Мшаҧы 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсуара аныҟәгаразы

Ҳаазқәылаз Аҧсуара ана-ара ҳалацәажәоит, абжьаа­ҧнеиҧш «зеиҧш ажәала», хықәкыла, Аҧсуара аныҟәгараз  иҟаҵатәу, ишныҟә­гатәу ҳәа инҭкааны акы ҳазааҭым­гылакәа.

Аҧсуара аӡбахә ианалацәажәо, еиҳабацәақәак, зықәрахь инеихьоу быргцәақәак аҭыҧҳацәа реилаҳәашьа ҽеим ҳәа ихҭаркуеит.  Сара ихасшшауам, аҭыҧҳацәа реила­ҳәашьа бзиоуп, ихазыноуп ҳәа. Насгьы, аҭыҧҳацәагьы зегьы еилакны аҳәарагьы иашам, шьоукы-шьоукы «ихадыр­­ҟьозар» ҟалап. Аха Аҧсуара «ҳцан-ҳаан» аҭыҧҳацәа реилаҳәа­шьала мацара ацклыҧ­шрала иаҳзеиқәырхом, иаҳзымҩақәҵом.

Аҧсуара анаҳҳәа, аҧсуаҵас ахымҩаҧ­гашьа   уахь  иаҵанакуеит. Ус анакәха, аҧсуаҵас иҧш­ӡоума ииашоума, абырг ихшара, имаҭацәа ирықәлоу аҭыҧҳацәа «ҿҭыӡә­ӡәаала» дрыхцәажәар?! Аҧсуаа ражәа  иалаҵаны ирҳәоит: «Ала бзиа аҧҳәыс илеишом» ҳәа. Сгәа­нала, аҭыҧҳацәа рганахьала акы згәамҧхо дҟаларгьы, ажәа раӡала ирыхцәажәатәуп, абжьагажәала идеилыркаатәуп рҽеилаҳәашьа аҧсуа ҧҳәызба  ишылнымаало.

Аҭыҧҳацәа рҽеилаҳәашьа атәы анаҳҳәо сара исызцәырҵуеит даҽа зҵаарак. Дыҟоума иахьа, даҳҧылома, амҩан, аусураҿ, аҧсуа чараҿ, аизараҿ акәымжәи акабеи рыла зыхҭырҧа рқьақьаны изхоу ар­ҧыс? Ҳәарада, игәазырҳагоуп аҧсуаҵас еилаҳәоу арҧыс дануҧыло. Иалкаау ҳмилаҭтә ныҳәақәа раан аҧсуаҵас еилаҳәоу аҿар ҳҧылоит, егьи абжьааҧны аҭыҧҳацәа реилаҳәашьа излеиҕьу хаҭала, исызгәаҭом арҧарцәа реилаҳәашьа.  Насгьы ес-ҽнытәи урҭ реилаҳәашьа уаҩы ихы иқәикып, аха ажәлар ахьеизо, аҧсрақәеи – абзарақәеи рҿы аӡәыр шәацк­лаҧ­ш­хьоума арҧарцәа реилаҳәашьа, рхымҩагашьа?

Реиқәақәа ршьапқәа ҭырпааны, қалҧаҭда амакасин ҳәа изышьҭоу аимаақәа рышьаҵаны, ршьапы «ҟьантазӡа», рхы-рҿы уи ауахәама иҭоушәа «ржакьа» асаара илашьҭны. Аҧсраҿы инеиуазар, ихатәроу ахацәагьы аџьынс еиқәа рышьаҵаны иныҟәоит, аҿар рхылҧа  абызҟьа­­ҟьа метрак инеиуа, рхаҿсахьа умбо аҟынӡа ирхарҵоит, аспорттә маҭәақәа рылагьы рҽеиларҳәоит.

Сгәанала, дыҧҳәысума, дхаҵоума, дахьнеиуа аҭыҧ иақәнагоу ацәамаҭәала иҽеилеиҳәозароуп. Иаҳҳәап: аџьармыкьахь ауаҩы еиҳа иизыманшәалоу маҭәала  иҽеилеиҳәар алшоит, аха  иманшәалоуп ҳәа, ишабалак днеир ҟалом, ажәлар ахьеизо, ачарахь,аҧсрахьы дҭышәынтәаланы, «деинааланы» иҽеилаҳәашьа дацклаҧшуаны иҽеибиҭароуп.

Ажәакала, Аҧсуара иаҵанакуа рацәоуп, уи аҭыҧҳацәеи арҧарцәеи рцәашәҵатәы ала, урҭ рҽеилаҳәашьа мацара аҿы иаанҿасуам…

Иаҳҧылалоит Аҧсуара шьоукы шәҟәыла иҵатәуп ҳәа ишьақәзырҕәҕәо. Хаҭала, сара сзы аилкаара даара иуадаҩуп Аҧсуара маҭәарк аҳасабала ашколтә программа  алагалара. Аҧсуара аҧсуа иҧсҭазаароуп. Уи ҳара досу ҳаҩнаҭақәа рҿы иаабо, иҳаҳауа ҳабзазашьа, ҳҟазшьа ауп.

Апоет, асатирик Кь. Чачхалиа ицәаҳәақәак абас иҟоуп: «Излам дагьашьҭам, излоу изхом».

