иалагеит, – иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы «Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра» аҿы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me