Аҟазара ауасхыр

«Ажәытә ҳабацәа ачарақәеи агәырӷьарақәеи рҿы ианыкәашоз аҽакалаӡа икәашон. Иахьагьы ирҭынч-рҭынч, аԥсуа ҵасла инаҳәы-ааҳәуа, ишьацәхыртәуа, пату ақәҵаны ианыкәашо, аиашазы, уаҩы игәы иаахәоит. Изымкәашогьы агәаԥхара ирҭауеит…

Сара исҭахуп ҳасаб азуны, цқьа ҳазхәыцырц, ҳмаашьаӡакәа ҳаԥхьаҟа ишьҭоу ҳусқәа ҳарманшәаларц, ҳҟазареи ҳбаҩхатәреи ҳхы иархәаны, иаҳцәыбжьаӡырц акгьы згым ҳаԥсуа кәашарақәа шьақәҳаргыларц», – иҳәон ахореограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуаҩы Акаки Малиа.
Аԥсуа жәлар рҟазара адунеи иадыруеит. Иарбан аԥсуа ҩнаҭазаалак аҟны акәашацәеи ашәаҳәацәеи ыҟоуп. Аԥсуа ицәа-ижьы иалоу аҟазара абиԥарала иаауеит.
Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭан, Дбараа рашҭа ҳәа иашьҭоуп ԥшьҩык аишьцәа ахьеицҭанхо. Жәытә­гьы-ҿатәгьы араҟа ­ладеи-ҩадеи ашәеи акәа­шареи еицын. Аиҳаби-аиҵби рыб­жьара аҳаҭыр ду аиқәҵара ахьыҟоу, асасцәа рзы зыҩны ашә аарту шҭоуп.
Дбараа Аԥсны инхо зегьы зхылҵыз х-ҩык аишьцәа роуп ҳәа азгәарҭоит. Изларҳәо ала, ­Шәачантә иааз рхыԥхьаӡараҿы Дбараагьы ыҟоуп. Иарбан аамҭазаалакгьы ари ашҭа ԥшьа ахь имҩахыргон Блабырхәа иаҭаауаз асасцәа дахьқәа.
Дбар Мкан Шьыгә-иԥа шамахамзар араион аҟны дыззымдыруаз ыҟаӡамызт. Аибашьра Ду аветеран, иҭеиҭыԥш, иаԥсуа маҭәа дагәылыҷҷаауа, дахьгылалакгьы дрылукаауан.
– Саныхәыҷыз инаркны, – иҳәеит Мкан Шьыгә-иԥа, – аԥсуа кәашарақәа сыԥсы рылан. Ҳчарақәа рҟны аҿар аҵх иааҳамнахаанӡа аԥсуала ҳкәашон, ҳажәлар рашәақәагьы ҳҳәон. Акәашаҩ аԥсы ахаҵаны дкәашаразы, ҳмилаҭтә кәашарақәа идыруазароуп. Ҳара ҳҿара аамҭаз ачарақәа рҟны аԥсуала акәын ҳшыкәашоз. Ҳҟазара мыӡразы изызҳауа аҿар иҭырҵаалароуп, ианырҵалароуп, иаанырмыжьроуп. Акәашара ԥсҭазаароуп.
Мкан Шьыгә-иԥа иашҭаҿы ԥшь-ҭаацәарак еицҭанхон. Мкан ԥсабарала дкәашаҩ ҟазан. Ирҳәоит аҽы дшақәтәаз абаз шьҭихуан ҳәа. Иара дкәашаны данықәҵлак аӡәгьы акәашара иқәлаӡомызт ҳәа дыздыруаз алацәажәоит.

