Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Жәлар Реизара аҟны

Аҧсны Жәлар Реизара  Аиҳабы  Лаша Ашәба дырҧылеит Беларуси Урыстәылеи Рпарламентбжьаратә Еизара аделегациа. Уи напхгара аиҭоит аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы аилак ахантәаҩы Артиом Туров.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, Жәлар Реизара Аиҳабы реиқәшәара иҭабуп ҳәа ахҳәаауа дазааҭгылеит: "Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Беларуси  Урыстәылеи Реидгыла Апарламентбжьаратә Еизара ахаҭарнакцәеи ҳареи ҳаимадара. Иахьатәи аиқәшәара аҧшьгаҩцәас шәахьамоу азы иҭабуп. Ари раҧхьатәиуп, аха  агәра згоит ҩ-тәылак рзы хәарҭара шалоу. Ишыжәдыруа  еиҧш, ҳазну ашықәс март мзазы Аҧсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаҧысит. Адепутатцәа аусура иалагеит апрель азы. Еиҿкаан аилакқәа жәба, урҭ иреиуоуп акультуреи аҿари аспорти русқәеи рзы  аилак. Ҳазлацәажәаша ҳамоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Сара исҭахын зыӡбахә сымоу аилак иаҵанакуа азҵаарақәа рҟны мацара акәымкәа, аганқәа зызҿлымҳау егьырҭ азҵаатәқәагьы  ҳрызхьаҧшырц".

Ицәажәара иацҵауа даҩымсит аҧсуа-аурыс парламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа гәцаракрала ишырзыҟоу, уи шаҳаҭра шауа Аҧснытәи аделегациа Москва рыҟазаара, Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин иааҧхьарала, насгьы Урыстәылатәи адепутатцәа ргәыҧ Аҧсны  иаҭаараны ишыҟоу.

"Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламентбжьаратә Еизареи ҳареи аимадара ҳабжьеижьҭеи 2023  ш. октиабр азы 15  шықәса ҵуеит. 2008 ш. октиабр азы Москва асессиақәа руак аан, Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи Рпарламентқәа иҟарҵаз ааҧхьара инақәыршәаны иазыӡбан Апарламентбжьаратә Еизараҿы ҳтәылақәа рыҩбагьы еснагьтәи анаҧшцәа  рстатус рыҭара.

Адгылара ахьарҭаз азы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Ари аӡбамҭа ҳара ҳзы акырӡа  аҵанакуан", – иҳәеит Л.Ашәба. Инаимҩатәны дазааҭгылеит Беларус Апрезиент Алеқсандр Лукашенко ааигәа Аҧсны иаҭаара  аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара ишацхраауа.

Аҭак ажәа иҳәеит асасцәа рделегациа анапхгаҩы Артиом Туров.

Аделегациа аилазаараҿы иҟан: аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы акомиссиа ахантәаҩы Сергеи  Клишевич, акомиссиа иалоу: Дмитри Басков, Ольга Петрашова, Антон Ткачиов, Апарламентбжьаратә Еизара  аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ Сергеи  Стрельченко, уи ихаҭыҧуаа  Вадим Иванец, Дмитри Гоборов, Амаӡаныҟәгарҭа азини  шәҟәыла аиқәыршәареи русбарҭа хада аиҳабы Дмитри  Гриазнов, ауаажәларреи амассатә информациа ахархәагақәа аҽрымадаразы аусбарҭа аиҳабы  Андреи Шахорски, аусбарҭа абжьагаҩ Виачеслав Русецки, Амаӡаныҟәгарҭа  аусқәа русбарҭа аспециалист хада Антон Белокопытов.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me