Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәнаҳа иаҵоу

Аиааира мамзаргьы аҧсра – абас рҳәоит мрагыларатәи афронт аибашьцәа. Урҭ Аҧсадгьыл ахьчара хацәнамырха иазгылоуп, иахьа уажәраанӡагьы хьымӡҕ рымгац. Фырхаҵарыла аҕа иҿагылоуп. Ианаҭахха, уаҳа ҧсыхәа аныҟам­логьы аҧсра аҿаҧхьа рхы ладыр­ҟәуам.

Аҧсны аибашьра ианалага Ареспублика анапхгара ауааҧсыра рышҟа адҵа ҟарҵеит Аҧсадгьыл ахьчаразы. Ари зегьы иаҳгәалашәоит. Аҵеицәа фырхацәа абаагәареиҧш Аҧсны иазгылеит. Аха ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит даҽакгьы. Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рышҟа адҵа ҟалаанӡа аҕа хәымга игәы иҭаз иаразнак игәазҭаз, еилызкааз аҵеицәа ишраҭәаз рхы мҩаҧыргеит. Ақәылаҩ иҿагылеит. Ари иҳанаҳәо рацәоуп. Абри аамҭазы хыриа­шашьас ирымоузеи зыҧсадгьыл ааныжьны иалҵны ицаз…

Урҭ рҩызцәа ашәарҭа ианҭагылаз, еиҳа ацхыраара анырҭахыз дара хьамҧшӡакәа ицеит, рхы рыхьчарц, амала тәым дгьылк аҿы. Хырқьиагас шьоукы ҧарақәакгьы арахь иаарҭилоит. Аха уи иазҿыхуам. Дара ықәҵны ианцоз Аҧсныҟа иаауан егьырҭ ареспубликақәа рҟны инхоз, аҵара зҵоз аҵеицәа, иаауан рыҧсадгьыл ахьчаразы.

Ас ҧхамшьарыла зхы мҩаҧызгаз иреиуоу аибашьра еилгаргьы иҧхамшьаӡакәа уама зылшаз дара ракәушәа иааины иаақәгылоит умырцәажәо. Аха урҭ рҭыҧ реилыркаатәхоит. Иҟарҵаз зегьы иреиҳау цәгьоураны ишыҟоу рнырыртә. Уаҳагьы ҧсыхәа ыҟаӡам, ацәгьеи абзиеи еилыргахарц азы. Афырхаҵа дышфырхаҵоу аарҧштәуп, ашәаргәында – дышшәаргәындоу.

Иҟоуп зҭаацәа Аҧсны иалганы егьырҭ ареспубликақәа рахь, руарҭахы рахь изгаз, аха дара ахацәа уа иаанымгылакәа игьежьны рҩызцәа ирывагылеит. Избанзар рыҧсадгьыл шыхьчатәыз гәла-ҧсыла ирныруан. Убас, аҭаацәара қәыҧш змаз Руслан Карба иҧшәмеи ҩыџьа иҷкәынцәеи Урыстәы­лаҟа иган, иара дхынҳәны дааит, хаҵарыла деибашьуан. Аха Мыркәыла ақыҭан аибашьрақәа руак аан дҭахеит. Иҧшаара иашьҭаз иҩызцәа шнеиуаз ҭыҧк аҿы дырбеит. Дахьышьҭаз ианынеихагыла – ирбеит ихәыҷқәа рпатреҭ инапы ишакыз. Уи ала иубон ахәра ҕәҕәа зауз, зхы изамыхәо ишьҭаз аибашьҩы ари адунеи шынижьуа, аха иҭынхо, зегь раасҭа еиҳау, дшахәаҧшуаз. Изхара изымбацыз ихәыҷқәа рсахьа дшахәаҧшуаз иҧсҭазаара далҵит аибашьҩы, еиҵагыло абиҧарақәа рыҧсҭазаара лашахарц, ихәыҷқәа реиҧш зегьы аибашьра закәу уаҳа иаламҧшырц Аҧсны ихы ақәиҵеит. Дыҟанаҵы хаҵаҵас дыҟан, дышхаҵаз, аҧсадгьыл аҿаҧхьа иламыс шыцқьоу даанхеит.

Аибашьра саркьоуп, зегьы еилнаргоит. Иҟоуп аибашьра иалагылоушәа ҟаҵаны ианаҭахыҵәҟьоу зхы ныҧхьазк-ааҧхьазкуагьы, аха урҭгьы ауаа ирбоит, рыбла узхҩом. Аибашьра анеилгалакь уи зегьы аамҭа аҭыҧқәа рҿы иаргылап. Иахьазы иаҳҭахыу аҭынчра наӡа ауп. Уи иазкызароуп ҳалшарақәа, ҳхәыцрақәа зегьы.

Ҳҧеиҧш лаша азы аиааира наӡа азықәҧара ада даҽа мҩак ыҟам. Макьанагьы ихьшәамхар ҟалон зыҧсадгьыл хара иацәгылоу аҵеицәа гьежьыр, изҵоу агәнаҳа иаҵыҵырц азы.

Ҳаҧхьаҟа акыр аҧышәарақәа ҳзыҧшуп, зынӡа ихьшәамхарц азы уажәнатә иҳавагылааит, уаҵәтәи амш иазхәыцуазар.

Аҧсны аныҟамла (уи ҟалашьа змам ауп) дара рыҧсы еиқәдырхо, рыҧсҭазаара кыр иаҧсоума. Ҳацәгьеи ҳабзиеи ҳацеиҩыршааит. Ари зегьы заҳҳәо дара рзоуп. Аҧсны ахьчара акәзар, уи фырхаҵарыла изыхьчоз аҵеицәа хьӡырҳәагақәа ыҟан еснагь, иахьагьы идырҵабыргуеит. Икамшәо ахьӡ рчаҧеит. Аҵыхәтәанынӡагьы иқәҧалоит ари ҳадгьыл ҧшьаҿ аҭынчра аҳра ауа иҟалаанӡа.


Геннади Ҷолариа,

Мрагыларатәи афронт

аҿы агазеҭ «Аҧсны»

арратә корреспондент.

«Аҧсны», № 35.1993ш.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me