– Саб, – иҳәеит Аԥсны зҽаԥса­зтәыз акультура аусзуҩ, ахареог­раф Руслан Мкан-иԥа, –иқәрахь даннеигьы даара бзиа ибон телехәаԥшрала акәашареи ашәа­ҳәареи рыхәаԥшра. Уи даара игәалаҟазаара шьҭнахуан… Аха, сашьа Иасон, машәырла данҭаха ашьҭахь ихы ахыбааны, дахәаԥшӡомызт…
Руслан Мкан-иԥа диит 1959 шықәса жәабран ҩажәи жәаба рзы Блабырхәа ақыҭан. Ақыҭаҿтәи абжьаратә школ даушьҭымҭоуп. Аррамаҵура Чита дахысуан. Уаҟа еиҿкааз Баикалтәи ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҟны дкәашон. Руслан жә-шықәса анихыҵуаз Блабырхәа ақыҭан еиҿкааз акәашаратә ансамбль далан. Асахьаркыратә напхгаҩыс даман Барцыц Хьылтан. – Уи иҿабызшәа хаан, аԥсуа ҟазара ахәыҷқәа иҳалаиааӡон. Дызхагылаз ансамбль аҩаӡара ҳаракын. Уи схаҿы наӡаӡа даанхеит… Ҳансамбль иалаз ақыҭақәа рахь ҳаигон. Аклубқәа рҟны аконцертқәа наҳагӡон. Ашколқәа рыбжьара имҩаԥысуаз аолимпиадақәа рҟны аԥхьахәқәа аагон. Сгәы иалоуп иџьабаа ахә шьаӡамкәан дахьынхаз, – иҳәоит дигәаларшәауа.
Руслан Мкан-иԥа Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа даналга Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭын» асолистцәа хадақәа дыруаӡәкын. Жәаҩа шықәса инеиԥынкыланы аус иуит. Уахь акәашаразы инеира игәаларшәо, ус иҳәеит: «Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭын» ахьӡ-аԥша ӷәӷәан. Иаауҭахханы узалаломызт, анапхгаҩы Бебиа Едуард Уаҳаид-иԥа алеишәа ҷыдеи аҟазара дуӡӡеи злаз уаҩын. Уи инапаҵаҟа аусура иснаҭаз рацәоуп. Адунеи агастрольқәа рыла ҳалсит. Ирацәоуп ҳахьцаз аҳәынҭқаррақәа, ҳахьыҟазаалакгьы аԥхьахәқәа ҳгон. Нас, жәаҩа шықәса акәашаҩ изы асценаҿы аҟазаара уи насыԥ дууп… Аха Гәдоуҭа акультуратә Хан аҟны Акаки Малиа акәашаратә ансамбль «Риҵа» анеиҿикаа – уахь сиасит…»
Руслан Мкан-иԥа ансамбль «Риҵа» аҟны акыраамҭа аџьабаа ибеит. Убра дшыҟаз Уасил Арухааи, Ира Цаткинаи, Руслан Дбари ахәыҷтәы ансамбль аԥырҵарц рыӡбеит акомпониатор Ҵышәба Марина лыцхараарала. Акәашара агәаҳәара змаз ахәыҷқәа рацәаҩны рҽеидыркылеит. Ансамбль аиҿкаара ианалага ахьӡ азҭаз Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр иоуп. Аҽазыҟаҵарақәа цон. Ансамбль «Адац» аконцертқәа мҩаԥыргон…

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага ансамбль «Адац» хышықәса ахыҵуан (1989 шықәсазы иаԥҵан). Ахацәа аӷа иҿагылеит, аԥсадгьыл ахьчара ицеит. Гагра ахы ианақәиҭыртә Дбар Руслан аибашьра ацәаҳәаҟынтә дхынҳәырц адҵа ирҭеит. Дхынҳәит. Акәашацәа еидикылеит, аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигон.
Ансамбль «Адац» Нальчи­кҟа идықәҵан. Уаҟа имҩаԥыргоз агәыҳалалратә марафон аҟны иқәгылараны иҟан.
– Нальчик ҳнеира даара ахәшьара аҭаны ирыдыркылеит. Азалқәа зегьы уаала иҭәын. Аҵыхәтәан ахәаԥшцәа ршьапқәа ирықәгыланы еицҿырҭуан: «Аԥсуаа, ҳара ҳшәыцуп» ҳәа. Акәашацәа напеинҟьарала ирыдыркылон, хынтә, ԥшьы­нтә асценахь ицәырыргон.
Усҟан аԥсуаа рхаҿра цәырызгоз, иӡырызгоз «Адац» акәашацәа хәыҷқәа, иахьа иҭаацәарахахьеит. Усҟантәи ҳаидгылареи ҳаихӡыӡаареи ҳажәлар ирыцзарц сҭахуп», – иҳәеит Руслан Мкан-иԥа.
Акәашаратә ансамбль «Адац» 35 шықәса ахыҵра ҳаналацәажәо, иаҳгәалаҳаршәар ахәҭоуп, аханатә икәашоз асолистцәа хадақәа: чымазарала ишқәыԥшыз зыԥсҭазаара кьаҿхаз: Мамиа Алхаси Ладариа Ислами. Машәырла зыԥсҭазаара иалҵыз: Гаиаев Даур, Аргәын Саид, Џьыкырба Едгар, Гәымба Дмитри. Арҭ зегьы аҟазараҿы иҟарҵашаз рацәан, наунагӡа ҳгәаҿы иаанхоит.
– Иахьа ҳаԥсуа кәашарақәа рҭагылазаашьа иацклаԥшлароуп. Дарбан милаҭзаалак икәашашьа аиҳараӡак ажәлар изаанрыжьыз акәашароуп,– иҳәеит Руслан Мкан-иԥа. – Ҳара аԥсуаа ҳакәашарақәа иҵаулоу, иԥшӡоу кәашарақәоуп. Иаҳдыруазар ауп ачарақәа рҿгьы пату еиқәҵаны акәашара шаҭаху, уи ҳхаҿы ианыԥшуазар ауп. Ус ҟаҳамҵар, ҳабацәа еиқәдырхаз акәашарақәа ыӡыр ҟалоит…
Аус руроуп акультура Аминис­трра инаркны акультура аҟәшақәа рҟынӡа. Акәашара ықәзыргылаз, ас­ценахь ицәыриго азы аҭакԥхықәра ныҟәигозароуп… Шаҟа ҳҟазара еиқәҳархо, иӡырааго ажәлар ирзааигәхоит, еиқәхоит, – иҳәоит Руслан.

