Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иҿымцәаауа ахьааи агәалашәареи

Сынтәа Лаҭатәи ахҭыс злымӡаах 30 шықәса ахыҵит. Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа шьыжьнаҵы арадиомонтаж «Ахьаа» зыхьӡыз аныҩуан. 87-ҩык цәгьаԥсы­шьа зыҭаз, авертолиот МИ-8 иҭаб­лыз аӡәа-ӡәала, хьыӡ­ҳәала еиқәыԥ­­хьа­ӡан, аибашьра иалиааз ашәа­қәа ашар­ԥаз инаркны ақалақь иахыҩуан…

Аҧсны Афырхаҵа Осман Гәынба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи апарк аҟны Лаҭа иҭахаз рыбаҩқәа ахьамадоу, даҽа аамҭанык еиҧшымкәан ауаа еизеит. Аҭынчра зхатәаз апарк аҟны агәынқьбжьы ықәыҩуан. Ақәа кыдҵәаны ишлеиуазгьы ажәлар амҩа иқәын. Ахьаа иаблыз аҭаацәарақәа, апарк иахатәоу аҭынчра ари амш аҽны, ибылбылуа, ахьаа зегьы ирныруеит, ирықәыҕәҕәоит. Аҧсуаа ражәаҿы, шамахамзар иуҧымлоз, ирымҳәоз ажәа Лаҭа иахьа дарбан аҧсуазаалакгьы иқьышә иқәуп, ицәа ианыруеит ихьухьууа.

Ҳасабицәа! Зыҧсы хәыҷқәа ҧсаатәҵас ажәҩан ахь ицаз. Дара ирыхӡыӡаауаз, рыҧсҭазаара зыхьчоз ранацәа ирыцуп, рнапқәа рыкәыршан аҧсцәаҳа ицәырхьчарц рҭахын, аха уи инапхыц дуқәа рыларҧс аҧсҭазаара иацәирӡырц дықәҧон… Рышьҭа хәыҷқәа знырҵаз рышкол ашҭақәа шьацла ихҩоуп. Изхатәаз рпартақәа еиқәыхьшәашәа иаанхеит. Згәы кыдшәаз рҭынхацәа уаҳа шәиеҵәахә ацҧхьқәа рҿаҧхом. Рҭаацәарақәа рымҩа иазыҧшыз, хаҧсадгьыл ҧшӡа агәаҿы ишәыздыргылаз абаҟа иаҭаалап. Рҩызцәа хәыҷқәа, уажәшьҭа идухаз, ашәҭшьыҵәрақәа шәызнаргалап. Шәыуа-шәҭахы гәырҩала ишәырҭаз шәнышәнап хьшәашәа инадтәалалап. Шәырҵаҩцәа, напы шәыдкыл шәзааӡаз, авертолиот шәҭазыртәаз аҧсҭазаара рхы ахырбаалап. Гәнаҳала иҭәу адунеи, изуҭаххазеи абарҭ асабицәа рыгәнаҳа?! Ахааназ уи згәаҕьыз рдаракәац зегьы агәнаҳа рыцзаауеит…

Лаҭа уахгьы-ҽынгьы ҳгәы кылзҵәо, ахьаа ҳазҭо, уаҵәгьы, уаҵәашьҭахьгьы, наӡаӡагьы адунеи иақәланы иаанхо 87-ҩык рсиа, дарбан аҧсуазаалакгьы дахьыҟазаалак ицзаауеит, аҭоурых иалаҳбаалоит. Иага аамҭа царгьы уи иацу  ахьаа абиҧарақәа еимырдалоит, еиҭарҳәалоит. Ҕьара зқәым ахьаа зегьы ҳахәаҽуеит, иҳақәыҕәҕәоит.

Сынтәа ари ахҭыс 30 шықәса ахыҵра инамаданы, С.Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи адирекциа араион Ахада Баграт Боџьгәуа Лаҭа, авертолиот МИ-8 ахькаҳаз, аҭыҧ аҭаара идаҳгалеит. Хьаҳәа-ҧаҳәадагьы дазыразхеит. Иара 15-ҩык уахь ацара агәаҳәара змаз, дҳаҧхьагылан. Лаҭа ҳхалеит… Уаҟа иаабаз аҳәара уадаҩуп, 30 шықәса шҵуагьы, «Ҳашәхашәмыршҭын!» аҳәарц аҭахушәа авертолиот МИ-8 аҵыхәа абнара агәҭа ишьҭоуп. Илаҵакны еихала ихкаау, аҳаҭгәын гылоуп. Агәҭаҿы аҧааимбар кьанџьақәа ықәгылоуп. Ашьха уахьхало амҩа алдоуп, иҟаҵоуп. Лассы-лассы уахь иҭахаз рҭаацәарақәеи руацәеи халоит. Ҳара, аҧсуаа зегьы еилаҳкаароуп, иаҳнырроуп урҭ ргәы ҵызблааз ахлымӡаах, ҳхамшҭроуп. 87-ҩык цәгьаҧсышьа зқәашьхаз ҳаҧсуа ҭоурых иагәыцәзароуп. Уи абиҧарақәа инеимда-ааимдо еимырдалароуп.

