Ахәыҷы иааӡара, уи аҧсуаҵас ахымҩаҧгашьа илааӡара, ихатәы бызшәала аҷҷаҳәа дцәажәо, ижәлари иҧсадгьыли ргәыбылра, рыбзиабара иркра, зегь раҧхьа – аҩнаҭа, аҭаацәара рҟнытә ахы ыҵнахуеит. Аха уи еиҳа инарҵауланы, ихаҭәааны ахәыҷы иахьизнарго ахәыҷбаҳчеи ашколи рҿы ауп. Хаҭала шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа ахәыҷы аамҭа ахьихиго ахәыҷбаҳчаҿы – ааӡаҩцәа уи иааӡараҿы, идырра аизырҳараҿы ирыбзоуроу рацәоуп.