Абираҟи агерби равтор иқыҭаҿы

Ҳҳәынҭқарра аныҳәа хадақәа иреиуоу Аҧсны абираҟ амш азгәарҭоит ииуль мза ҩажәи хҧа рзы.
Ажәа Абираҟ иҭагӡоуп аҳәын­ҭқарра астатус, ажәлар рыхдырра, урҭ рҭоурых.

Адунеи аҿы иҟоу абираҟқәа рыбжьара зегь раасҭа иҧшӡақәоу ҳәа иалкаау жәаба иахьырхыҧхьаӡалоу анаҩсгьы, иара иамоуп ашәышықәсқәа иргәылсуа аҭоурых ду. Шамахамзар Аҧсны инхо зегьы ирдыруеит аҧсуа бираҟи, агерби, агимни ҳмилаҭ рзы ирымоу аҵакы. Игхахом иуҳәар урҭ ашьаарҵәыратә аамҭақәа иргәылгоуп ҳәа. Дара раҧҵареи рышьақәырҕәҕәареи ҳмилаҭ иргахьоу аиааира дуқәа иреиуоуп. Абираҟ злашьақәгылоу аҧшшәқәа - аиаҵәа, аҟаҧшь, ашкәакәа ҳҳәынҭқарра иасимволқәоуп.
Абираҟ автор, Леон иорден занашьоу Валери Гамгиа илшеит иара аҭагӡара аҧсуаа жәытәнатә инаркны ҳаамҭа аҟынӡа рҭоурыхи, рысысдкылареи, аҭынч ҧсҭазаарахьы ирымоу агәазыҳәареи, ахақәиҭреи ахьыҧшымреи разықәҧареи, ажәытәра иагәылгоу ҳҳәынҭқарреи рҭоурых.
Ихатәроу, игәылҭәаау, иҧшӡоу Аҧсны абираҟ анрыдыркылоз 1992 шықәса ииуль мзазы даара ихьанҭаз аамҭан. Ақырҭқәеи аҧсуааи реиҿагылара уажәшьҭа ҭынч, еиныршәарала ӡбашьа шамам удырыртә иҟан. Усҟан ақырҭцәа ирылшоз зегьы ҟарҵон абираҟ азҵаара ахәаҧшра аҟынӡа анамгаразы. Аха, Валери Гамгиа дназлоу аҧсуа патриотцәа маӡала абираҟ еиқәдыршәахьан. Уи адкыларазы Иреиҳаӡоу Асовет адепутатцәа реилатәарахьы анагара аҕацәа зқәымгәыҕуаз хҭысын. Усҟан игаз аиааира ажәлар рыхдырра аҧсахит. Ҳмилаҭи, ҳбызшәеи, ҳҳәынҭқарреи шеиқәхо агәра згоз, амилаҭтә хақәиҭратә қәҧара иалагылаз апатриотцәа рыгәрагареи, рыгәаҕьреи еиҳагьы еиҳахеит. Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ рыдыркылеит ҳәа заҳаз ажәлар ргәырҕьара ҳәаак амаӡамызт, ҳтәыла ахи-аҵыхәеи амитингқәа мҩаҧысуан. Аҧсны иқәынхо амилаҭ рацәа уи иалахәын. Аҕацәа рыда егьырҭ зегьы абираҟ ашьақәырҕәҕәара ныҳәак еиҧш ирыдыркылеит. Ииун хҧа ҩнызқьи хәба шықәса рзы Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь анашьҭымҭа ҟаиҵеит ҳтәылаҿы иазгәарҭо аныҳәақәа рсиа аҧсахрақәа алагаланы, даҽа рыцхәк ала ихадырҭәаарц азы. Уи ииуль ҩажәи хҧа аҽны иазгәарҭо Аҧсны Абираҟ амш акәын.