2017 шықәсазы Гәдоуҭа апарк аҿы амитин аан  ицәажәоз, зыҧшәмеи зыҧҳаи авертолиот иҭаблыз Ирод Аҳашба иқәгыларақәа руак аҿы абас иҳәеит: «Аҭаацәа иреиҵбыз, шықәсык зхыҵуаз ахәыҷы лан длыманы дыҧрит. Уаҟа Гәымсҭатәи афронт аҿы сыҷкәын Алхас деибашьуан. Аха иан разҟыс лыҷкәын ибара лмоуӡеит. Алхысгьы 1993 шықәса ажьырныҳәатәи ажәылараҿы дҭахеит. Иани иаҳәшьа хәыҷи 22-мшы роуп ирыбжьысыз… Ахаҵа дхаҵоуп, иҧсадгьыл ихьчароуп. Ажәҩан иалаӡыз ҳасабицәеи амгәаҭа иҭаблыз ҳхәыҷқәеи рҳақ ахааназ иӡӡом. Ҳара ҳагагақәа роуп иаанхаз. Ҳхы, ҳахшыҩ, ҳхәыцра зегьы рҿы иаанхаз, дара рхаҿсахьақәа роуп. Убри акәхап иахьанӡагьы ҳаазго…».

Лаҭатәи ахҭыс 30 шықәса ахыҵра иазкыз агәалашәаратә митинг аҟны авертолиот Лаҭантәи аагара азҵаара шьҭыхын. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада уи азҵаара дадгылеит, иагьазгәеиҭеит: – Уажәы мызкы-ҩымз рыҩнуҵҟа аагара уадаҩхауеит. Уи ашьҭахь азҵаара аҭыҧ иқәҵахоит, – ҳәа ҳаиҳәеит. Уи иазыҧшьоу аҭыҧ азалхны иҳаргылоит…

Иагьа аамҭа царгьы ари ахьаа ҳацзаауеит. Асабицәа рыҵәаабжь аҳауа иахьалахаз аҟынтә иҳақәыҕәҕәалоит урҭ рыхьӡқәа, ргәыҕра, рыбзиабара зҿахҵәаӡомызт, избанзар ихьчан, еиқәырхан, дара зхыршьааз рыҧсадгьыл. Зҭоурых акырӡа иҵаулоу, акырынтә аҧсра иаиааихьоу, ҳаҧсадгьыл Аҧсны аҧеиҧш лаша азҧшызааит. Ари еиҧш арыцҳара уаҳа ахааназ иҟамлааит. Аҧсуа жәлар рымца еснагь еиқәызааит. Уи иацзааит аизҳара, аиҵыҵра, аҧеиҧш лаша.

Гәдоуҭатәи апарк аҟны амитинг алахәылацәа рыбжьы ықәыҩуан. Иааиртит, иагьымҩаҧигеит араионтә газеҭ «Бзыҧ» аредактор Лавренти Гәбаз. Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба ахҭыс дахцәажәеит, аҭоурых аҟны ишьаарҵәыроу рыцхәны ишаанхаз азгәеиҭеит. Иқәгылеит: Тҟәарчал араион Ахадара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Г.Харчлаа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутат А.Лакоба. Лаҭа иазкыз ихатәы жәеинраала даҧхьеит Абзагә Аҟалҕьба.

Ахьаа ажәлар ргәаҵа иаҵоуп, иҵәахуп. Аҧсны Афырхаҵа Асҭамыр Занҭариа Лаҭатәи ахҭыс иазкны игәаанагареи ажәеинраалеи амузеи иазаанижьит: «Лаҭа иҟалаз арыцҳара ахәшьара аӡәгьы еимҭаӡацт. Аха уи амҳаџьырра аҵыхәтәан аҕба уаала ирҭәны ихырҵәаны ианыргоз шаҳгәалашәо еиҧш 1992 шықәса, ҧхынҷкәын 14 ҳгәалашәалароуп… Уи зыҧсы ҭаны иаанхаз зегьы иаҳуалуп». Ҿыцәаара ақәымзааит урҭ ргәалашәара.


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me