Жьҭаарамза жәба-жәаба рзы иааҟәымӡӡакәан илеиуаз ақәа аӡиасқәа рыҩаӡара шьҭнахит. Амшцәгьа бааҧсы иахҟьаны Очамчыра араион аҿы аӡхыҵрақәа ҟалеит. Уи араион ақыҭақәа жәпакы рынхацәа аҧхасҭа ҕәҕәа рнаҭеит. Аӡҩыбжьа, Кындыҕ, Маркәыла, Ҭхьына, Џьгьарда, Очамчыра ақалақь рҿы аӡхыҵра амҩадуқәа ҵнаӡәӡәааит, аҩнқәа ирыҩналеит.
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнак, акыр шықәса раахыс зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны инхо Рыдуан Агрба диит, дааӡеит Инегиоль араион иаҵанакуа аҧсуа қыҭа Мезиҭ. Уи иқәлацәа реиҧш, ихьааигеит Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны иақәлеит, аибашьра ҵысит ҳәа аниаҳа. 1992 ш. август 25 рзы Аҧсадгьыл ахьчаразы Ҭырқәтәылантә хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааз 33-ҩык еидызкылоз раҧхьатәи агәыҧ дрылан Рыдуан. Аҧхьа Шәача иааит, уантә аидарамҩангага аҕбала Гәдоуҭанӡа иааӡеит.

Ауаҩра зегьы иреиҳауп

13 Жьҭаара 2022 10:42
Ауҩы иҧсҭазаараҿы иалихуа азанааҭ аҟны ақәҿиарақәа иоуырц азы, аҭахра адагьы ҧсабарала уи дазҳәазароуп. Исҭахуп, исгәаҧхоит мацарала иарбан занааҭзаалакгьы алҵшәа аиуӡом, аҧсуаа ҳҟны ишырҳәо еиҧш, Анцәа иуылаиҵозарауп. Иахьа зыӡбахә шәҳардырырц иаҳҭаху ауаҩы гәыла-ҧсыла, ҧсабарала лзанааҭ дазшаны Анцәа адәы дықәиҵеит. Азанааҭқәа зегьы хадоуп, аха еиҳа ихадоу рахь иаҵанакуа иреиуоуп арҵаҩра. Избанзар, арҵаҩы инапы иануп аҧхьаҟа иҕәҕәаҟацаӡа зыуаажәлар ирылагылаша ауаҩы иааӡара.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me