Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара

Ииуль 29 рзы имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара. Уи аартуа Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба адепутатцәа идирдырит амш хәаҧштә аҿы иқәгылаз азҵаарақәа.

Аха урҭ рахь ииасаанӡа, иара Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыхьӡала лымш иира лыдиныҳәалеит «Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа ахьӡ зыхҵоу, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла иалоу Заира  Ҵәыџьба. Иазгәеиҭеит, Аҧсны ажурналистикаҿы ллагала ду шыҟоу,иара убас шықәсы рацәала Аҧсны Жәлар Реизара аилатәарақәа дышрылаху,  лус ахә ҳаракны ишьо, Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала иланаишьеит аҳаҭыртә шәҟәы. Илзеиҕьеишьеит агәабзиара,ақәҿиарақәа.

Анаҩс ииасын амш хәаҧштә аҿы иқәгылаз азҵаарақәа рахь. Изхәыҧшыз азакәан апроект аҿы иҟан, амашьына ныҟәцаҩцәа рзы астрахҟаҵаратә полис ахарҭәаара атәгьы. Адепутат Дауҭ Хәытаба, ари азҵаара дазааҭгыло иҳәеит, ари азакәан апроект рыдыркылар, амашьынаныҟәцаҩцәа сааҭла агәаран иқәгылоу астрахҟаҵаратә полис ахарҭәааразы апостқәа рҟны ишаҭахымхо. Избанзар онлаин ҳәа изышьҭоу,аелектронтә система ала ихарҭәаалахоит. Убасҟан Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуаҩцәагьы русура иаҧырхагахом, амашьынаныҟәцаҩцәа рзгьы даара иманшәалахоит.

Иара убас ирыдкылан азакәан апроект «Ақалақьргыларатәи аргыларатәи акодекс» иазкыз. Уи иазкны, адепутат Резо Занҭариа дазааҭгылеит ари азакәан апроект ишҳәаақәнаҵо азинтә шьаҭақәа ақалақьргыларатәи аргыларатәи аусурақәа рҿы,аҳәынҭқарратә мчрақәа рҿы, иара убас аҭакҧхықәра рымазаауеит азинмчқәа ақалақьаргыларатәи аргыларатәи аусурақәа рҟны.

Иара убас ирыдкылан Аҧсны Жәлар Реизара актәи ааҧхьараҿы аус зуаз адепутатцәа,иахьатәи аамҭазы итәанчаҩхахьоу ртәанчахәы 100% процентк ашьҭыхра. Адепутат Дауҭ Хәытаба иазгәеиҭеит,Аҧсны аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы рџьабаа ду шыҟоу Аҧсны Жәлар Реизара актәи ааҧхьараҿы аус зуаз адепутатцәа. Убри инамаданы, ишышьақәдыргылаз ртәанчаҩратә уалафахәы 75%процент рыла ишьақәгылоз 100% процентк рахь аиагара.

Иара убас изхәыҧшыз азакәан апроект аҿы иҟан «Авалиутатә еиҿкаареи авалиутатә хлаҧшра аҭареи ртәы» азҵаара. Адепутат Беслан Ҳалуашь иҳәеит, ари азакәан апроект ацхыраара анаҭоит: авалиутатә зинмчы арманшәалара, рзини рҭакҧхықәреи арезидентцәеи иризидентцәами, аҭакҧхықәра амазаауеит авалиутатә контрольҟаҵараҿы.

Анаҩстәи азакәан апроект азкын  Аҧсны аиҳабыреи Урыстәылатәи аиҳабыреи  реиқәшаҳаҭра аратификациа азура ҩынтәны ашәахтәқәа рымшәаразы.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа рнаҩс,Аҧсны агимн арҳәарала ихыркәшан Аҧсны Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи ааҧынтәи асессиа аилатәара. Аҧсны Жәлар адепутатцәа ҧхьатәара ицоит август акы инаркны  сентиабр хәбанӡа.

С. Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me