Аԥсуаа рныҳәарақәа

Аԥсуаа еснагь ирыман Анцәа иахь ахаҵара. Ианаамҭоу имҵаныҳәон, игәра ргон, иагьицәшәон.
Аԥсуаа ирымоу аныҳәарақәа даара ирацәоуп. Сара салацәажәар сҭахуп аԥхын алагамҭаз имҩаԥырго, ацуныҳәара захьӡу. Убасгьы иазгәасҭар сҭахуп зегьы еиԥшымкәа ишыҟарҵо. Уи зыхҟьо ҳәа инҭкааны аҭак ҳаздырӡом.

Бзыԥаа рҟны, хаҭала ақыҭа Мгәыӡырхәа ишымҩаԥырго салацәажәоит.
Иҟоуп аҭыԥ ҷыда, ацуныҳәа ахьымҩаԥырго, избан уи аҭыԥ аҿы изымҩаԥыргои ҳәа ҳҵаауазар, алегенда иадҳәалоуп. Дныҳәоит Гәбаз зыжәлоу, зықәрахь инеихьоу абырг. Аҳәсеи ахацәеи рҭыԥқәа хазуп. Аныҳәара ахьымҩаԥырго аҳәса неир ҟалаӡом, убри азы хаз ҭыԥны итәоит араса бӷьы шьҭаҵаны. Ачанах рхы иадырхәаӡом, аҳәса ах­аа-мыхаа наргозар, ахацәа рҟны уи аҩыза ҟалаӡом. Урҭ ашьтәа иршьыз, абысҭа, аџьыкахыш, аҩы ада уаҳа акгьы рымаӡам. Абырг данныҳәалак ашьҭахь аҳәса ахьтәоугьы инеины иныҳәоит, хәылбыҽханӡа еидтәалоуп, анаҩс афатә иаанхаз адырҩаҽны инеины ирфарц рылшоит. Убасгьы иазгәаҭатәуп есышықәса аӡәы ишидырҵо уи амҩаԥгара. Иаанаго уи ауп аԥара аизгара, ашьтәа аахәара, иаҭаху зегь аиҿкаара. Анаҩс издырҵогьы уи аҽны далырхуеит.
Ацуныҳәара зымҩаԥырго аамҭа бзиа ҟаларц, ианаҭаху ақәа ауларц, аарҩара ҟамларц азы ауп. Уи аҽны аимак-аиҿак ҟалаӡом, мыцхәы арыжәтә ажәра ауам, иакәым аҳәара, ишахәҭам ахымҩаԥгара уҳәа иаҵоу акәамаҵамақәа рацәоуп.
Абарҭ аныҳәарақәа имҩаԥаҳго сгәаанагарала аҵак ду рымоуп. Ишахәҭоу инагӡалатәуп, ҭакԥхықәрала ҳазнеироуп, избанзар ҳкультура иадҳәалоуп, убри инаваргыланы амч дугьы аҵоуп.
Зҭоурых беиоу ҳажәлар еснагь зыгәра ргоз Анцәа, иахьа игәрагара џьоукы-џьоукы ирцәыӡуа иалагазшәа агәаанагара узцәырҵуеит, ақьабз амҩаԥгашьақәа уаназхәыцуа. Сгәаанагарала, аинтернет ацәырҵра, уи ауаа рыхдырра аԥсахра иахьаҿу иадҳәалазаргьы ҟалап. Избанзар асоциалтә ҳақәа рҿы иаабо инамаданы, иҳаҳауа ҳдунеихәаԥшышьа аԥсахуеит.
Аԥсуаа ажәаԥҟаны ирҳәоит «Акы ахьырҳәо акы ыҟоуп» ҳәа. Шықәсырацәала ҳажәлар имҩаԥыргоз аныҳәарақәа аҵак ду рымоуп, урҭ рынагӡара, рхаҵара ҳаҟәыҵыр Д. Гәлиа ифырхаҵа Хоџьан-ду ихьыз ҳахьыр ҟалоит.
Милана Ажьиба,
ААУ афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
аҩбатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me