Ажәытәан ауаа ҵарада ахшыҩ рыман, уи зырҵабыргуа аҧсуа ажәаҧҟагьы ыҟоуп, "Аҵара сасуп, ахшыҩ аҧшәымоуп" ҳәа. Аха, аамҭа акыр ҧхьаҟа ицеит, ауаҩытәыҩса ихәыцрақәа, ихымҩаҧгашьа, инырра, идырра уҳәа аҽаҧсахит, еизҳаит, аҽарҭбааит. Ҳәарада, хшыҩла ихәыдоу аҵараҿгьы дымхьысҳахар залшаӡом, аха ауаҩы ахшыҩ имоуп мацарагьы азхаӡом, ахшыҩ аҧыжәара шагогьы, уи аҵарадырра анацым ихаҭәаам.