Есышықәса абираҟ амш ҳтәылаҿы инеиҵыхны иазгәарҭоит. Ииуль ҩажәи хҧа Очамчыра араион ахадареи, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи, аибашьра аветеранцәеи, ауаажәларреи, ашколхәыҷқәеи Кәтол ақыҭан иҟоу абираҟ автор, Леон иорден занашьоу, асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит. Аха уаанӡа, ашәҭ шьыҵәрақәа ықәырҵахьан Кәтол уахьналало игылоу иҭахаз аибашьцәа ирызку амемориалтә комплекси, ақыҭа агәҭаны иҟоу иҭахаз рбаҟеи рымҵан.
Иагьа аамҭақәа царгьы Валери Гамгиа ихьӡ хашҭра аиураны иҟам. Иара иеиҧш иҟоу ауаа лассы-лассы ажәлар ирылиаауам. Ашәышықәсқәа рахь знык ауп даниуа аҭоурых шьаҭынкыла аҧсахра зылшо ауаҩы. Абираҟ азҵаараҿы уи Валери Гамгиа иоуп ҳәа азгәарҭон аусмҩаԥгатә иалахәыз. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа- аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа иазгәарҭон хықәкы хадас ишрымаз иахьынӡарылшо ала ирацәаҩны аҿар ралархәра. Избан акәзар, изызҳауа абиԥарақәа ирдыруазар ауп рҭоурых, Валери Гамгиа иеиԥш иҟоу афырхацәа анышә иахьамадоу рбахьазар ауп, аныҳәа зызкуи уи иамоу аҵаки еилыркаауазар ауп.

Кәтол агәҭаны иҟоу аҽырҩырҭа дәкаршәраҿы имҩаԥысыз аныҳәатә хәылԥазаҿы еиҵыхын зышәагаа дуу абираҟ. Уи наҟ-ааҟ иаҵагылан ирыманы иааит араион ақыҭақәа рышколқәа рҵаҩцәа. Аусмҩаԥгатә аҟны иқәгылаз, Кәтол ақыҭа ахада Геннади Ҵулаиа еизаз ирыдиныҳәалеит Абираҟ амш. Иазгәеиҭеит Кәтолаа рҵеи фырхаҵа, абираҟ автор Валери Гамгиа ила ргәы шдуу. Кәтолтәи абжьаратәи ашкол аҟны гәцаракра дула иазнеиуеит абираҟи уи автори рҭоурых. Ари атема арҵара-ааӡара апроцесс иахәҭакуп. Аныҳәатә хәылԥазы иацырҵеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа.
Абираҟ иазкуп жәабала афырхаҵара-гәышьҭыхгатә ашәақәеи ажәеинраалақәеи. Урҭ реиҳарак иит Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан. Аибашьраан Абираҟ аҿаԥхьа ҭоуба уны еибашьра ицон аҧсадгьыл ахьчаҩцәа, иара амырӡреи ҧхьаҟатәи аҧеиҧши рзы иқәҧон ҳаибашьцәа, дара рхы-рыҧсы еигӡомызт уи аҕа инапахьы иааигартә аҟамҵаразы. Ҳмилаҭ риааира иасимволу абираҟ аҵакы ҳаамҭазы еиҳагьы ишьҭыҵит. Иара ргәы аладууп еиҵагыло абиҧараҿа, дара ирдыруеит уи аҭоурыхи, иахьа зхьыҧшымра азхаҵоу Аҧсны Абираҟ ахашәыршәырларц азы аиҳабыратә абиҧарақәа ирылдыршаз афырхаҵареи ртәы. Аҳәынҭқарратә бираҟ амш есышықәса азгәаҭара иарҵабыргуеит Аҧсны жәлар уззымиааиуа амилаҭтә доуҳа шрымоу. Ус анакәха, аҧсуаа аҭоурыхтә ӡеибафара алаӡра иацәыхароу, аҧеиҧш бзиа ззыҧшу милаҭуп. Аҧсны Аҳәынҭқарра Абираҟ акәзар, иара аҳаракыра аҟынтә ирхашәыршәыруеит еснагь згәыҕәрақәа адызҳәалоз, аҭынч ҧсҭазаара змоу аҧсуа ҳажәлар.

Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me