Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа

Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр анапхгарала имҩаҧысит аихшьалатә концерт. Уи напхгара аиҭоит Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, Ахьӡ-Аҧша аорден  II аҩаӡара занашьоу Нури Еремеи-иҧа Кәарҷиа.

Аконцерт мҩаҧысуан Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы.

Аконцерт мҩаҧылгон акыр шықәса «Аҿар рыбжьы» аконкурс зҽалазырхәхьоу алауреат Инесса Григолиа.

Жәлар рҟазареи, ртрадициатә культуреи реиқәырхареи, арҿиареи хықәкыс иҟаҵаны И.Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиара Ацентр, есышықәса еиҧш сынтәагьы еиҿкааны имҩаҧнагеит ҟазаратә хырхарҭала еиуеиҧшым, ареспубликатә иара убас жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аицлабрақәеи, афестивальқәеи, агәаҭарақәеи, ацәыргақәҵақәеи, ари аконцерт «Аҟыбаҩ ҷыда злоу» иалахәу зегьы ашықәсантәи афестивальқәа рҿы аҧхьахәқәа згаз алауреатцәа роуп.

Жәлар рырҿиара Ацентр аиҿкаарақәа ируакуп аҧсуа музыка арҳәагақәа роркестрқәа рфестиваль «Аҧхьарца», жәеиза шықәса инеиҧынкылан имҩаҧысуа ари афестиваль қәҿиарала рхы аладырхәит Лӡаа ақыҭан еиҿкаау аҧсуа музыка арҳәага маҭәарқәа роркестр «Аҧхьарца». Анапхгаҩы Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Даур Ҧарулуа. Урҭ рхы рыладырхухьеит Аҧсны анҭыҵтәи афестивальқәагьы. Убас, сынтәа Аҧсны ахьӡала иалахәын ақалақь Черқьеск Ҟарачы-Черқьестәыла шәышықәса ахыҵра иазкыз аҳәынҭқарратә ныҳәа.

Аконцерт хацыркын «Аҧхьарца» инарыгӡоз акомпозициақәа рыла, «Кавказаа рмузыкақәа рпоппури», «Аҕәылабақәа».Уи ашьҭахь асценахь ицәырҵит абард ашәақәа раҧҵаҩцәа: Омар Сангәлиа – «Сықалақь Аҟәа», ажәақәа Денис Чачхалиа. Ашәаҧҵаҩы Лиудмила Кәарҷиа-ҧҳа еизаз ирзыналыгӡеит лаҧҵамҭа ашәа «Аӡын хьшәашәа».

Жәлар рырҿиараҿы лымкаала хшыҩзцара ззыруа ҟазароуп – жәлар рашәа. Уи аиқәыр­хара, афольк­лортә хыҵхырҭақәа ҳашәақәа ижәытәӡоу реиқәырхара иазкуп шықәса рацәала имҩаԥырго афестиваль «Раида», уи иалахәуп Аҧсны араионқәа рансамбльқәа зегьы.

Ари аконцертаҿ иқәгылеит иалкаахаз ансамбльқәа хҧа: Гәдоуҭатәи афольклортә ансамбль «Гәдоуҭа», анапхгаҩы Герман Ҳашыг, инарыгӡеит ашәақәа ҩба: «Ахәра ашәа», «Лакоба изку ашәа».

Сынтәа иҵуеит 21 шықәса, жәлар рцентр абзоурала имҩаҧысуеижьҭеи «Аҿар рыбжьы», зыхьӡу ашәаҳәаҩцәа реицлабра.

Аконцерт аестрадатә хәҭа хацлыркит аиҵбыратәи абиҧара ахаҭарнак Саломеиа Алҭеиҧҳа «Шәкәашала ахьыбҿар, шәкәашала» ала, автор Анатоли Алҭеиба. Уи иналы­мидеит ашәаҳәаҩ қәыҧш, изныкымкәа аицлабрақәа рҿы аҧхьахәқәа згахьоу Аслан Ҭҳаиҵыкә, инаигӡеит Аркади Кархалаа иашәа «Дабаҟоу лара».

Жәлар рырҿиаратә центр аусураҿ иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит ахьыбҿар рхореографиатә гәыҧқәа реицлабра «Аӡыхь». 25 шықәса ирҭагӡаны ари рҽаладырхәхьеит жәанызықьҩк инарзынаҧшуа аҿар.

Аконцерт иалахәын ахәыҷтәы кәашаратә студиа «Иааирума» – анапхгаҩы Анжела Дбар иналыгӡеит «Аныҳәатә кәашара». Иара убас Гәдоуҭатәи аҿар рфольклортә ансамбль «Ахьышьҭра», анапхгаҩцәа Есма Гәынба, Саида Џьениаҧҳа, инарыгӡеит ҩашәак: «Аҧсынра», «Уарада уарид гәышьа».

Аконцерт иалахәыз гәахәала иазыӡырҩит Очамчыратәи ашәаҳәаҩ қәыҧш Илона Ҧачлиа-ҧҳа иналыгӡаз ашәа «Риҵа». Аконцерт хдыр­кәшеит Гәдоуҭатәи ансамбль «Кьараз», анапхгаҩы Ҭемыр Чуаз.

Аҵыхәтәаны аконцерт иалахәыз рахьтә, зҽалызкааз зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәеи адипломқәеи ранаишьеит Арҿиаратә центр анапхгаҩы Нури Еремеи-иҧа Кәарҷиа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me