Аҧсуара мчыла аӡәгьы иузилаҵом, иузидгалом, шәҟәылагьы иузирҵаӡом. Аҧсуара аныҟәгара зылшо уи иалааӡоу, иахьеи-уахеи Аҧсуа иҧсҭазаара иалагылоу, избо иоуп. Уи, ҳәарада, «изхаӡом»…

Аҧсуара, уаҩроуп, ламысуп, инымҵәаӡо,ҭабарагьы зқәым ӡыхьуп… Аиҳаби аиҵби реихаҵгылара уҳәару, аҧсуа исасдкылара, итәашьа-игылашьа, иҽықәтәашьа инаркны зегьы ҷыдаратә ҟазшьақәоуп.

Аха аҧсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит: «Шьоукы Аҧсуара ныҟәыргоит, шьоукы  Аҧсуара иныҟәнагоит». Ас еиҧш иҟоуп иахьагьы, жәытә-натә аахысгьы ус иҟан. Аҧсуара ныҟәыргошәа, Аҧсуара рхы иархәаны уи «ацәа рхарҧаны» ҵымҳәҳәарас иҟоу зегь ҟарҵоит. Даҽа џьоукых, рыламыс изахымҧо, мацқьа-шьацқьала, рыҧсҭазаара раӡаны рхы-рыҧсы  ахҭынҵо Аҧсуара ныҟәыргоит. Аҧсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит: «Иаҧсуара дзахымҧеит» - ҳәа.

Сара сгәанала, «заҧсуара изахымҧо ауаа» рацәахар аҧсуаҵас зхы мҩаҧызго, Аҧсуара ныҟәызго, Аҧсынра аҧсуа жәлар еизҳауан, иҕьацон. Иарбан закәанзаалак ақәныҟәара хымҧадатәимызт, Аҧсуара ныҟәызго аҧсуаа рацәаҩхар. Аҧсуа изы Аҧсуара аныҟәгара еиҳау закәан ыҟам, избанзар Аҧсуара азакәан излаҿагылоу ыҟам. Ауаҩы ахьӡи ахьымӡҕи еилкааны ианиоу, азакәан дызлаҧырхагахари?! Иахьа аҧсуаҵас имхәыцуа, иҧсыҽу азакәан атәазымбо ауаа роуп ҳаиҵазмыргыло, цәгьарас иҟоу зегь ҟазҵо, ҳажәлар рыҧсҭазаара ҭышәынтәаланы аҿиаха азымҭо.

Аиашазы, Аҧсуара атема- ари зымҽхак ҭбаау акоуп, ҵыхәаҧҵәарада узлацәажәаша, уи иаҵанакуа акәама-ҵамарақәа рацәоуп. Ажәакала, аҧсуа иҧсҭазаара ахәҭақәа, ахырхарҭақәа зегьы ааидкылан Аҧсуара иаҵанакуеит.

Аҧсуара аныҟәгара ус имариам, ауаҩы дарҧшӡоит, аха иџьабаауп… Аҧсуара ныҟәызго ауаҩы, еснагь ихы иагырханы ауаа ҳаҭыр рықәиҵоит, имҩақәиҵоит.

Аҧсуа иҩны ашә аазыртуа ажәа – «Бзиала шәаабеит», иахьа аҳәара зцәыуадаҩхаз аҧсуа жәлар рхаҭарнакцәақәагьы ҳҧыло иахьалагаз уаҩ ихьымӡҕишьартә иҟоуп. Урҭ «Бзиала шәаабеит» шҳәатәу рзымдыруаны акәӡам, аха «ҽыргаӡа-ҽырҟәыш» ҟаҵаны, аӡәгьы аҩныҟа дымҩахырымгарц, ныҟәгатәыс рхы дарымҭарц ауп изырымҳәо.

Ҳасасдкыларала, ҳаҧсуа ламыс ала, адунеи ажәларқәа акырџьара аҧсуаа ҳазлеицырдыруаз ҳцәыӡуа ҳалагазар, ҳцәа иадаҳҵо амаҭәа иазаауазеи?! Уи еиҳа хадарас иалоузеи?

Иахьа аамҭа уадаҩуп ҳәа, амамзаара иахҭнызҟьо аӡә дҟаларгьы, сара сақәшаҳаҭым хаҭала. Сара сзы Аҧсуара алагоит: «Аҧшәма уҟоума?! «Ҳаи, изуеи сыҟамкәа, Бзиала уаабеит, умҩахыҵ ҳаҧшәымацәаз…» абарҭ ажәақәа рыла.

Аҧсуа исас изы еснагь ихәы ҵәахын. Асас ҳаҭыр иқәҵашьа, аишәа архиашьа уҳәа зегь аҷыдаратә ҟазшьақәа рыман. «Асас бжь-насыҧк ицуп, данцо акы нижьуеит аҧшәма изы». Абас аҧсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәо, асасдкылара иазку ажәаҧҟақәагьы зхылҿиааз аҧсуа исасдкылара ауп.

Аҧсуара аныҟәгара згәы азыҳәо, ма иныҟәызго џьызшьо ирабжьаагоит асасдкыларала иалагарц.

«Шьоук Аҧсуара ныҟәыргоит, шьоук Аҧсуара иныҟәнагоит…» ҳәа ажәлар рҟны ирҳәо ажәақәа еснагь рызхәыцра аҭахуп, ирыҵоу ахшыҩҵак иазхьаҧшлатәуп. Усҟан Аҧсуара  аҵакы азырхынҳәра амҩа ҳанызаауеит. Аҧсуара мыӡааит.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me