Зыԥсҭазаара зегьы аҟазара иадызҳәалаз, уи ала зыԥсы лазгаҩазго, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аультура аусзуҩ, ансамбль «Адац» анапхгаҩы иԥшәма Енеза Аҳәбеи иареи ҳәоуеиқәшәарала еицынхоит. Ԥшьҩык аԥацәа рааӡеит. Ахьырԥар лыԥшаах амҩа ҭбаа иануп. Урыстәылеи Украинеи жәлар рартист, Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, апрофессор, акомпозитор Виктор Захарченко афестиваль «Кубански казачок» аҟны ансамбль «Адац» анықәгыла ашьҭахь, ииҩыз адныҳәаларатә шәҟәы аҟны абас аҳәоит: «…­Ансамбль «Адац» инанагӡо акәашарақәа аԥсуа жәлар рхаҿра, рхаҭара, рыӷәӷәара рныԥшуеит… Анапхгаҩы иҟазара ахәшьара ду аҭатәуп. Асахьаркыратә напхгаҩы дарбанызаалак–асценаҿы икәашахьоу, иҟазара аныԥшуеит напхгара зиҭо ансамбльгьы. Ансамбль «Адац» ақәгылара ахәаԥшцәеи аӡбаҩцәеи аршанхеит. Руслан Мкан-иԥа – «Иреиӷьӡоу ақәыргылаҩ» ҳәа аԥхьахә ианашьан. Ансамбль «Адац» зегьы ирылкаахеит…»
Ансамбль «Адац», – иҳәо­­­­ит Ру­слан Мкан-иԥа, – иазааԥсо, 35 шықәса исывагылоу, аӡәаӡәала рыхьӡқәа агәаларшәара ахәҭоуп: Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, азыҟаҵаҩ Наҭелла Бигәаа, Ԥсоу инаркны Егрынӡа аԥсуа компониаторс иҟоу ансамбль «Адац» анаԥҵаз аахыс аус зуа Ҵәышәба Марина, адауласҩы Ҭраԥшь Енрик, азыҟаҵаҩ Цәеиба Алина.
– Ансамбль «Адац» 35 шықәса рыҩнуҵҟа иоунашьҭыз акәашацәа зықьҩык иреиҳауп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, аҳәынҭқарратә ахьӡ ҳаракқәа ираԥсахахьоу. Ирацәаҩуп аҳәынҭқарратә ансамбльқәа рҿы икәашогьы, – иҳәеит Руслан Мкан-иԥа.
«Адац» 35 шықәса ахыҵра араион аҟазара аҭоурых аҿы ихҭыс дууп. Аԥхьатәи амш –«Адац» анаԥҵаз инаркны иахьа уажәраанӡа аԥхӡы злызхуа, ҳаԥсуа кәашарақәа ықәзыргыло, аманшәалареи аԥеиԥш бзиеи рыцзааит. Ҳҳәынҭқарра ахаҿра ацәыргареи аӡыргареи асценаҿы ус имариаӡам. «Адац» уи алшеит. Ирацәоуп урҭ ахьыҟази иахьықәгылази. Ихадақәоу ралкаара иаԥсоуп: Ҭырқәтәыла, Таиланд, Москва, Санк-Петербург, Краснодар, Шәача, Лазеревск уҳәа убас егьырҭгьы. Еснагь аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭыхны, Аԥсны аҭоурых ахҳәаа ҟаҵаны ауп асценахь ишцәырҵуа.

Иахьықәгылозаалакгьы, шамахамзар, аԥхьахә рымамкәан ихынҳәӡом. Иара убас Аԥсны имҩаԥырго афестиваль «Аӡыхь» аҟны актәи аҭыԥқәа ааныркылахьеит. Ахәыҷы дышхәыҷу змилаҭтә кәашара бзиа избаз, иназыгӡаз, уи ахаан амҩа иаша дацәыхҟьаӡом. Рҳамҭақәа иреигәырӷьаны, агәалаҟазаара бзиа рыманы ихынҳәуеит.
Ансамбль «Адац» аԥхьатәи амш инаркны иахьа уажәраанӡа аҟазара асценаҿы иацызҵо, еихазҳауа, ԥхьаҟа изго, ҳаԥсуа кәашарақәа змырӡуа аманшәалареи аԥеиԥш бзиеи рыцзааит.
Зус гәыкала иазнеиуа, бзиа избо Руслан Мкан-иԥа Дбари аус ицызуа аколлективи ажәлар ирыгымзааит. Имааԥсаӡо агәы зызҭоу, еснагь згәалаҟара зхаҿы ианубаалауа рҟазара ҳацзааит. 35 шықәса аҟазара аӡыхь ыҵхәраа иааиуа агьама абара ажәлар ирқәшьзааит, уи адацқәа ҳаԥсадгьыл иаласазааит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me