Аибашьра амҩа ианысыз

30 Цәыббра 2022 04:33
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи сынтәа 29 шықәса ҵит. Изныкымкәа-иҩынтәымкәа аибашьра атема иадҳәалоу астатиақәа акьыҧхь ианылахьеит. Аиааира 29 шықәса ахыҵра ианамаданы сиҿцәажәеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан акырӡа аџьабаа збаз, Леон иорден занашьоу, аинрал-маиор, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, аџьеи, Арбџьар мчқәеи рветеранцәа рреспубликатә Хеилак аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Закан Нанба.
Аҧсуаа ҳҟны аиашьа изкны аҩра маҷк иҧшӡамзаргьы, саҭашәҵап ҳәа сгәы иаанагом. Абар уажәшьҭа жәаҩа шықәса инареиҳауп, изаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз аибашьра аветеран Адгәыр (Ҷуки) Қарбеи-иҧа Торчуа изкны цәаҳәақәак рыҩра сгәы иҭаскуеижьҭеи. Аха, аиаша шәасҳәап, сазхиамызт. Адгәыри сареи аишьцәа гәакьақәа ирхылҵыз ҳауп.

Аҧсуа ҧсыс ихоу…

30 Цәыббра 2022 04:31
Аҧсуа жәлар ҳгәаҳҽанӡамкәан аҕа данҳақәла, Аибашьра хлымӡаах ҳанҭагыла, ҳџьынџь аиқәырхараз "заҧсуа шәақь" шьҭыхны зҩызцәа инарылагылаз дыруаӡәкуп, аибашьра адәаҿы иааирҧшыз агәымшәареи агәаҕьреи рзы "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, иахьа, Афон ақалақь Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Арзамеҭ-иҧа Харабуа. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира ду амшныҳәа аламҭалазы, уи инамаданы, хаҭала, иара дызлахәыз аибашьратә хҭысқәа ҳзеиҭеиҳәарц ҳаҽимаҳдеит зыӡбахә ҳамоу аибашьра аветеран Беслан Харабуа.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me