Аԥсадгьыл зыхьчоз аспортсмен

Аԥсуа спортсменцәа инарылукаашаз, апатриот, зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыли аспорти ирзызкыз Саида Капас-иԥҳа Гәынба лыԥсы ҭазҭгьы сынтәа илхыҵуан 65 шықәса.
СССР аспорт азҟаза, ачемпион, XXII Москватәи Аолимпиатә хәмаррақәа раԥхьахә згаз, аԥхынтәи жәларбжьаратәи аспартакиадаҿы аиааира згаз, аҳәса рыбжьара Европа акубок афиналбжа аҟны аԥхьахә зауз, «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара занашьоу, аԥсадгьыл ахьчараз зхы иамеигӡаз, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Саида Капас-иԥҳа Гәынба диит нанҳәамза 30, 1959 шықәсазы.
Саида Гәынԥҳа аҵара лҵон Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аҟны. Саида ашкол данҭаз инаркны аспорт бзиа илбон. Иара убасгьы, аспорт аганахьала ақәҿиарақәа аалырԥшуа дахьалагазгьы уаҟоуп. Абжьбатәи акласс ахь даннеи, Оҭар Гогәуа иазыҟаиҵоз тхеквондо ITF агәыԥ ахь дрыдыркылеит. Саида Гәынԥҳа ашкол далгаанӡагьы лазыҟаҵаҩ Аԥсни Урыстәылеи рҟны имҩаԥысуаз еиуеиԥшым аицлабрақәеи, ачемпионатқәеи рахь дишьҭуан. Ларгьы лус аҟны еиҵахарак ҟамҵакәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанылкылон.
1974 шықәсазы Саида Гәынԥҳа атлетика лас ахь диасит. Уаҟа Михаил Карп-иԥа Каракеиан инапхгарала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан.1976 шықәса инаркны 1981 шықәсанӡа аҵара лҵон Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә абаҩрҵәыратә институт аҟны. Уаҟа Илиа Константин-иԥа Гигаури иакәын лазыҟаҵаҩыс иҟаз.
Саида атлетика лас СССР акоманда далалеит 1977 шықәсазы. 1978 шықәсазы –Рига, СССР ақәыԥшцәа рыбжьара аԥхьахә лгеит. 1979 шықәсазы – СССР аԥхынтәи жәларбжьаратәи аспартакиада ачемпионс дҟалеит. Иара убасгьы, убри ашықәсан Нидерланды, Европа акубок афиналбжаҿы даиааит. 1980 шықәсазы акәзар, Токио аиндаҭлараҟны далкаахеит. Анаҩс, уи ашықәсан имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны лхы рылалырхәит. Уаҟа абҵы лыршәит 67,76 метра. Иланашьоуп араӡнытә медал. Абҵы аршәраҟны лхатә рекорд 68,28 метра ыҟоуп, уи шьақәлыргылеит 1980 шықәсазы.
Аолимпиада анаҩсан, Саида аспорт ааныжьны Пицундаҟа дгьежьыр акәхеит. 1992 шықәсазы аибашьра ианалага, хамеигӡарыла лыԥсадгьыл ахьчараз дгылеит. Уаҟа лара иаалырԥшит лыԥсадгьыл ахь илымаз абзиабара. Саида иаалырԥшыз афырхаҵаразы иланашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.
Саида Капас-иԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 60 шықәса дшырҭагылаз, абҵарамза 24, 2018 шықәсазы.

Саида Ҳаразиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me