Лавров Аԥснытәи иҩыза идиныҳәалеит амилаҭ рныҳәа – сентиабр 30 азы Аԥсны иазгәарҭо Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
«Шәара абри ахыбраҿ шәааихьеит акырынтә, аха иахьа адәныҟатәи аусқәа рминистр иҭыԥахь шәаныхынҳә раԥхьатәи шәааира ауп, ҳаргьы ҩаԥхьа убри шәыдаҳныҳәалоит. Исгәалашәоит, 2008 шықәсазы шәареи ҳареи аус шеицаауаз. Убасҟан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра рылаҳәареи Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала уи азхаҵареи рахь икылызгаз ахҭысқәа аҿиара иаҿын. Анаҩсан, Аԥыза-министрс, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩс шәаныҟаз, алагаламҭа ду ҟашәҵон Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҳаидгылареи рырӷәӷәараҿы. Ҳаизыҟазаашьақәа рҵакы ҭышәынтәалоуп. Аполитикатә еицәажәарақәа аҿиара иаҿуп, ахадацәа лассы-лассы еицәажәоит. Ҳазну ашықәс март азы ҭелла еицәажәон, еиуеиԥшым аусҳәарҭақәа дара-дара рыбжьара аекономикатә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа шьақәдыргылеит», – иҳәеит иара.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада гәахәарала иазгәеиҭеит апандемиатә аамҭақәа инадыркны ахәаахәҭра амҽхак акибжакнытә ишышьҭыҵыз.
«Ари даара лҵшәа бзиоуп. Иацаҳҵоит асоциал-економикатә рҿиара аганахьала Аԥсны ацхраара. Анагӡара иаҿуп еицаҳзеиԥшу аинвестициатә программа. Аԥсны аҩнуҵҟатәи еизаку аалыҵ ашьҭыҵра атемпқәа аплантә ҟаҵарбақәа ираԥыргоит 2-нтәы рыла, ари еиҭасҳәоит, лҵшәа бзиоуп», – иҳәеит Лавров.
Сергеи Лавров иазгәеиҭеит аоперациа ҷыда анымҩаԥысуа аамҭазы Аԥсны Урыстәыла ишадгыло.
«Аԥсуа рԥарцәа Донбасс ажәыларақәа ирылахәуп, ареспублика атәылауаа агуманитартә цхыраара рзыҟарҵоит, зхатә ҩнқәа аанызмыжьыр ада ԥсыхәа змауз Урыстәылаа рыдыркылоит, убрахь иналаҵаны «Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа» захьӡу алагер аҟны Курсктәи аобласт ахәыҷқәагьы», – иазгәеиҭеит Лавров.
Иацҵахоит Аԥсны ашәарҭадара алыршареи уи жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи рганахьала аусеицура, – иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Ҳазлацәажәо егьырҭ атәылақәа рҟны Аԥснытәи, Урыстәылатәи адипломатиатә хаҭарнакрқәа русеицура ауп, иара убас Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟынгьы.
«Ҳара апринципра злоу апозициа аанаҳкылоит, иҟоу аҵабыргхаҭақәа разхаҵара ашьаҭала арегион аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи уаҩы дақәгәыӷыртә изыхьчо аиқәышыҳаҭрақәа ԥхьаҟа ирыцаҳҵоит, убрахь иналаҵаны Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рхьыԥшымрагьы», – иаҵишьит Лавров.
Аминистр иациҵеит Аҟәеи Москвеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа реиқәышаҳаҭра- зинтә шьаҭа иазку аусшәҟәқәа 120 иреиҳауп ишреиҳау, агәыӷрагьы имоуп аус здырулауа апроектқәа иаарласны еиқәыршаҳаҭхап ҳәа.
Урыстәыла аганахьала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ашәарҭадара алыршареи аекономика арҿиареи рзы алшара дуқәа аанартит, иҳәеит Аԥсны дәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Сергеи Шамба.
2008 шықәсанӡа, Урыстәыла аганахьала Аԥсны азхаҵахаанӡа, ауаажәлар рыхдырраҿы аԥыжәара рыман ашәарҭарақәа, Қырҭтәыла аганахьала агрессиа ҿыц, аха иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рышьҭахь абарҭ ашәарҭарақәа шьҭахьҟа ииасит. Ауаа аекономикеи асоциалтә зҵаарақәеи ирызхәыцуа иалагеит», – иҳәеит Шамба.
Шамба иара убас иазгәеиҭеит, иахьа хықәкыла Аԥсны азааигәара адунеитә мҽхакы змоу ахҭыс дуқәа шымҩаԥысуа, адунеитә система аҽеиҭакра ишаҿу.
«Амшын Еиқәа аимак-аиҿакқәа ирҭыԥны иҟалеит, лассы-лассы уаҟа ицәырҵуа иалагеит америкатәи аԥшыхәратә ҳаирпланқәа, аӷбақәа амшын ихылоит, ҳара ари ҳныруеит», – иҳәеит иара.
Аҭагылазаашьа уадаҩхеит Аахыҵ-Кавказгьы, ҷыдала Ашьха Ҟарабах иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь. Абри анаҩангьы, мраҭашәаратәи атәылақәеи Украинеи Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартрахь иаԥхьон.
Шамба иажәақәа рыла, Аԥсны жәлар еснагь ламысцқьала инарыгӡон аидгыларатә уалԥшьа.
Ҿырԥштәык аҳасабала уи иааигеит Актәи адунеитә еибашьреи, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа Ҷыдеи аԥсуаа ралахәра. Шамба агәыӷра шимоу иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни русеицура, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада идепломатиатә ԥышәа Аԥсны ишацхраауа иуадаҩу адунеитә ҭагылазаашьаҿы ииашоу амҩа алхра.
«Ҳара аицәажәареи аусеицуреи ҳарзыхиоуп. Акы агәра ганы шәыҟазароуп: ҳара ламысцқьара инаҳагӡон, аԥхьаҟагьы инаҳагӡалоит аидгыларатә хыдҵақәа», – иҳәеит Шамба.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада иазгәеиҭеит аԥсуа ган ишынанагӡахьоу атәылақәа рыҩбагьы рзакәанқәа рҭышәныртәалара апрограмма апунктқәа 45 рахьтә 27.
«Ҳара ҳҟны, ҳәарас иаҭахузеи, аҩнуҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа мариам, агәаанагарақәа реиҿагылара аҭыԥ амоуп. Аха аҵыхәтәаны, ҳара шьаҭас иҟаҳҵо ҳҳәынҭқарра аинтерес ауп, абри аҟнытә ахыдҵақәа зегьы наҳагӡалоит», – иҳәеит Шамба.