Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аибашьҩы Даур Сарсаниа изкны

Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа рзы лакҩакрада  абџьар иаҵагылаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа дреиуоуп Аҧсны Афырхаҵа Даур Сарсаниа.

Даур Заурҟан-иҧа диит Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан. Данқәыҧшӡаз инаркны далагылан аҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара. Аибашьра иалагаанӡагьы изныкымкәа иҳәахьан ус баша еиҿагылара мацарала аҧсуааи ақырҭқәеи шзеилымго, аусқәа рцашьа аибашьрахь рхы шхоу. Апатриот ду Даур Заурҟан-иҧа  агәра игон ажәлар аӡәыкны ианеидгыла, рнапы анеикәдырша ириааиуа  дшыҟамло азы.

«Иара зажәа цқьаз, зыхшыҩҵак еилыкка ауаҩы иҟынӡа изызнагоз, амцаҧшь иаҩызаз иакәын» – рҳәоит иааигәаны дыздыруаз. Даур Сарсаниа амилаҭхақәиҭратә қәҧара иазкыз аизарақәа дрылахәын, урҭ рҟны дықәгылон, Жәлар рфорум «Аидгылара» еиҿнакаауаз  аусқәа зегьы ргәаны дгылан.

Амилаҭтә  гвардиа   анеиҿкааха  иара  еиҧхьхәыцрада  раҧхьа уи иалалаз  дреиуан.  Ас еиҧш згәы цҳафыруаз  аҵеи ианшәарҭаха ихы шыҧхьиамкуаз еилкаан, аҧсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага раҧхьатәи  амшқәа инадыркны иара еибашьра дцоит. Еснагь агәра  игон  ҳажәлар аиааира  шырго,  ҳҳәынҭқарра ахы ишақәиҭхо. «Ҳара иаҳмыхьчар, изыхьчода ҳаҩны, ҳаҧсадгьыл еиқәаҳмырхар – еиқәзырхода» иҳәон афырхаҵа гәымшәа.

Даур Сарсаниа далахәын  аҧсуа еибашьцәа Аҟәа  ахақәиҭтәразы зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса  март мзазы имҩаҧыргаз  ажәылара.  Март жәохә рзы излагаз ажәылараан иара аҭабиа иҭатәаз аҕацәа ахыршә рылажьны инирҵәоит, убри аан  ихаҭагьы дҭахоит. Игәымшәареи ихымшаҭареи рзын, дынҭаха ашьҭахь ихҵан Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Аибашьра аветеран Баҭал Ҧлиа иажәақәа рыла, Даур Заурҟан-иҧа иеиҧш зеиҧшу иахьа иҳагуп. Зыҧсҭазаара аиҳа зыҧсадгьыл иазхәыцуаз, иахӡыӡаауаз, уи аҧеиҧш ахьчаразы зхы иамеигӡоз Даур Сарсаниа Аиааира амш дшахьымӡо азы цәалашәарак иоухьан. «Сара сахьымӡаргьы шәара ишәбап зхы иақәиҭу Аҧсны ҳбираҟ шахашәыршәыруа» ҳәа иҳәалозаарын. Аибашьра анеилга ашьҭахь, афырхаҵа ихьӡ анаунагӡатәра ҳасабс иҟаҵаны, 1996 шықәсазы  Даур Сарсаниа ихьӡ ахҵан дзылгаз Гәыҧтәи абжьаратәи ашкол. Есышықәса марттәи  ажәылара аламҭалазы араҟа агәаларшәаратә хәылҧазы мҩаҧыргоит. Афырхаҵа игәалашәара аҳаҭыр  азы сынтәагьы  ашкол ахыбраҿы имҩаҧгаз  ахәылҧаз иалахәын аибашьра  аветеранцәа. Ашколхәыҷқәа    ирыҧхьеит аибашьра иалиааз  ажәеинраалақәа. Ахәылҧаз аҟны иқәгылоз ирҳәон иагьа аамҭа царгьы,  аҧсуа еибашьцәа  ргәымшәареи рфырхаҵареи ҿырҧшыганы  ишаанхо атәы.

Гәыҧтәи абжьаратә школ аҿы агәалашәаратә хәылҧазы  анхдыркәша, уи иалахәыз ашәҭқәа шьҭарҵеит иҭахаз  аибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан. Иара убасгьы иаҭааит афырхаҵа Даур Сарсаниа иҳаҭгәын, уаҟа ашәҭқәа шьҭаҵаны иааҭгылеит минуҭктәи аҿымҭрала.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me